Џьонуа, Алықьса Нестор-иԥа

Алықьса Нестор-иԥа Џьонуа (аур. Алексей Несторович Джонуа; лаҵарамза 71920 ш., Ҷлоу ақыҭа, Кәыдрытәи аучастка, Аҟәатәи аокругжәабранмза 271989 ш.) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы.

Абиографиа аредакциазура

Диит 1920 шықәса лаҵарамза 7 рзы Члоу ақыҭа Аимара аҳабла иахьатәи Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 1989 шықәса жәабранмза 27 азы. джуп Аҟәа ашьхараҿб ашәқәыҩҩцәеи усзуҩцәеи рпантеон аҿы. Иқыҭа гәакьаҿ алагарҭатә ҵара аниоу, 1932 шықәсазы дҭалгоит Д.Лакоба ихьӡ зху Ақәатәи аԥсуа школ, далгоит 1938 шықәсазы. Иара абри ашықәсан А.Џьонуа дҭалгоит Ақәатәи ахәынҭҟарратә педагогә институт, далгеит 1947 шықәсазы. далахәын аҩбатәи адунеитә еибашьра. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1937 шықәсазы. Аус иухьан ажурнал «Алашара» аредактор хадас,Аԥсны Аҵарадырра аминистрс. 1986-1989 шықәсазқәа рзы А.Џьонуа аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла данапхгаҩын. Ипоезиатә рҿиамҭақәа премиа.

Абиблиографиа аредакциазура

  • Ашьыжьтәи ашәахәақәа. Аҟәа, 1949 шықәса.
  • Аԥсадгьыл ахьӡала. Аҟәа, 1953 шықәса.
  • Аҭоуба. Аҟәа, 1956 шықәса.
  • Арҩаш. Аҟәа, 1958 шықәса.
  • Ажәеинраалеи анасыԥи. Аәҟа, 1964 шықәса.
  • Уаҵәазы. Аҟәа, 1967 шықәса.
  • Иалкаау.Аҟәа, 1970 шықәса.
  • Сара сгәыӷра. Аҟәа, 1974 шықәса.
  • Еснагь иҳацу.Аҟәа, 1978 шықәса.
  • Иалкаау. Аҟәа, 1980 шықәса.
  • Ашьеи абзиабареи. Аҟәа, 1980 шықәса.
  • «Иалкаау аԥсуа лирика» асериаҿ - Аҟәа, 1980 шықәса.
  • аԥхьарца. Аҟәа, 1986 шықәса.
  • Иалкаау. Аҟәа, 1990 шықәса.
  • Иалкаау. Аҟәа, 1995 шықәса.

Алитература аредакциазура

  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 912-913

Азхьарԥшқәа аредакциазура