Аҳәынҭқарԥҳәыс Са́ватәи хьӡи-ԥшеи змаз, (аур. מלכת שְׁבָא‎, Малка́т Шва́, аџьам. ملكة سبأ‎, Малика́т Са́ба, ажәытәӡ.ефиоп.ንግሥተ ሳባ, Ниги́ста Са́ба), X ашә.ҳ.ҟ. — аравиатәи аҳра Саба (Шеба) иахагылаз, Иерусалим аҳәынҭқар Соломон даниҭааз атәы Абиблиаҟны иаҳәоит.

«Царица Савская» Картина работы Эдварда Слокома (1907 год)
«Аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи», Эдварда Слокома (1907 ш.)

Ари аҳәынҭқарԥҳәыс лыхьӡ Абиблиаҟны иарбаӡам. Еиҳа ихьшәоу араб текстқәа рыҟны Балкис (Билкис, европ. — Балкида) ҳәа лыхьӡ аарԥшуп, ефиопиатәи алегьендақәа рыҟны — Македа[1], европатәи алитератураҟны, Иосиф Флави инаишьҭырххны, иуԥылоит Никаула ахьӡ (урыс. Никавлиа). Англыз бызшәала иҩу амассатә культураҟны лтәыла ахьӡ Шеба, зны-зынла агха ҟаҵаны, хатәы хьыӡны хархәара ахьамоу ыҟоуп.

Аҳәынҭқарԥҳәыс аҭоурых аҟны лыҟазаара шьақәырӷәӷәаӡам, аха уи лхаҿсахьа Европа, Аҩадатәи Африка, Ааигәатәи Мрагылара ажәларқәа аӡәырҩы рфольклори рлитературеи акырӡа анырра рнаҭеит.

Аԥшьаҩырақәа рыҟны аредакциазура

Ажәытә Уасиаҭ аҟны аредакциазура

Аҳәынҭқарԥҳәыс Са́ватәи лҭоурых Абиблиаҟны акырӡа израильтәи аҳ Соломон идҳәаланы иаарԥшуп[1]. Абиблиатә ҳәамҭа ала, Аҳәынҭқарԥҳәыс Са́ватәи Соломон иҟәыӷареи ихьӡ-иԥшеи ртәы анлаҳа, «ацуфарақәа рыла дԥылшәарц азы диҭааит». Уи дшиҭааз атәы аҳәоит Аҳрақәа Ахԥатәи рышәҟәы 10-тәи ахаҟны, иара убас Аҩбатәи ашәҟәы Паралипоменон (II Хроник) 9-тәи ахаҟны.

Дагьнеит лара Иерусалим амал ду лыманы: амахҽқәа, арафқәа, ҵҩа змам ахьырацәа, хәызмоу ахаҳәқәа рықәҵаны; дагьнеит лара Соломон иҟны, лгәы иҭаз зегьы далацәажәеит, зегьы иалҳәеит. Соломон уи лажәақәа зегьы рҵакы лаиҳәеит, изымдыруаз акгьы ыҟамызт аҳ.

Иагьылбеит аҳәынҭқарԥҳәыс Са́ватәи Соломон иҟәыӷара, иргылаз аҩынгьы, иеишәа иқәыз ачыс, итәцәа рынхарҭа, имаҵуцәа реиҿкаашьа, реилаҳәашьа, иҩынаҳацәагьы убас, Иҳақәиҭу иныхахь ибылразы инеигоз зегьы. Уаҳагьы имӡакәа аҳ иалҳәеит: сыдгьыл аҿы исаҳаз уусқәеи уҟәыӷареи ртәы иашоуп; аха исаҳаз агәра згомызт сааины сылала исымбакәа: иҟоу аҟнытә абжагьы смаҳаит; сара ишсаҳаз аасҭа уҟәыӷареи умали еиҳа еиҳауп. Лыԥха рымоуп есымша уаԥхьа игылоу ууаа, лыԥха рымоуп умаҵуҩцәагьы уҟәыӷара атәы заҳауа! Лыԥха имазааит Унцәа Израил уахаргылара згәаԥхаз! Израиль ашҟа имоу наунагӡатәи абзиабаралоуп Анцәа ҳәынҭқарс узахаиргылаз, аӡбареи аиашареи рымҩаԥгаразы.

Иагьилҭеит лара аҳәынҭқар шәи ҩажәа талант ахьи ҵҩа змам арафқәеи, хәызмоу ахаҳәқәеи; Саватәи аҳәынҭқарԥҳәыс илҭаз аҟара рафы ахааназы имааицызт арахь.

Соломонгьы ари ацкы уны, аҳәынҭқарԥҳәыс ҳамҭас илиҭеит «лгәы иааҭахыз, дыззыҳәаз зегьы». Абри аҭаара анас, Абиблиа ишаҳәо ала, Израиль уаҩ ишимбац ала аизҳазыӷьара ҟалеит. Аҳ Соломон иахь ашықәс аҩныҵҟала 666 талант ахьы аауан (2Пар. 9:13). Абри ахаҟны иҳәоуп иара убас Соломон ибеиара атәы. Аслан баҩ иалхны, хьыла иҭалаҳаны итәарҭа ҟаиҵеит, усҟантәи аамҭазы уи аиԥш зеиԥшу ыҟамызт. Уи адагьы Соломон ахьы чаԥаны 200 ԥырак ҟаиҵеит, ахан аҟны, Аныхаҟны аӡыржәга хьыԥшьақәа зегьы ахьы иалхны иҟаиҵеит, «араӡны Соломон ихаан хәы амаӡамызт» (2Пар. 9:20) «маллеи ҟәыӷаралеи адгьыл аҿы иҟаз аҳәынҭқарцәа зегьы иагьраԥигеит Соломон» (2Пар. 9:22). Абри аҳәынҭқарԥҳәыс лышьҭахь аҳцәа аӡәырҩы аҳәынҭқар Соломон иҭаара рҭаххо иалагеит (2Пар. 9:23).

Сава атәыла аӡбахә рҳәоит иара убас адырҩцәа Исаии, Иеремии, Иезекиильи рышәҟәқәа рыҟны, иара убас Иови Ԥсалмаҳи рышәҟәаҟны.

Ахҳәаақәа аредакциазура

Танах[2] ауриа хҳәааҟаҵаҩцәа рыҩныҵҟа иҟоуп агәаанагара Абиблиа ҳәамҭа еилкаатәуп Соломон агәнаҳа ҟаҵаны аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи дидикылеит ҳәа, уи ашьҭахь шәышықәса рнаҩс диит ҳәа Навуходоносор, уи Соломон иргылаз аныха ирбгеит ҳәа. (Арабтә легендақәа рыҟны лара Навуходоносор ианҵәҟьа лоуп). [3]).

 
«Соломони аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәии», Тинторетто исахьа, 1555 инарз., Прадо

Талмуд ала, аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи илызку аҭоурых аллегориаҵас иаԥхьатәуп, ажәақәа «מלכת שבא» («аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи») еилкаатәуп Соломон [4] инапаҵаҟа иҟалаз «מלכות שבא» («Саватәи аҳра») ҳәа.

Ауасиаҭ ҿыц аҟны аредакциазура

Ауасиаҭ ҿыц аҟны аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи «аладатәи аҳәынҭқарԥҳәыс» ҳәа лыхьӡ ҳәоуп, Иаса иҟәыӷара ақәныҟәара зҭахым дырҿаргыланы даарԥшуп :[5] «Аладатәи аҳәынҭқарԥҳәыс ас еиԥш иҟоу ауаа дырҿагыланы дрықәыӡбоит, избан акәзар адгьыл аҵыхәантә дааит Соломон иҟәыӷа ажәа дазыӡырҩырц азы; ари Соломон иаасҭа еиҳауп» (Лк. 11:31), абри аҩыза аагоуп Маҭа иҟынгьы (Мф. 12:42).

Феофилакт Болгариатәи Лука иҟнытә Аевангелие (Агәырӷьаҿҳәаша) аилыркаагаҟны иҩуеит: «аладатәи аҳәынҭқарԥҳәыс» иаанаго еилкаала иарбанзаалак згәы ӷәӷәоу, абзиа аҟаҵара зылшо есқьынгьы ҳәа»[6]. Иазгәарҭоит, ари афраза аҵакы абас иҟоуп ҳәа — Аӡбара амш аҽны аҳәынҭқарԥҳәыс (алада Лука зыӡбахә иҳәо амырҭаҭцәа-ниневитианцәа, Иона ибзоураны анцәа дхазҵаз) дықәгылоит, Иаса ихаантәи аиудеиацәа дагьрықәыӡбоит ҳәа, избан акәзар урҭ анцәа ихаҵара иалагаз амырҭаҭцәа ирымамыз алшарақәеи азинҷыдақәеи рыман, аха урҭ рыдкылара мап ацәыркит ҳәа[7]. Иероним Стридонтәи ишазгәеиҭоз ала, ирықәыӡбоит азыӡба аҳәаразы ирымаз амчхарала акәым, аха дара ирҿырԥшны аԥыжәара ирымаз ала[8]. Ниневитианааи Саватәи аҳәынҭқарԥҳәыси Қьырса аамҭа ицаныз анцәа дхазымҵаз излараԥыргоз Иоанн Ахьҿы «Маҭа ишәҟәазы аиҿцәажәараҟны» ишиҳәо ала: «еиҵаз агәра ргеит азоуп, иудеиаа еиҳазгьы агәра рымгеит»[9].

 
«Иҟало здыруаз амҵахырхәара аныҟарҵоз», Рубенс исахьа

Иара убас уи иаҭан ажәытәӡатәи амырҭаҭцәа «рыԥсы аазгоз» рроль. Исидор Севильтәи иҩуан: «Соломон Анцәа ду иҩны зыргылаз ижәҩантәу Иеруслаим азы ахаҳәи аӷәуи ирылхны акәымкәа, ацқьацәа зегьы ирылхны. Соломон иҟәыӷа ажәа дазыӡырҩырц азы иааз Аладатәи аҳәынҭқарԥҳәыс лтәы еилкаатәуп, Анцәа ибжьы иазыӡырҩырц акыр инаскьагоу, ихараӡоу адунеи аҳәаақәа рыҟнытә иааз аныха ауп ҳәа»[10].

Ақьырсиантә авторцәа аӡәырҩы ирыԥхьаӡоит аҳамҭақәа зманы Соломон иахь иааз аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи ҳәа иаарԥшу Иаса Қьырса имҵахырхәаразы иааз адырҩцәа рхаҿсахьа ауп ҳәа. Иероним Лыԥхазмоу «Исаиа адырҩы ишәҟәы» аилыркаагаҟны абас иҳәоит: аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи Соломон иҟыӷарақәа дырзыӡырҩырц Иерусалимҟа дшааз еиԥш, адырҩцәагьы Анцәа иҟәыӷара ду – Иаса Қьырса имҵахырхәаразы иааит[11].

Ари аилыркаа акыр Амессиа аҳамҭақәа изнагара иазку Исаиа ажәытәуасиаҭтәи иҿаҳәатәы шьаҭас иамоуп, уа иара убас аӡбахә иҳәоит Сава атәыла, иагьҳәоуп арҭ реиԥш аҳәынҭқарԥҳәыс Соломон изналгаз аҳамҭақәа ртәы: «Амахҽқәа рыжәпарала ухҟьахоит уара — адромадерқәа (џьыҟәк змоу амахҽ) Мадиами Ефи рыҟнытә; урҭ рызегьы Савантә иаауеит, ахьи арафи рыманы, Иҳақәиҭу ибзарӡгьы рҳәоит» (Ис. 60:6). Ауасиаҭҿыцтәи адырҩцәа иара убас асаби Қьырса изнаргеит арафы, ахьы, амирра. Арҭ асиужетқәа реизааигәара атәы иаҵшьны ирҳәоит мраҭашәараевропатәи аҟазараҟны, иаҳҳәап, еиҵыху аманускрипт агәҭаны ианырҵар ҟалон, наҟ-ааҟ еиҿаԥшуа.

Аҟоран аҟны аредакциазура

Аҟоран 27-тәи асура «Ашышкамсқәа» аҟны иануп адырҩы Сулеимани (Соломоне) араб ҳәамҭа Саватәи аҳәынҭқарԥҳәыси ирызку. Уи инаҷыданы, аԥсылман фольклор аҟны иҟоуп Саватәи аҳәынҭқарԥҳәыс илызку алегьенда аверсиақәак, уа уи Балкис (Билкис) лыхьӡуп 12].

Аԥсылман традициа инақәыршәаны, Соломон ашамыхьажь аҟнытә еиликаауеит Балкис ҳәа аҳәынҭқарԥҳәыс дшыҟоу атәы — алакә аҟнеиԥш ибеиоу атәыла Саба иахагылоу, ахьы иалху зыхә дуу хаҳәла ичаԥоу аҳ итәарҭа иқәтәоу, амрагь иамҵахырхәо. Уи ашәҟәы лзиҩуеит абас анҵаны: «Анцәа имаҵуҩы, Соломон, Давид иԥа сыҟнытә, Балкисҟа, аҳәынҭқарԥҳәыс Шеба лзы. Шәысҿамгылан, аха шәааи, шәыхгьы сышәҭ» ҳәа. Ашәҟәы аҳәынҭқарԥҳәыс илнаҭоит Соломон уи лаҳра атәы иазҳәаз аҵыс.

Балкис ашәҟәы анлоу, дшәеит Соломон аибашьра иақәикыр ҳәа, убри аҟнытә зыхә дуу аҳамҭақәа изылышьҭит, уи иара мап рцәикит, ар шдәықәиҵо, лықалақьқәа шимпыҵаикуа, уи иаланхогьы хьымӡӷы дырганы ишалицо ҳәаны. Абри ашьҭахь Балкис илыӡбеит Соломон ишҟа лара хаҭала дцарц, убас ала лхы шилымҭо аалырԥшырц азы.

 
«Соломон аҳтәарҭаҟны аԥстәқәа рыгәҭаны». Аџьамтәылатә миниатиура XVI ашә.

«Аҳәынҭқарԥҳәыс Билкиси ашамыхьажьи». Аџьамтәылатә миниатиура, 1590—1600 шш. инарз.

Дцаанӡа дзықәтәаз лытрон абааҟны илҵәахит, ацаԥха аркны, аха Соломон, аџьинқәа раҳ, урҭ ицырхырааны уи Иерусалимҟа ииаигеит, аԥшра ԥсахны Аҳәынҭқарԥҳәыс илирбан, длызҵааит: «Абас аума иара шыҟоу ?» ҳәа. Балкис иара лдырит азы Соломон ҷыдала лара лзы иргылаз ахан ахь днарыԥхьеит. Уи адашьма асаркьа иалхны иҟаҵан, аҵаҟа аԥсыӡқәа ӡсо иҭан (егьи аурысшәахь аиҭагаҟны адашьма аҵәцаш иалхын аҟнытә адашьма аҭыԥан ӡыз џьылшьеит иҟаз[13]). Балкис, ахан даныҩнала, дшәеит, аӡы дҭаланы ицатәыз џьылшьеит, лыҵкы дҩаханы, лшьамхқәа хтны. Уи ашьҭахь ус лҳәеит:

Иа Анцәа! Схы ԥхасҭастәит, шьҭа Сулаимангьы саргьы, Адунеи иқәу Аллаҳ ҳаитәуп.[14]

Абасала, Сулеиман имчрагьы и-Нцәагьы азхалҵеит, Аԥслыманрагьы лыдылкылеит.

Аҟоран иахцәажәо ахҳәааҟаҵаҩцәа Соломон ихан аҟны адашьма иадҳәалоу ари ахҭыс аҳ игызмалра атәы аҳәоит ҳәа ирыԥхьаӡоит, уи Балкис лшьапы ахәы ақәуп аҽадаҟнеиԥш ҳәа ирҳәоз иашазар гәаиҭарц азы иҟаиҵеит ҳәа. Аҳмад ас-Салабии Џь. аль-Маҳаллии рверсиала Балкис лцәеижь зегьы ахәы ақәын, лшьапқәа аҽада ашьапқәа иреиԥшын – ари дқаҷаан ҳәа, аҳ дҿаԥиҽит, дааирԥшит ҳәа. (шәахә. аҟәша Саватәи аҳәынҭқарԥҳәыс лшьапқәа).

Аҟоран ахҳәааҟаҵаҩ Џь. ас-Суиути излаиҳәо ала, Соломон Балкис ԥҳәысс дигарц иҭахын, аха лшьапқәа ирықәыз ахәы дыннакылон. [16] Егьи ахҳәааҟаҵаҩ — Аль-Баидави иҩуеит Балкис лхаҵа деилкаам ҳәа, аҳ дыззиҳәаз ҳамдан ахылҵшьҭрақәа раԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкызар ҟалап ҳәа игәы иаанагоит.

Алегьендақәа аредакциазура

 
«Соломони Саватәи аҳәынҭқарԥҳәыси», Конрад Виц исахьа

Соломони Саватәи аҳәынҭқарԥҳәыси аредакциазура

Аԥшьаҩыратә текст аҟны Соломони Саватәи аҳәынҭқарԥҳәыси реизыҟазаашьазы, ирыбжьаз абзиабаразы ажәакгьы ҳәаӡам. Аха абас еиԥш ишеизыҟаз атәы иалацәажәоит алегьендақәа рыҟны. Абиблиа иаҳәоит 700-ҩык аҳәсеи 300 –ҩык уадалақь(ҳәсеи) иман ҳәа (3 Аҳр. 11:3), урҭ рыҩныҵҟа дыҟоуп ҳәа рҳәоит легьендақәак, Саватәи аҳәынҭқарԥҳәысгьы.

Ауриа ҳәамҭақәа аредакциазура

Иудеиатәи атрадициақәа рыҟны ари атема иазку алегьендақәа маҷӡам. Соломони Саватәи аҳәынҭқарԥҳәыси реиԥылара атәы аҳәоит аггадтә мидраш «Таргум Шени» «Есфирь Ишәҟәы азы» (VII ашә. анҵә. — VIII ашә.алаг.) аҟны, екзегетикатә «Мидраш Мишлеи» «Соломон Иажәамаанақәа Рышәҟәы» азы[18] (IX ашә. инарз.)[19], уи аҵакы еиҭа иҳәоуп мидрашқәа реизга «Иалкут Шимони» «Паралипоменон» азы (Ахроникақәа рзы) (XIII ашә)[20], иара убас иементәи аманускрипт «Мидраш Ха-хефец» (XV ашә) азы. Аҳәынҭқарԥҳәыс лҭоурых хԥаны иушар алшоит — раԥхьатәиқәа ҩба: «аҳәынҭқарԥҳәыси ашамыӷьажьи рзы ацҳамҭази» «асаркьа дәи аҳәынҭқарԥҳәыс лшьаргәацәқәеи» акырџьара Аҟоран ажәабжь (VII ашә.) иақәшәоит; ахԥатәи Абиблиаҟны иааркьаҿны излацәажәоу Соломони Саватәи аҳәынҭқарԥҳәыси реиԥылара атемеи уи Соломон илҭаз ацуфарақәеи ртәы иацнаҵоит инарҭбааны иаарԥшу ажәабжь аҟны.

Ауриа ҳәамҭа ишаҳәо ала[21], ашәарахи аԥстәқәеи дырхылаԥшҩны даныҟаз, Соломон ҽнак дара зегьы еизигеит. Ашамыӷьашь (мамзаргьы «арбаӷь Бар») мацара агын. Аҵыхәтәан уи анырыԥшаа, иара Саватәи аҳәынҭқарԥҳәыс дахьтәоу Китор ҳәа қалақь ссирк аӡбахә аҳәеит:

Ари адгьыл асаба ахә аасҭа ахә амоуп; араӡын адәаҟны икажьу агәам-сам иаҩызоуп. Уа изызҳауа аҵлақәа аԥсабара аншаз аԥхьатәи амшқәа рзы еиҭаҳауп, аӡгьы роууеит едем аӡқәа рыҟнытә. Аҳәынҭқар ир атәылаҟны ирацәаӡоуп, аибашьцәа рхы ахыркырақәа (агәыргьынқәа) ықәгылоуп, аха аибашьышьа рыдмырҵаӡеит, уи моу ахыци ахәымпали рыла изхысӡом[22].

Ари заҳаз Соломон аҵыс аԥсаатә ду ацҵаны Саватәи адгьыл ашҟа идәықәиҵеит аҳәынҭқарԥҳәыс лзы ажәа рыцҵаны. Аҳәынҭқарԥҳәыс амра амҵахырхәаразы динҵас иҟалҵарц азы дахьдәылҵыз амра иааз аԥсаатә ахаԥан, атәыла ашәшьы хылеит. Илбаз алалабара даргачамкын, аҳәынҭқарԥҳәыс илшәыз лышәҵатәы лкәыкәит, ижәжәаны иқәылҵеит. Убасҟан зымҵәыжәҩақәа Соломон ишәҟәы зыдҿаҳәалаз ашамыӷьажь иԥырны лааигәа инеит. Уи ашәҟәы абас аҳәон:

Сара, аҳәынҭқар Соломон сыҟнытә. Абзиарақәа шәықәзааит буаагьы баргьы!

Ибдыруеит бара  Анцәа адәы иқәу агыгшәыги аԥсаатәи, аџьнышқәеи, аҩсҭаацәеи сшырхаиргылаз, Мрагылареи Мраҭашәареи, Шьыбжьагәи Аҵхагәи рҳәынҭқарцәа зегьы сара исеихырхәарц ишаауа. Исҳәогьы убри ауп, шәхала шәхатәгәаԥхарала сара сышҟа шәааир, бара, аҳәынҭқарԥҳәыс, ҳаҭыр бықәҵаны бсыдыскылоит избахьоу аҳәынҭқарцәа аӡәы иеиԥшымкәа; ишәҭахымхакәа, Соломон ишҟа шәанымааи, ижәдыруазароуп: арҭ аҳәынҭқарцәа — адәы иқәу агыгшәыги жәҩан иалоу аԥсаатәи; аџьнышқәеи аҩсҭаацәеи — ҵҩа змам, шәахьышьҭоу шәыҩнқәа рыҟны инеины шәырхәаҽып, адәы иқәу агыгшәыг адәқәа рыҟны шәеимырыжәжәап, ажәҩан иалоу аԥсаатә шәыбаҩ иаахыкәласуа ишәықәу шәжьы ҭырфаап.

 
«Саватәи аҳәынҭқарԥҳәыс лааира», Самуел Коулмен исахьа

Аҳәынҭқарԥҳәыс ашәҟәы данаԥхьа, инхаз лымаҭәагьы ԥылыжәжәеит. Лабжьагаҩцәа Иерусалимҟа бымцан ҳәа ларҳәеит, ахал лара абас еиԥш мчы змоу аҳәынҭқар дылбарц лҭаххеит. Аӷбақәа зыхә дуу акипарис ҵламаҭәахә, абырлаш, хәы змоу ахаҳә ақәҵаны амҩа дықәлоит, Израилнӡа днаӡоит хышықәса рыла (ари амҩа 7 шықәса уахьаго аҭыԥан).

«Есфир Ишәҟәы» азы «Таргум Шени» инақәыршәаны, аҳәынҭқар Саватәи аҳәынҭқарԥҳәыс дидикылеит ихан аҟны аҳ итәарҭа ахьыҟаз ауада ду аҿы. Аҳәынҭқарԥҳәыс уи лшьапы анынҩналыргыла, аҳ иаҳтәарҭа аӡы иӡаагылазшәа лбеит, иаразнак лкалҭгьы шьҭылхит имбааӡарц азы. Абасала, Соломон лшьапқәа ибеит ахәы жәпаӡа изқәыз, иаахжәангьы: «Быԥшӡара – аԥҳәыс лыԥшӡароуп, ахәы ибықәу — ахаҵа иқәу ахәы иаҩызоуп. Ахаҵа иҟны ари ԥшӡоуп, аха аԥҳәыс лыҟны ари - гроуп», иҳәеит.

Соломони аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәии раԥхьаӡакәны рыбзиеибабара атәы ахьаҳәо «Алфавит Бен-Сиры» аҟны аҳәынҭқарԥҳәыс лцәа зегьы ахәы ақәын аҳәоит. Аҳәынҭқар иаҳҭынраҟны иҟаз ахәышәтәҩцәа адҵа риҭоит ахәы илықәу зрыцқьо ахьшьтәы дырхиарц.

Ефиопиатәи алегьендақәа аредакциазура

Аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи илызку алегьендақәа руак ануп ефиопиатәи ашәҟәы «Кебра Негаст» («Аҳәынҭқарцәа рыхьӡ-рыԥша иазку ашәҟәы») аҟны, зегь раасҭа изаатәу анапылаҩыратә аԥҵамҭа XII ашәышықәса иаҵанакуа. Ари ашәҟәы иануп ефиопиатәи аҳәынҭқарцәа рхылҵшьҭрақәа ирзыку алегьендақәа аҳәынҭқар Соломон инаиркны аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи лҟынӡа.[23] ( «Кебра Негаст» ихьшәаны ишцәырҵыз атәы аҳәоит 32-тәи ахаҟны аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи Ауасиаҭ Ҿыц аҟны зыӡбахә ҳәоу аефиопцәа р-Ҳәынҭқарԥҳәыс лаҳасабала иаарбоу аҳәынҭқарԥҳәыс Кандакиа длеиԥшны дахьаарԥшу, (Аус. 8:27). Аха Ауасиаҭ Ҿыц азы Уильям Баркли иҟаиҵо ахҳәаақәа рыла, Кандакиа — ахьӡ аасҭа еиҳа чынуп, Ефиопиа аҳәынҭқарҳәсақәа иныҟәыргоз .[24] Ари атекст инақәыршәаны уи хьӡыс илыман Македа («Амцатә»). Иҟалап уи шьаҭас иаиузар аладатәи аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи ауасиаҭҿыцтәи лыхьӡ.[25]

 
Аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи аҽы дақәтәаны Иерусалимҟа дцоит. Ефиопиатәи афреска

Аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи дыԥшӡан, дҟәышын (убри аан лхылҵшьҭреи лҭаацәеи рзы акгьы ҳәаӡам). Абиблиатә ҳәамҭа ишаҳәо еиԥш, Иерусалим днеит Соломон дылбарц, диацәажәарц, уи иҟәыӷареи ихьӡ-иԥшеи ртәы акыр лаҳахьан азы аҭуџьар Тармин иҟнытә.[26]

Ара дахьааиз Соломон «даара ҳаҭыр лықәҵаны дидикылеит, ихан аҟны иара иахьизааигәаз дыҩнаиҵеит. Шьыжьи уахеи лхәы наиҭиуан. Ҽнак «дара еицышьҭалеит», «жәымзи мчыбжьыки рнаҩс аҳәынҭқар Соломон даниԥырҵ ашьҭахь… ахшарауразы ахьаа лызцәырҵит, ахшарагьы длоуит, аҵеи». [27]

Македа лԥа Баина-Лехкем (авариантқәа — Уольде-Таббиб («аҟәыӷа иԥа»), Менелик, Меньелик) ихьӡылҵеит, уи жәаҩа шықәса анихыҵ, иаб иӡбахә иалҳәеит. 22 шықәса анихыҵ Баина-Лехкем «арратә ҟазареи аҽыбӷаҟазареи рыҟны абаҩхатәра иман, иара убас ашәарыцараҟны, ашәарах акреи рыҟны, арԥарцәа иддырҵо аҟазарақәа зегь рыҟны. Иагьлеиҳәеит иара Аҳәынҭқарԥҳәыс : „Сцан саб снаиҿыԥшып, нас схынҳәны саап, Израиль Анцәа ус иҭаххар» ҳәа.26] ицамҭаз Македа арԥыс Соломон имацәаз инапы иалыркит, иаб дибар далаидырырц, «лажәа, луасиаҭ инлыжьыз игәаланаршәап» ҳәа. [29]

Баина-Лехкема Иерусалим дахьнеиз, Соломон сԥа ҳәа дидикылт, ҳаҭырлагьы изныҟәеит:

Аҳәынҭқар Соломон арԥыс дшааз иазҳәаз абас реиҳәеит: «уара дуеиԥшуп», шәҳәон, аха сара сычаԥашьа, сгылашьа имаӡам, аха саб Давид ичаԥашьа имоуп, иҭәымҭа данҭагылаз, сара саасҭагьы акыр дыԥшӡоуп». Аҳәынҭқар Соломон дҩагыланы ԥхьара дцеит, арԥыс хьыла иқәҵаны амаҭәа ишәиҵеит, ахьы иалхыз амаҟа иҟәниҵеит, агәыргьын ихаиргылеит, амацәазгьы имӷаиҵеит. Зеиӷь ыҟам маҭәала деибиҭеит, улаԥш наидхало, иаҳтәарҭа днықәиртәеит, иара ихаҭа диаҟараны дҟаиҵеит.

«Аҳәынҭқарцәа рыбзарӡы» (Kebra Nagast). Ахқәа 33-61Хаиле Селассие I, Ефиопиа аҵыхәтәантәи аимператор, Соломонидаа рдинастиаҟны иҵыхәтәантәиуп ҳәа иԥхьаӡоу

 
Хайле Селассие I, последний император Эфиопии, считающийся последним из династии Соломонидов

«Кебра Негаст» ишаҳәо ала, Баина-Лекхем иԥсадгьыл ахь иан лышҟа дхынҳәит иудеиатәи аҳцәа ирыҵанакуаз аԥхьаирақәа иманы дааит, Иерусалимтәи аныхабаа иҩынганы иааигеит Ауасиаҭ Аӷба, аефиопцәа ишырҳәо ала иахьагьы Аксум иҟоуп Сион Ицқьаӡоу Аҭыԥҳа Мариа лныхабааҟны.[30] Аҳәынҭқарԥҳәыс Макеба лԥа даныхынҳә ашьҭахь аҳра мап ацәкны лԥа илҭеит, уи Ефиопиа аҳра еиҿикааит израильтәи иеиԥшны, атәылаҟны аиудаизм ҳәынҭқарратә динны иалагаланы, аԥҳәыс лыла ашьҭрамдара мап ацәкны, апатриархат шьақәыргыланы. [23] Иахьа уажәраанӡагьы Ефиопиа еиқәханы иҟоуп «фалашеи» ацуҭа— ефиопиатәи ауриацәа. Урҭ Баина-Лекхем Ефиопиаҟа ицны иааз иудеиатәи аҳцәа ҳархылҵшьҭрақәоуп ҳәа рхы рыԥхьаӡоит.[31] «Кебра Негаст» ишиҳәо ала, Менелик Соломон раԥхьатәи ихылҵ иакәын, иԥеиҳаб иакәын, Аӷба (Израиль ажәлар ирыцыз алԥхагьы) зигазгьы убри ауп аԥхьаира имаз азин ала.

Баина-Лекхем зшьапы икыз Ефиопиатәи Соломонидаа аҳцәа рдинастиа атәылаҟны аҳра руан X ашә. аҟынӡа, фалаштәи аибашьҩы ҭыԥҳа Естер (мамзаргьы Иудит) иахылҳәаанӡа.[32] Аофициалтә ҭоурых ҩыра ишаҳәо ала, ажәытәӡатәи ашьҭра маӡала иаауан еиԥымҟьаӡакәа, еиҭа иагьыхынҳәит аҳра 1270 ш. аҳ Иеконо Амлак ила. Ефиопиа аҵыхәтәантәи аимператор Хаиле Селассие I Соломонида рдинастиа саҵанакуеит, аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи 225-тәи лабиԥар сатәуп ҳәа иԥхьаӡон.[33]

Арабтә литератураҟны аредакциазура

Аҳәынҭқарԥҳәыс лҭоурых арабтә литератураҟны иҵегьы иацқәоу ыҟоуп. Аҭоурыхҭҵааҩ ас-Салаби «Адырҩцәа рҭоурых» аҟны иҳәоит аҳәынҭқарԥҳәыс асаркьа дашьма ала лԥышәара чарҳәаран ҳәа: ҩыџьа аҩсҭаацәа (джинны), Соломон Билкис ԥҳәысс дигар ҳәа ишәаны, ахьӡ бааԥс лхырҵарц рыӡбеит, аҳәынҭқар: «Билкис, аиашазы, дҟәышуп, аха лышьхәақәа рҭыԥан аҽада ашьаԥхыцқәоуп илымоу, насгьы лшьаҳәырӡыӡқәа ахәы рықәуп, избанзар лан аҩысҭаахылҵшьҭороуп илымаз». Уи адагьы, ас-Салаби иҳәоит аҳтәарҭахь дышнеиз: лаб даныԥсы ашьҭахь ажәлар рыхәҭак аԥҳәыс аҳәынҭқарра лахаргылара рыдырымкылеит аҟнытә ахаҵа далырхит ҳәынҭқарс. Атәыла ҩ-лагеркны аҽашеит, амакҩы (аконкурент) дышнеиуаз дтиранха даақәгылеит. Усҟан аҳәынҭқарԥҳәыс аҳәацәа изылышьҭит аҩ-ганкгьы абасала еидылҵарц азы, ачараҟны аҩы зылсыз лхаҵа ихы хылҵәеит (еиҿшәырԥшы. Иудифи Олофернеи рҭоурых). Аҳәынҭқарԥҳәыс аҩсҭаацәа дшырхылҵшьҭроу анылҳәо, ас-Салаби Ибн Маимуни Абу Хураиру иахь ухьалырԥшуеит, аҵыхәтәантәи адырҩы Муҳаммед иршаҳаҭгақәа шьаҭас ишаиҭоз шьақәырӷәӷәаны, аканонтә текстқәа рыҟны уи зырҵабыргуа ҳәа акгьы шуԥымлогьы. Абу Али Балами, сасанидтәи асулҭан Мансур ивизир (X ашә.), ишиҳәо ала, уи лаб ҭауадын, лан — пери (аџьамтә мифологиаҟны анашанатә мчы змоу ҭыԥҳауп).

XII ашә. араб ашықәснҵаҩы Нашван аль-Химьиари иаԥиҵеит «Химьиариттәи ашәҟәы аҳцәа ирызку» захьӡу, саветәи аҳцәа рхылҵшьра атәы зҳәоз. Уа аҳәынҭқарԥҳәыс Билкис лыхьӡуп, уи лхатә ҭыԥ лымоуп ажәлашьҭрақәа рыҩныҵҟа — лхаҵа савеитәи аҭауад Ду Таба (егьи ахьӡ Манхен-ель) иоуп, аб Хадхад ихьӡуп, Тобба аҳәынҭқарцәа рыҩнра датәуп. Билкис дылхыҵит аҳ Асад[36]. Ари атекст аҟны иҟоуп аҳәынҭқарԥҳәыс нашанала лира атәы зҳәо ажәабжь: лаб шәарыцара дахьцаз, дҟьалеит ақәасаб дшашьҭаз, нашанатә қалақьк аҟны днанагеит, анашанатә мчы змаз ауаа ахьынхоз, аҳ Талаб-ибн-Сина дызхагылаз. Ақәасаб аҳ иԥҳа Харура далҵын, Хадхад диццеит. Аҭҵааҩцәа ари асиужет аперсонажцәеи Аравиа исламаԥхьатәи агыгшәыгтә культқәа ирыдҳәалоуп ҳәа азгәарҭоит. Аҳәынҭқарԥҳәыс лаб Хадхад аҵыс ашамыӷьажь (Худхуду) дазааигәоуп, абду Талаб — ҳ.ҟ. III ашә. инаркны амза иадҳәалоу анцәахәы ҳәа иӡбахә ҳәоуп, уи ихьӡ аиҭагараан «ашьха бӷаџьма» ҳәа аанагоит, ан ақәасаб-агызмал ҳәа[36].

 
«Соломони Аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәии», ахәҭак. Османтәи аҟаза, XVI ашә.

Аџьамтә шәҟәыҩҩы Џьами жәлартә роман «Атронқәа быжьба» «Salaman va Absal» ахы аҟны аԥҳәыс лчарҳәара атема иазку ессе хәыҷык агәылоуп, Аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи ахаҵа дшизыҟоу атәы аартны илҳәоит: «Уахынлаз, ҽынлаз, цәанырра ӷәӷәала сзышьҭаԥшыз арԥыск дсаҩсны дцараны дыҟаӡам».[37] Низами Сулеимани Билкиси рышьцылара бааԥсқәа дрықәыӡбоит, ишеибагаз атәы, адабла зысны ииз ахәыҷы итәы дахьалацәажәо, ани аби Аллаҳ ицәырӡоз аартны иарҳәар уи ихәышәтәра шауаз атәы. Аҳәынҭқарԥҳәыс лхаҵа дылжьарц шылҭаху атәы аргама илҳәоит, аҳәынҭқар имаз амал ду анаҩсгьы, атәым мал дшеилаҳауа атәы. Аԥҵамҭа ҵакыс иаман — агәнаҳа аартны ацәыргара ашьҭахь аиқәхара, анажьра аиура.

Аџьамтә шәҟәыҩҩы, амистик Џьелаледдин Руми (XIII ашә.) 4-тәи ашәҟәы «Месневи» (Аҟоран апоетикатә комментари) иаҳәоит амал ду змоу аҳәынҭқар лвизит атәы, уи лмал Сулеиман иҵакны имоу аасҭа имаҷӡоуп. Ахшыҩҵак хада — ҳамҭаҵәҟьаны иҟоу ахьы акәӡам, Аллаҳ имҵаныҳәароуп, убри аҟнытә Сулеиман аҳәынҭқарԥҳәыс лҟынтә ҳамҭас дыззыԥшу «лыԥсыцқьароуп». Аџьамтә поет Хафиз, иакәзар, иаԥиҵоит Билкис леротика-бзазаратә хаҿсахьа.

Арабтә текстқәак рыҟны аҳәынҭқарԥҳәыс лыхьӡ — Билкис акәӡам, Балмака, Иалмака, Иалааммака, Иллумку, Алмака уҳәа уб.егь.

Егьырҭ акультурақәа рыҟны аредакциазура

Ауриа литература иаҿырԥшны, егьырҭ ажәларқәа ацуфарақәа ртема уи аҟара инарҭбааны иаарԥшӡам, иоригиналтәу зҵаарақәак шуԥылогьы.

Арабтә ацуфараҟны аҳәынҭқарԥҳәыс «аҿажәкра хызҽуа» аӡы дазҵааит, ажәҩангьы, адгьылгьы иалымҵуа. Соломон, аԥааимбар Гавриил (Џабраил) игәы иҽанызҵаз, аҭак иҳәоит — уи аҽы аԥхӡоуп, аӡышара хызҽуаны иҟоу аԥстәы аԥхӡы, уи ҵааӡам азы (агха змоу абжьарашәышықәсазтәи агәаанагара).

Арабтә литератураҟны Соломон аҭыԥҳацәеи арԥарцәеи злеиԥшым аилкаара анидыргала, амидрашақәа рыҟны иаагоу аиԥшымзаарақәа ирықәымшәо азыӡба рыдигалеит: Соломон адҵа ҟаиҵеит шәҿы шәыӡәӡәа ҳәа, арԥарцәа рызнапык ала рҿы рыӡәӡәеит, аҭыԥҳацәа рыҩ-напык ала. Убри адагьы, аԥсылман автор Хуссеин итекстқәа руак аҟны — урҭ еиԥшны еилаҳәаӡам, аҭыԥҳацәа ахаҵа маҭәа, арԥарцәа аҳәса рымаҭәа ршәырҵеит.

Абжьарашәышықәсазтәи Европа ас еиԥш атекстқәа зеиқәымхаӡеит, аха аҟазара аԥҵамҭақәа рыла ацуфарақәа реиҭашьақәыргылара ҟалоит. Убас, XV ашә. иаҵанакуа анемец уарҳәалқәа, соломон иҟәыӷара аԥышәара иазку, ианҵоуп Соломон, еиԥшу ахәыҷқәа ҩыџьа аҵәақәа знапаҿы изку, аҳәынҭқарԥҳәыс, знапаҿы ҩ-шәҭык зку. Аҩыра ишаҳәо ала, лара дазҵаауеит: «Исаҳә, аҳ/Ашәҭқәеи ахәыҷқәеи/Ԥсабарала еиԥшу/Мамзаргьы еиԥшыму». Аҳәынҭқар ахәыҷқәа рыбжьара аӡӷаби аҷкәыни еилиргароуп, ашәҭқәа рыҟнытә иԥсабаратәым иарбану. Аҵыхәтәантәи аҟны уи ицхраауеит ашьха, ахәыҷқәа реиҩдыраара илшоит (аиудеиатә какан иалҵыз) урҭ аҵәақәа шырыҟәшәо ала. Еиҳа ижәытәӡатәу, ҳара ҳҟынӡа иааӡаз арҭ аҵәақәа ахьцәырҵуа алитературатә хыҵхырҭақәа, — ианонимтәу алатинтә ҩыра «Аурымааи егьырҭи еиуеиԥшым русқәа рзы атрактат» ауп (Болоньиа, 1326).

«Кебра Негаст» аҟны абиблиатә фраза «лара дааит ацуфарақәа рыла дԥылшәарц азы», еиҭагоуп «лара дааит иҟәыӷара ԥылшәарц азы», убри акәзар ҟалоит ефиопиатәи атрадициаҟны ацуфарақәа зыҟам зынӡагьы.

Иџьаушьартә иҟоуп ацуфарақәак рымҽхак акыр иахьыҭбаау: убас, иапониатәи афреилина Сеи Сионагон авторс дызмоу «Анҵамҭақәа ахчнызаҟны» (ҳ.ҟ.1000—1010 шш. ), иҟоуп ауриа хыҵхырҭақәа угәалазыршәо ахыҵхырҭақәа: арахәыц зҵудаша хәы змоу ахаҳә азы, ақьырсҭахҵәаха аӡы аӡааҵарала ахи аҵыхәеи аилыргара.

Аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи лҳамҭақәа аредакциазура

Еиуеиԥшым ажәларқәа рлегьендақәеи рҳәамҭақәеи рыҟны аҳәынҭқарԥҳәыс илыдҳәаланы иаарбоуп еиуеиԥшым аҳамҭақәа:

Абиблиаҟны:

  • Абырлаши еилыԥхаауа ахаҳәқәеи;
  • Ахьи афҩыхаақәеи

Алегьендақәа рыҟны:

  • Араӡны; ақьырсиан легьенда ала, уи ахәҭак — 30 раӡны монетак Иерусалимтәи аныхабаа анхыбгалоз (IV ашәышықәса анаҩс) ибжьаӡит, егьырҭ (даҽа 5 шәышықәсак рнаҩс) адырҩцәа Иаса иҟны инаргаз аҳамҭақәа ирылалеит, аҵыхәтәан, Иуда Искариота ачарҳәара ииуыз азы ирҭеит («Соломон Иҳәахьа» инақәыршәаны — атекст, мысратәи ақьырсиануаҩ ила иаԥҵоуп I—IV ашә.-қәа инарзынаԥшуа ауриа легьендақәа шьаҭас иаҭаны);
  • Ахбыџқәеи аҭыԥҳацәеи аӡәырҩы, шықәсыки мзаки рзи ииз, ҽнаки сааҭки рзы ииз, зегьы аурыла еиҟараны, реиҿкаашьа еиԥшны, еиԥшны еилаҳәаны, иҟаԥшьыхәхәароу амаҭәақәа зшәу — аҳ иԥышәара ралархәразы;
  • Акипарис ҵла;
  • Адухь злырхуа зыфҩы лаҳа-лаҳауа аҳаскьын опобальзам (Amyris Opobalsamum) ажәла (Иосиф Флави[45]) ила, иара убас абыкьтә ҵла ажәла;[46]
  • Аҿа, ашьҭахь аҳәынҭқар Ирод ихазынарҭахь инанагаз, уантә Иосиф Аримафеитәи ила Иаса ирҭаз — Иԥшьоу Аҿа (Святой Грааль)[47][48];
  • Агәыргьын[49]
  • Зыжәла бзиоу аҽҵыс Сафанад (Safanad, «Чистый») захьӡу, алегьенда ала, арабтә ҽқәа зхылшьҭрақәоу ируакуп.[50]
 
Арабтә ҽыжәла иаҵанакуа

Иара убас ихьшәоу аамҭазтәи алитератураҟны иуԥылоит егьырҭ аҳамҭақәа рацәаны (ахаҳәиаҵәақәа (сапфиры), аизумрудқәа, аҿақәа уҳәа уб.егь.).

Соломон аҳәынҭқарԥҳәыс ацкыс илиҭаз аҳамҭақәа рхыԥхьаӡара XVII ашәышықәсазы иаларҵеит Аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи лбиблиотека ҳәа изышьҭоу, Абиссиниа еиқәхазшәа ирҳәо, папа римтәи ицҳаражәҳәаҩцәа иҭырҵааз. Уа иҟан аҳәынҭқарԥҳәыс диҭаацыԥхьаӡа ҳамҭас илиҭоз, иара убас есышықәса илзишьҭуаз ашәҟәқәа. Урҭ ирылан аԥсабаратә цәырҵрақәа ирызкыз Енох ишәҟәы, аматематиказы Нои ишәҟәи ацеремониақәеи рзы, Авраам ишәҟәқәа — ифилософиатә еиҿцәажәарақәа ранҵара Мамре аџьраҟны, Сивиллин лышәҟәқәеи аҳәынҭқарԥҳәыс лара лаԥҵамҭакәеи. Ари аҭоурых литературатә мистификахеит.[51]

Алаԥшхырԥаҩи сивиллеи аредакциазура

Абжьарашәышықәсазтәи европатәи алитератураҟны, иахьеихаршалоу иабзоураны аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәии антикатәи аԥшҩы сивиллеи аӡә ракәушәа иаарԥшуп. Убас, амонах Гьаргь, IX ашә. иаҵанакуа византиатәи ашықәснҵаҩы иҩуеит аеллинцәа аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи Сивилла ҳәа илышьҭоуп ҳәа. Убри аан Сивилла Сабатәи, Павсани алаԥшхырԥаҩ ҳәа иаирбо, Палестина анҭыҵ ауриақәа дрыланхоит, Шьамтәыла ашьхақәа рыҟны; III ашә. иаҵанакуа аурым софист Елиан Ауриатә Сивилла ҳәа лыхьӡ иҳәоит.[3] Николаи Спафари иусумҭа «Сивиллаа рзы ашәҟәы» (1672 шықәса) аҟны Сивилла Саба хазы хык лзикит. Уа уи иааигоит еицырдыруа абжьарашәышықәсазтәи алегьенда Аџьар Ҵла азы, Исидор Пелусиот иҳәеит ҳәа, иҩуеит: «ари аҳәынҭқарԥҳәыс иҟәыӷаӡоу сивилла леиԥш дааит иҟәыӷаӡоу аҳәынҭқар дылбарц азы, Соломон ила Қьырса иааира атәы лдырит».[54] Сивилла лакәушәа аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи лхаҿсахьа ануп Вифлеем иҟоу Қьырса Иира ахьӡала абазилик мраҭашәаратәи афасад иану амозаикаҟны (320-тәи аш.-қәа).[55]

Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы ирылаҵәаны иҟаз аиудеиа-қьырсиантә аԥҵамҭа «Сивилла лҿаҳәатәқәа» рыҟны изныкымкәа аџьар абзарӡы ҳәоуп,[56] ари аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи Ԥсыҳхазҵо Аџьар аҿаԥхьа лныҳәаразы асиужет шьаҭас иаиуит. Аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи сивилла лоуп ҳәа иахәаԥшуеит мраҭашәаратәи алегьендақәа рҟынгьы — Иессеи Иҵла зну аиашахаҵаратә ныхачаԥақәа рыҟны (Иаса Қьырса ихылҵшьҭра) ианын Сивилла Аладатәи лҿаҳәатәы зцыз адамыӷа (аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи лдамыӷа).[57]. «Аурыс Хронограф аҟны» XVI ашә. алагамҭазы уи «аҳәынҭқарԥҳәыс Сивилла» лыхьӡуп[58].

Аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи илызку мраҭашәаратәи алегьендақәа рыҟны , Ԥсыҳхазҵо Аџьар азы аҳәамҭа «Ахьтәы легьенда» иацны иалалаз, уи лаԥшхырԥаҩны дҟалоит хьӡысгьы илоуит Regina Sibylla.[3]

«Еицырдыруа аҳәса рзы» Боккаччо иаԥҵамҭаҟны уи хазы хык лзикуеит иагьлыхьӡиҵоит Никаула. Аҳәынҭқарԥҳәыс лыхьӡ авариант аагоуп Иосиф Флави иверсиаҟнытә, «Иудеиатәи ажәытәрақәа» рыҟны аҳәынҭқарԥҳәыс лвизит ахьеиҭеиҳәо, уа уи Мысреи Ефиопиеи рҳәынҭқарԥҳәыс ҳәа лзиҳәоит, иагьлыхьӡиҵоит Никавл ҳәа (еддин. Nikaulên, англ. Nicaule)[59].

Аҳәынҭқарԥҳәыси Ԥсыҳхазҵо аџьари аредакциазура

«Ахьтәы легьенда» ала, аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәии зҳәатәы ҟалоз сивиллеи Соломон иҟны даннеи, аӡыхь ихыз ақьарсҭа даннадгыла, дшьамхнышгылеит. Алегьенда ишаҳәо ала, уи Адам анышә данамардоз иҿаркыз, анаҩс Иерусалимтәи аныхабаа аргылараан икарыжьыз, Ацәгьеи Абзиеи рыҵла амахәқәа ирылхыз ак акәын.

Уи деихырхәан, илҳәеит Аԥсабара Аҿыхыҩ абри аҵлаҟны дыкнарҳараны дшыҟаз, убри аҟнытә иудеаа раҳра еимырҵәоит, аҵыхәтәагьы ҟалоит ҳәа.[60]

Аҳәынҭқарԥҳәыс Никавлиа Сивилла Саватәи, Иерусалим дахьнеиз Соломон иҟны Қьырса дызкыдҵаз аҵла еиқәханы ишыҟаз анылба, дгачамкны ҿылҭит: «Ари Анцәа цәеижьла иԥсра ахьыҟало аҵла ауп, нас иԥсы ҭаларц азы» ҳәа[61]

Анаҩс, аҵла дықәымгылакәа, лшьапы аахылтын аӡы дырит.[62] Абжьарашәышықәсазтәи атеолог Гонори Августодунски иҩымҭа «De imagine mundi» (Аԥсабара ахаҿсахьазы) аҟны иҩуеит, лара аӡы данӡаагыла, иӷәаӷәыркыз лшьапы уаҩытәҩсатә шьапны иааҟалеит ҳәа (арабтә легьендақәа рыҟнытә иаагоуп).

Соломон ари дацәшәан, алегьенда ишаҳәо ала, ақды анышә иҵаҵаны ишәжы ҳәа адҵа риҭеит, аха шықәсқәак рышьҭахь, иԥшааны Иаса Қьырса дкыдырҵартә еиԥш рхы иадырхәеит .

Аурыс апокриф «Аџьар Ҵла азы Ажәа» (XV—XVI ашә.-қәа) аҟны, сивилла Соломон икаижьыз аҵла данықәтәа даблит, аҳәоит. Уи ашьҭахь «Аҵла мыжда» ҳәа ҿылҭит, уи игылаз ажәларгьы, ҿырҭит: «Лыԥха змоу аҵла, ари данҵахоит Иҳақәиҭу!» ҳәа.

Аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи Ԥсыҳахазҵо Аҵла аҿаԥхьа дшьамхнышгылоит, Пьеро делла Франческа ифреска, Ареццо иҟоу Сан-Франческо и-Базилика

«Соломон  иӡбарақәа»

Аҳәынҭқарԥҳәыс лцәеижь ахәы шақәыз атәы иеиԥшны иалацәажәоит арабтә легьендақәа.

Ауриа ҳәамҭақәа рыҟны аҳәынҭқарԥҳәыс Соломон ацуфарақәа рыла дԥылшәоит, урҭ реиқәыԥхьаӡа «Соломон  иӡбарақәа» рыҟны иуԥылоит.

Соломон ҩынтәны еилиргароуп еиԥшны еилаҳәоу арԥарцәеи аҭыԥҳәацәеи. Раԥхьа Соломон урҭ шәҿы шәыӡәӡәа ҳәа рыдиҵоит, арԥарцәа уи ирласны иҟарҵон, аҭыԥҳацәа имыццакӡакәа. Аҩынтә раан ауҭраҭых ааганы саԥхьа икашәыԥса ҳәа реиҳәеит — «арԥарцәа (урҭ) ркалҭқәа ирнырҵо иалагеит, аҭыԥҳацәа рмаӷрақәа»;

Саватәи Соломон зжьы хсоуи ихсами еилырга ҳәа иалҳәеит. Соломон абас иӡбеит ари азҵаара: «Аҳ Иҳақәиҭу ихьӡ зну иԥшьоу агәыргьын аажәга ҳәа реиҳәеит. Зжьы хсаз гылан, зжьы хсамыз асаара рыҽкарыжьит агәыргьын аҿаԥхьа».

Аҳәынҭқарԥҳәыс Малкатошк лыцуфарақәа рыдагьы «Соломон иӡбарақәа» рыҟны иааргоит лара илыцны иааз аҟәыӷақәеи Соломон иҟәыӷақәеи реиндаҭлара:

Соломон иҟәыӷацәа ацуфарала иԥыршәеит илыцны иааз аҟәыӷақәа: «Ақалақь инацәыхараны аҵеиџь ҳамоуп. Шҟәыӷарала иҳашәҳәа, ақалақь ахь аагашьас иамои иара?» Соломон игызмалцәа уи ҟаҵашьа шамам рдырын, ус рарҳәеит: «Шәара ԥарчла ашаха ҳзышәԥа, ҳара аҵеиџь шәзиаҳгоит  шәықалақь ахь» ҳәа.

Еиҭа даҽа цуфарак рарҳәеит уи лҟәыӷацәа: «Ача аҳәызба ахылҿиаар, излаҭажәгалои?» Егьырҭ аҭакс: «Аҽада атәыҩала», рҳәеит. Аҳәынҭқарԥҳәыс лҟәыӷацәа: «Аҽада атәы абамоу?», - анырҳәа, егьырҭ «Ача аҳәызба абахылҿиаауеи?», рҳәеит.

Еиҭа абас рҳәеит: «Аџьыкхыш баар, излашәҵаауеи?» Дара: «Агәыжь амгәарҭала иҵаатәуп», рҳәеит. «Агәыжь абахьои?» ҳәа иҵааит. Дара «Аџьыкахыш абабаауеи?» ҳәа иазҵааит.

Ахаҿсахьа ақаҷаатәра аредакциазура

Абиблиашьҭахьтәи аамҭазтәи ауриа ҳәамҭақәеи урҭ ирыдҳәалаз аԥыслман литературеи рыҟны иубоит Соломон дԥызшәоз аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи лхаҿсахьа есааира ақаҷаатәра шымҩаԥысуа. Ари аҩсҭаа хаҿсахьа ақьырсиан литературагьы иалалоит. Абиблиатә ҳәамҭа хықәкыс иамоуп, раԥхьа иргыланы, Соломон иҟәыӷареи дызхагылаз Израилтәи аҳра аизҳазыӷьареи ртәы аарԥшра. Аҳәынҭқари аҳәынҭқарԥҳәыси реиҿагылара зыхҟьо, шамахамзар, иҟаӡам. Убри аангьы, ажәытәӡатәи аиҭаҳәамҭақәа рыҟны ари мзызс иаҵаз есааира ихадараны иҟалоит, Абиблиаҟны инамҩатәшәа иаарԥшу цуфарала аԥышәара ҳаамҭазтәи ахҳәааҟаҵаҩцәа аӡәырҩы ргәаанагарала [69], анцәа иишаз адунеи шьақәгылашьазы агәыҩбара аларҵәаразы ҽазышәароуп. Аҳәынҭқарԥҳәыс лхаҿсахьа убри аан иҵоурам, зны-зынла ақаҷаа ҟазшьақәа аанахәоит — иаҳҳәозар, ахәы зқәу лшьапқәа (алада шәахә.). Ицәырҵуеит гәнаҳарала аимадара амзызгьы, уи убас ала Аныха ахырбгалаҩы Навуходоносор иира. Аҳәынҭқарԥҳәыс Соломон ҳамҭас изаалгаз араӡын, аҵыхәтәан Иуда Искариот иигаз ҩажәижәаба раӡныԥарахь ииасуеит.

Аҳәынҭқарԥҳәыс лхаҿсахьа алегьендаҟны иаҳԥылоит аҩсҭаа Лилитгьы илыдҳәаланы. Арҭ рхаҿсахьақәа раԥхьаӡакәны еидҳәалоуп «Иов ишәҟәазы Таргум» аҟны (Иов. 1:15), ара иҳәоуп Лилит Иов длыргәаҟуан, аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи лыԥшра аахәаны ҳәа. [70]. Ари таргум аҟны «савеиаа рықәлеит» ҳәа еиҭагоуп «урҭ дрықәлеит Змаргад аҳәынҭқарԥҳәыс Лилит» (Изумруда).[71] Арабтә легьендақәак рыҟны Соломон иара убас аҳәынҭқарԥҳәыс лыԥшра лыҭаны Лилит диҭааит ҳәа агәҩара имоуп. Ихьшәоу акаббалисттә трактатқәа рыҟны аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи Соломон дызлаԥылшәоз Лилит Адам дызлахылхыз ацуфарақәа рылоуп ҳәа ануп.[72] Иҟоуп ажәабжь, Лилит ари аҳәынҭқарԥҳәыс лыԥшра аахәаны Вормс иатәыз нанамган дышхылхыз атәы зҳәо.[71]

 
Вавилонтәи азооморфтә нцәаԥҳәыс аҵыс шьаԥы зҵоу (Иштар, Астарта, Лилит мамзаргьы Аҵх аҳәынҭқарԥҳәыс), ҳ.ҟ. 2025—1750 шш.

Аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи лшьапқәа аредакциазура

Иаабац шьапқәаӡам — ари аперсонаж ахтоникра, ажәытәӡатәра атәы аҳәоит. Мидраш иаҳәоит, Аҟоран аҳәынҭқарԥҳәыс лшьапқәа ахәы рықәзар ҟаларын ҳәа иануп (Аҟоран иахцәажәо ргәаанагарақәак рыла, аҳәынҭқарԥҳәыс лцәеижь ас ала иахьахцәажәо, ақаҷаа хылҵшьҭроуп илымоу) [15]). Убри аан, арабтә легьендақәак рыҟны (Аҟоран анҵамҭа аԥхьа ицәырҵны, ахҳәааҟаҵаҩцәа анырра рнаҭазар ҟалоит) аџьма шьапқәа ҳәа иарбоуп, аџьма шьапхыцқәа лыман ҳәа, ари Аладатәи Аравиа[5] амза анцәахәы— Альмаки, Астарта илзааигәоу (Ilumquh, Almaqah, Amm, Ilmuqah, Sin, Syn, Wadd)[74] иазку амиф аҟнытә иаауазар алшоит. Ари амза анцәахәы аԥшьаҭыԥ иахьагьы аҭыԥантәи ауаа Махрам Билкис («Билкис лыҩны») ҳәа иашьҭоуп.[3] 1950 шш. рзы ари аныхабааҟны аԥшаарақәа мҩаԥигоит Уендель Филлипс .[75] Ажрақәа иҟаиҵаз 350 м аҭбаара рымоуп, иара убас хыԥхьаӡара рацәала аԥенџьырқәа. Филиппс иазгәеиҭоит: «Аныхабаа аҩныҵҟатәи аҭӡаҟны иаадырԥшит еишьҭаргыланы 64 ԥенџьыр, еихацла ирҩычаны. Аабеи хынҩажәиԥшьбеи — ари ажәҩан нцәахәы Венера лхыԥхьаӡарақәа роуп. Ажәытәӡатәи арабцәа рыҟны ажәҩан нцәахәы Венера лхаҿсахьеи аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи – Балкиси аӡә ракәхазар ҟалоит–». Ахьӡ «Балкис» «Ильмука» авариант еицак акәзар ҟалоит[3]. Уи адагьы арабтә текстқәа рыҟны рхы иадырхәоит Балмака авариант («Алмаки лаҳаҭыр аҟнытә»), ари аҵарауаа џьоукы ашьҭахь еицакхаз Билкис ахьынтәаауа акәзар ҟалоит ҳәа ирыԥхьаӡоит[76].

Алада иаагоу легьендақәак аҳәынҭқарԥҳәыс лшьапқәа рзы даҽа гәаанагарақәак ҳадыргылоит:

Аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи иуаҩытәҩсатәым лыԥшразы аҭоурых ҳԥылоит арабтә версиа «Кебра Негаст» аҟны, уи излаҳәо ала, ажәытәӡан Абиссиниа (Ефиопиа) иахагылан аҳәынҭқар шьа злаз аҳәынҭқарҳәсақәа (аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи ҳәынҭқар хылҵшьҭран илымаз ҳәа):

Ари Аҳәынҭқарԥҳәыс (аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи) лан лцәалтәымкәа даныҟаз аџьма ҟәаз дук лылаԥш ақәшәан, уи деилаҳаны ҿаалҭит: «Ари аԥстәы шԥаԥшӡоу! Ашьапқәагьы шԥаԥшӡоу!» ҳәа. Абри аџьма гәхьаалгалозаарын ашьҭахь. Лымгәарҭа иҭаз лыԥҳа даншәы, лызшьапык уаҩытәҩсатә шьапын, егьи- аџьма шьапын. Абас, аҳәынҭқарԥҳәыс лан длыхшеит уаҩ иимбацыз аҭыԥха, длааӡеит, ашьҭахь лхаҵацара анааи, лшьапы ҿаасҭазы аӡәы диццар лҭахымхеит, убас дыҟан аҳәынҭқарра дахагылаанӡа.

E.A.Wallis Budge, The Queen of Sheba and Her Only Son, Menyelek[77]

Аҩадатәи Ефиопиа иҟоуп заақьырсиантә легьенда, уи иаҳәоит аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи аҩсҭаа шьапы злыҵаз. Алегьенда ари тигре абшьҭра датәын аҳәоит, лыхьӡ Етъе Азеб ( «Аладатәи аҳәынҭқарԥҳәыс» ҳәа ахьану Аҿатә Уасиаҭ аҟны мацароуп). Уи лыжәлар ахацәа рыԥҳаиҳабацәа ӡатәс иззаргоз агәылшьап мамзаргьы амаҭ иамҵаныҳәон:

 
Сабеиатәи астела: аишәачареи амахҽ хьчаҩи, аҩыра саба бызшәала ианҵоуп

Ари лҭаацәа раамҭа анааи, рыԥҳа дрыманы иааит, агәылшьап афатә иашьҭаланы иахьаауаз аҵлаҟны инеит. Хара имгакәа абрахь быжьҩык ацқьацәа ааин аҵла инаҵатәеит. Урҭ абри аҭыԥҳа илҿаланы инеиуаз лылаӷырӡ анрықәҭәа, аҵла ианнаҵаԥш, аҭыԥҳа аҵла дшадҿаҳәалаз анырба, илызҵааит, уаҩԥсума бара ҳәа, илызҵаауа рҿаархан, аҭыԥҳа илҳәеит аҵла дшадҿарҳәалаз, агәылшьап дафараны дшыҟоу. Ацқьацәа абыжьҩык агәылшьап џьарла иасын иршьит. Аха уи ашьа Етье Азеб илықәҭәеит азы лызшьапык аҽада шьапны иҟалеит. Ацқьацәа дыԥдыртлан, ақыҭахь бхынҳәы ҳәа ларҳәеит, аха ауаа дықәцаны дкарцеит ауха зегьы аҵла дахьықәтәаз агәылшьап лызнеит ҳәа иԥхьаӡаны. Адырҩаҽны лара ақыҭаҟнытә ауаа лыманы дцан, ишьны икажьыз агәылшьап длырбеит, усҟан иаразнак дҳәынҭқарны дҟарҵеит, лара илеиԥшыз ҭыԥҳакгьы лыцхырааҩыс дҟалҵеит.

E.A.Wallis Budge, The Queen of Sheba and Her Only Son, Menyelek[77]

Европатәи ақьырсиан ныхачаԥаҩыраҟны лшьапқәа ҟыз шьапны иҟалеит[78] — иҟалап агерманцәа рмырҭаҭтә нцәахәы Перхткак аҟыз шьапы зҵаз латрибутқәа рҟынтәи иааргазар. Даҽа версиак ала, Ан Ҟыз илызкыз алакәқәа рхаҿсахьа аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи иалҭаз аныррала ишьақәгылазар ҟалоит. [79]. Акралԥҳәыс Аҟыз Шьапы даара дрылаҵәаны дыҟоуп Аладатәи Франциа (Reine Pédauque, итал. piede d’auca, «аҟәраан шьапы»), насгьы аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи ишлызкыз зынӡагьы ирхашҭхьан.

 
Мариба иҟоу Амра Аныхаба аԥҽыхақәа. Ҳ.ҟ. VIII ашә. иргылоуп, 1000 шықәса еиқәханы иҟан