Адунеизегьтәи аҭынха ИУНЕСКО

Адунеизегьтәи аҭынха ИУНЕСКО (англ. World Heritage, афр. Patrimoine Mondial, аисп. Patrimonio de la humanidad, агер. Weltkulturerbe) — аԥсабаратә, ма ауаҩы инапы иҵыҵыз, ирҿиаз аобиектқәоуп, ИУНЕСКО ихадароу уснагӡатәқәас иқәнаргылоит ркультуратәи, рҭоурыхтәи, рекологиатә ҵакы ҳасаб азуны   урҭ реиқәырхара.

Адунеизегьтәи аҭынха ИУНЕСКО

2023 ш. ажьырныҳәамзазтәи аҭагылазаашьа инақәыршәаны Адунеизегьтәи аҭынха асиаҟны – 1157 обиект ыҟоуп, урҭ рахьтә 900 – акультура иадҳәалоуп, 218 – аԥсабара, 39 – еилаԥсоу. Дара зегьы шьҭоуп Адунеизегьтәи акультуратәи аԥсабаратәи ҭынха рыхьчаразы  ИУНЕСКО Аконвенциа иалахәу 167 ҳәынҭқарра рыҩныҵҟа. Обиектцыԥхьаӡа иамоуп иара ахатәыномер.

Аҭоурых аредакциазура

XIX ашә. агәҭаны Европатәи аҳәынҭқаррақәак рыҟны иаԥҵан иҷыдоу аҳәынҭқарратә комиссиақәа мамзаргьы акультуратә ҭынха ахьчаразы аинспекциақәа. Убасҟан абаҟақәа рыхьчаразы ирыдыркылеит аԥхьатәи анормативтә актқәа. Аусура иалагеит урҭ ринвентаризациеи рыларҵәареи рзы.  

Аха аҭоурыхтә баҟақәа реиҭашьақәыргылареи рконсервациеи ииашаны рымҩаԥгареи урҭ рыԥхасҭараҟнытә рыхьчареи рызҵаарақәа, ҷыдала, аибашьра анцоз, — еиҳа лассы-лассы ишьҭырхуа иалагеит жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны, жәларбжьаратәи аиԥылара дуқәа раан.

1889 ш. Париж Адунеизегьтәи ацәыргақәҵаҟны имҩаԥысит «Раԥхьатәи жәларбжьаратәи аконгресс аҟазара аԥҵамҭақәеи абаҟақәеи рыхьчаразы». Иалацәажәеит аибашьра анцоз аамҭазы акултуратә ҭынхақәа рыхьчара азҵаара. Ирыдгылан адунеизегьтәи агәыҳалалратә «абаҟақәа реиқәырхараз ауаажәларра» агәыҳалалратә ԥҟаԥҵәа гәыцәс иҟаҵаны, «Аџьар ҟаԥшь ауаажәларра» иаҿырԥшны.

Аконгресс аҟны ишьақәыргылаз тезисқәак 1899 шықәсазы ирыдыркылаз, 1907 ш. «Гаагатәи аҭынчратә конференциа» аҳәаақәа ирҭагӡаны иагьырҭбааз «Адгьыл аҟны аибашьра азакәани аҵасқәеи рзы Аконвенциа» ианыԥшит. Ари Жәларбжьаратәи аконвенциа инақәыршәаны аибашьра аамҭаан идырны акультура абаҟақәа аԥхасҭа рыҭара азин ҟалаӡомызт, уи азы аусгьы иарҭо; аҭыԥ иакәшаны игылаз ирыдҵан акультура абаҟақәа «ҷыдала иубарҭоу адыргақәа рыла» разгәаҭара.

Акультура абаҟақәа рыхьчаразы жәларбжьаратәи асистема ашьақәыргыларазы егьы аетап ааит АКтәи адунеитә еибашьра аихшьала алҵшәаҟаҵара аҳасабала. Ари аамҭа ҷыдала акультуратә ҭынха жәларбжьаратәи ахьчара аусхк аҟны ҿыц иаԥҵаз Алига ҿыц алшарақәак ирыдҳәалоуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Амузеиқәа жәларбжьаратәи реилаки  Аинтеллектуалтә кооперациа жәларбжьаратәи аинститути русура. Уи аус ауан  1930-ш.инаркны 1940 ш. агәҭаҟынӡа. Урҭ рыцхырааралоуп ахәҭакахьала 1935 шықәсазы ишаҵаҩыз «Асахьаҭыхратәи аҭҵаарадырратәи усҳәарҭақәеи, аҭоурыхтә баҟақәеи рыхьчаразы аиқәшаҳаҭра»   («Рерих Ипакт» зыхьӡыз).

1954 ш. абҵарамза 16 рзы иаԥыхыз Амилаҭтә Лига аилакқәа Аҩбатәи адунеитә еибашьраан зфункциақәа аанызкылаз, мамзаргьы зынӡагьы аусура иаҟәыҵыз   ииасит ҿыц еиҿкааз Аҵареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи азҵаарақәа рзы еиду амилаҭқәа реиҿкаара (ИУНЕСКО) ашҟа.

Акультуратә мазарақәа рыхьчара адырга, Гаагатәи Аконвенциа 1944 ш. ирыдыркылеит.

Аҳәынҭқаррақәа зегьыҵәҟьа знапы аҵарымҩыз аԥхьа иҟаз аконвенциақәа рԥышәа Иунеско гәцаракра ду аҭаны иазнархиеит, 1954 шықәсазы қәҿиаралагьы иаднакылеит «Аибашьратә еиҿагылара аныҟала хра злоу акультуратә обиектқәа рыхьчаразы Аконвенциа («Гаагатәи аконвенциа»). Аконвенциа ишьақәнарӷәӷәеит ардырга, ахьчара иаҵанакуа акультуратә обиектқәа разгәаҭаразы.  

Аха убри аамҭазоуп уаҩы ибаратәы ианыҟалагьы акультуратә ҭынха аибашьра мацара акәымкәа, ауаҩы ҭынч имҩаԥиго аусурагьы ашәарҭа ишҭанаргыло.

Асуантәи аӡкыра Мысра аргылара иахҟьаны Абу-Симбел аныхақәа аӡааҟәрыларазы ашәарҭа аҭаргылара ахҭыс иаанарԥшит аҭынчра аамҭаангьы хра злоу абаҟақәа рыхьчара азҵаара хымԥада ишаҭаххаз. 1959 ш. Мысреи Судани реиҳабыра ИУНЕСКО ахь аҳәара ҟарҵеит Аӡфымца станциақәа рыргылараан аӡы зхыҵәар ауа аҭыԥқәа ажәытә культтә ргыламҭақәа реиқәырхара иацхраарц азы.    ИУНЕСКО   акомпаниақәа рыланаҳәеит рахь ажәытәӡамысратәи ацивилизациа абаҟақәа реиқәырхаразы: Абу-Симбел аныхабаақәа еиҷаҳаны, амаршә кны еимыхын, даҽа ҭыԥк ахь ииаганы еибыҭан, анаҩс еизган.

Ари апроект нагӡан 50 ҳәынҭқар-адонорцәа рԥаратә хархәагақәа рыла, иара  ИУНЕСКО аҭоурых аҟны зегь раасҭа зыхә ҳараку акакәны иҟалеит, еидгыларала аусура алҵшәақәа шамоу шьақәырӷәӷәаны.

Анаҩс ИУНЕСКО иаԥшьнагаз апроектқәа рыла иалыршан Венециеи зеиԥш ыҟам уи аӡыбжьахалеи, Мохенджо-Даро ахыжәжәарақәа Пакистан иҟоу, Индонезиа иҟоу аныхатә комплекс Боробудур уб.егь.

1960 шықәсқәа рылагамҭазы Абаҟақәеи аҭыԥҷыдақәеи рызҵаарақәа рзы жәларбжьаратәи ахеилак ашьаҭала ИУНЕСКО ихацнаркит акультуратә ҭынха ахьчаразы азеиԥш Конвенциа апроект азырхиара аус.  

1965 ш. Вашингтон имҩаԥысоз аконференциаҟны иалацәажәеит «Адунеизегьтәи аҭынха аиҿкаара» аԥҵара «иналукааша аҭыԥқәа, аландшафтқәа, аҭоурыхтә ҭыԥқәа ауаатәҩса зегьы рԥеиԥш азы» реиқәырхара хықәкыс иҟаҵаны аусеицуразы. 1968 ш. ас еиԥш иҟаз ахықәкқәа шьақәыргыланы, ажәалагала иадгылеит Аԥсабара ахьчаразы жәларбжьаратәи аидгыла (ААЖӘА).

Аҵыхәтәан, иуадаҩыз аиҿцәажәаратә процесс иалахәыз еиқәшаҳаҭны ирыдыркылеит адокумент иаку атекст, 1972 ш. абҵарамза 16 рзы ИУНЕСКО Аконференциа хада 17-тәи асессиаан «Адунеизегьтәи акультуратәи аԥсабаратәи ҭынхақәа рыхьчаразы Аконвенциа» рыдыркылеит. Иалагеит Адунеизегьтәи аҭынха асиа ашьақәыргылара.  

1976 ш. Адунеизегьтәи аҭынха аиҿкаара аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵан, иагьышьақәырӷәӷәан «Аиҳабырабжьаратәи еилакы акультуратәи аԥсабаратәи ҭынхамҭа ахьчаразы» (Адунеизегьтәи аҭынха аилак).

Аилак Аконвенциа аиламгара ахылаԥшра иазкуп, иара убас ари ма ани аобиект    Адунеизегьтәи аҭынха асиа алаҵаразы аҵыхәтәантәи азыӡба адкылара азинмчгьы амоуп .

Аиҿкаара аредакциазура

1972 ш. ИУНЕСКО Адунеизегьтәи акультуратәи аԥсабаратәи ҭынха ахьчаразы Аконвенциа аднакылеит (амч аиуит 1975 ш). 2016 ш. жьҭаарамзазы аконвенциа рыдыркылеит 193 ҳәынҭқарра.

Еышықәса Адунеизегьтәи аҭынха аилак «Адунеизегьтәи аҭынха аобиект астатус» ахьранаршьо асессиақәа мҩаԥнагоит. «Адунеизегьтәи аҭынха аобиект астатус» иунаҭоит абарҭ аԥыжәарақәа (аԥсабаратә ҭынха аобиектқәа рзы):

  • иуникалтәу аԥсабаратә комплексқәа реиқәырхареи реибгареи рзы хәдықәҵара ауеит,
  • ишьҭнахуеит аҵакырадгьылқәеи урҭ напхгара рзызуа аусҳәарҭақәеи раҳаҭыр,
  • Асиа иалаҵоу аобиектқәа рыларҵәареи аԥсабарахархәара егьырҭ ахкқәа рырҿиареи иацхраауеит (аԥхьа иргыланы аекономикатә туризм),
  • Ишьақәдыргылоит, адунеизегьтәи акультуратәи аԥсабаратәи ҭынха аобиектқәа адгылара рыҭаразы афинанстә хархәагақәа радԥхьалараҟны ихадароу шьақәнаргылоит , раԥхьа иргыланы, Адунеизегьтәи аҭынха афонд аҟнытә.
  • Аԥсабаратә аобиектқәа рҭагылазаашьа агәаҭара аиҿкаара иацхраауеит.

Адунеизегьтәи аҭынха аобиектқәа зҵакырадгьыл аҟны иҟоу аҳәынҭқаррақәа, аҭакԥхықәра рхы иадырҵоит урҭ реиқәырхаразы.

Асиа аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоуп ашәарҭа иҭагылоу рзы адунеизегьтәи аҭынха аиҵасиа Урҭ рахь аамҭала иалоуп аобиектқәа, еиуеиԥшым ашәарҭара ирҭагылоз аԥсабаратә мзызқәа рыла ауаҩы ихарала: абџьартә еимакқәеи аибашьрақәеи, адгьылҵысрақәеи еиуеиԥшым аԥсабаратә рыцҳарақәеи рыла уҳәа убас егьырҭгьы.Аобиектқәа ҷыдалатәи асиа рҭагалара иаҳәоит урҭ ҷыдала зҿлымҳара шрыҭатәу, урҭ реиқәырхаразы хырԥашьа змам ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара шаҭаху.

ИУНЕСКО абаҟақәа реизга аҟынтәи алхра аредакциазура

  • 2007 ш. ИУНЕСКО адунеизегьтәи аҭынха асиа аҟынтәи иалхын Оман иҟоу аравиатә аорикс арезерват. (орикс шкәакәа ашьҭашәырцареи аҳәырԥсарратә дгьылҵакырақәа реиҵахареи инарымаданы).
  • 2009 ш. Германиа иҟоу Ельба Дрездентәи аԥшаҳәа (акультуратә ландшафт ахьчаратә ҭыԥ аҟны автомашьынатә цҳа аргылара инамаданы)
  • 2021 ш – Ливерпуль (аобиект хра злоу аҵакы зныԥшуа аҷыдарақәа хнырҳәышьа рымамкәа аӡра инамаданы)

Ашәага-загақәа аредакциазура

Адунеизегьтәи аҭынха асиа хықәкы хадас иамоуп иуникалтәу аобиектқәа еицырдыруа рыҟаҵареи рыхьчареи. Убри азы аобиективла иазнеирц азы ишьакәыргылан ахәшьаратә шәага-загақәа. Аԥхьанатә (1878ш. инаркны) ишьақәыргылан ашәага-загақәа акультуратә ҭынха аобиектқәа рзы мацара – ари асиа ф-пунктла рыла иарбан. Анаҩс, еиуеиԥшым аконтинентқәа еибакапануа рыҟаҵаразы ицәырҵит аԥсабаратә аобиектқәа,рҭ рзы ԥшь – пунктла ишьақәгылаз асиа. 2005 ш арҭ акритериақәа зегьы еидкылан, адунеизегьтәи аҭынха обиектцыԥхьаӡа ахҳәааҟны урҭ рахьтә акы мацара акәзаргьы иамоуп.

Акультуратә шәага-загақәа аредакциазура

(I) Аобиект ауаҩытәыҩсатә гени иашедеврны иҟоуп.

(II) Аобиект шаҳаҭра ауеит ауаҩытәыҩсатә ҵакдурақәа реиныррақәа ртәы иалкаау аамҭазы мамзаргьы иалкаау акультуратә наӡаӡаараҟны, архитектураҟны мамзаргьы атехнологиақәа рыҟны, амонументалтә ҟазараҟны, ақалақьқәа рыпланркра ма аландшафтқәа раԥҵараҟны.  

(III) Аобиект уникалтәуп, мамзаргьы ада ыҟаӡам иахьа иҟоу акультуратә традициазы, ма ииасхьоу ацивилизациазы,  .

(IV)  Аобиект акрызҵазкуа ауаҩытәҩсатә ҭоурых аамҭак зныԥшуа аконструкциазы, архитиктуратә, ма атехнологиатә ансамбль азы мамзаргьы аландшафт азы иналукааша ҿырԥшыганы иҟоуп,  

(V) Аобиект иналукааша ауаҩытәҩсатә традициатә ргыламҭазы ҿырԥшыганы иҟоуп адгьыл ма амшын традициала ахархәа змоу, ауаҩытәыҩсеи аԥсабареи реинырра ирҿырԥшыганы иҟоу.

(VI) Аобиект ишиашоу, мамзаргьы маҭәарла хҭысқәак ма иҟоу атрадициақәа,   аидеаиақәа, адинхаҵарақәа, асахьаркыратә ма алитературатә ҩымҭақәа ирыдҳәалоуп, зыда ыҟам адунеитә ҵакы ду амоуп. (ИУНЕСКО аилак агәанагарала, ари ашәага-зага даҽа шәага-загак ма шәага-зақәак рыцны хархәара рыҭазар еиӷьуп).

Аԥсабаратә шәага-загақәа аредакциазура

(VII) Аобиект ԥсабаратә феноменны, ма иҷыдоу зеиԥш ыҟам ԥсабаратә, ԥшӡараны, естетикатә ҵакы змоу наӡааӡарны иҟоуп.   

(VIII) Аобиект Адгьыл аҭоурых ихадоу аамҭақәа рыҟны иналукааша ҿырԥшыгоуп, иара убас ажәытәра иабаҟаны, арелиеф аҿиараҟны имҩаԥысуа агеологиатә процессқәа ирсимволны, мамзаргьы агеоморфологиатә ма афизика – географиатә ҷыдарақәа ирсимволны иҟазароуп.

(IX) Аобиект имҩаԥысуа иналукааша аекологиатәи абиологиатәи процессқәа ирҿырԥшыганы иҟоуп адгьылтәқәа, аӡымшьатәқәа, аԥшаҳәатәқәа, амшынтә, аҵиаатә, аԥстәы гәыԥқәа рекосистемақәа револициеи рыҿиареи рыҟны.

(X)  Аобиект ахь иаҵанакуеит еиҳа ихадароу еиҳау иԥсабаратәу анызаара абиологиатә хкырацәара аиқәырхаразы, иара убас зыда ыҟам адунеитә ҵакы змоу иӡуа ахкқәа аҭҵаарадырреи ахьчареи рганахьала.

Аноминациа аиҿкаашьа аредакциазура

Аԥхьанатә аҳәынҭқарра ИУНЕСКО акритериақәа инарықәыршәаны, иазнархиоит аобиектқәа реиқәыԥхьаӡа, ргәаанагарала адунеи аҟны хәы змоу, заатәи асиа иаланаҵоит. Аобиект заатәи асиа ианымлакәын ихадоу аноминациахь инарышьҭӡом.

Аԥҟарақәа инарықәыршәан, шықәсык аҳәынҭқарра аноминациахь инанашьҭыр ауеит ҩба еиҳамкәа акандидатцәа: акультуратәии аԥсабаратәии ҭынха акака, ма ҩ – аобиектк аԥсабаратә ҭынха иадҳәалоу.

ИУНЕСКО аекспертцәа ацхыраара ҟарҵоит арзаҳал алаҵараҟны, иахылаԥшуеит иаҭаху ақьаадқәеи ахсаалақәеи реиқәыршәараҟны. Аноминациа нагазароуп жәабранмза акы аҟынӡа, шықәсык зыбжьоу ИУНЕСКО имҩаԥнаго изаамҭанытәиу асессиа инақәыршәаны. Ажәакала, арзаҳал шықәсык бжаки иахәаԥшуеит, иҭырҵаауеит. Анаҩс ИУНЕСКО игәанаҭоит иаиуыз адосие ахынӡанагӡоу, нас ахәшьара аҭаразы аконсультативтә усбарҭахь  идәықәнаҵоит. Аԥсабара ахьчаразы жәларбжьаратәи ахеидкыла Абаҟақәеи аҭыԥҭыӡқәеи реиқәырхаразы жәларбжьаратәи ахеидкыла ахә ршьоит аобиект иамоу аԥсабаратәи акультуратәи ҵакы. Ахԥатәи аусбарҭа – Акультуратә ҭынха аиқәырхареи аиҭашьақәыргылареи рзы Жәларбжьаратәи аҭҵааратә центр. (ИУНЕСКО)- адунеизегьтәи аҭынха аобиектқәа рыхьчара Аилак абжьгараанаҭоит, иара убас имҩаԥнагоит апрофессионалтә арҵаратә тренингқәа.

Аобиект ахәшьареи аноминациеи анаиулак ИУНЕСКО Адунеизегьтәи ҭынха Аилак аҵыхәтәантәи азыӡба иаднакылоит есышықәсатәи асессиаҟны. Иара убас Аилак азыӡба мап ацәкны аобиект иадҳәалоу иҿыцу аинформациа иаҳәар ауеит.

Азхьарԥшқәа аредакциазура