Авикипедиа аԥсышәала абызшәарацәа — апроект иахәҭакуп, қәкыс иамоуп инарҭбаан аинциклопедиа адунеи зегьтәи абызшәақәа рахь аԥҵара. Ари ақәкы еиуешым астатиақәа рыла иԥкӡам.

Авикипедиа иамаӡам иалкаан аредақциатә еиҿкаара, дамаӡам ахатә редактор. Уи аҩра илшоит дарбанызаалак адунеи иқәынхо хатәгәабхарала. Авикипедиа спонсорс иамоуп зқьҩла хатәгәапхарала аԥара азалшәо икамерциатәым ахеидкыла.

Авикипедиа ихәыдԥсадатәу зхатә ӡыргара змам асерверқәа ирукуп, дарбанызаалак илшоит уа ииҭаху аинформациа аԥшаара ишәзымԥшаазар иԥҭахыз аԥшаара, уи азы иаҭахӡам алаҳь еиқәҵара. Шәҭал аҽазнык .Авикипедиа аамҭак ала иаԥшаауеит шәзышьҭаз аинформациа. Аԥшызаара арԥшӡара иалшоит шәхала ҩба-хԥа статиа шәҩыр, иара убас аредакциа азҭахны иҟоу астатиа.

«Исықәшәома аԥшра амадератор идикылаанӡа…» Мап, иаԥсам аԥшра! Избанзар Авикипедиа иамам амадераторцәа. Дарбанызаалак зхы иазырхәо илшоит иарбан статиазаалак аредакциа азура. Уи аԥсахра иаразнак ибарҭахоит егьы ахархәараз иҭалаз аредакциа адырга аҵаҟа. Уи азы иаҭахӡам аҽҭаҩра, аха иуднагалоит.