Илиа Ҳазарҭ-иԥа Лашәриа (аур. Илья Хазаратович Ласуриа; диит ажьырныҳәамза 121931 ш., Кәтол, Очамчыра араион) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Абиографиа аредакциазура

Диит 1931 шықәса ажьырныҳәамза 12 рзы Кәтол ақыҭа Очамчыра араион. 1954 шықәсазы дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт, далгоит 1959 шықәсазы.

Акьыԥхь аҿы - 1955 шықәса инарқны.

Абиблиографиа аредакциазура

  • Сгәыӷрақәа рыҳрақәа. Ақәа, 1979 шықәса.
  • Сқәыпшра акәымжәы. Ақәа, 1981 шықәса.
  • Хратәыла аҿыҳара. Ақәа, 1986 шықәса.
  • Смаҳе. Ақәа, 1988 шықәса.
  • Аԥсҭазаара аидаураҿ. Ақәа, 1991 шықәса.

Алитература аредакциазура

  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 931