Адиан (ақырҭ. დადიანი) — агыртәи аҭауадшьҭра, . Аурыс традициаҿы - Дадиановы. Дадиани рыҩнқәа ҩба ыҟан: Актәи адинастиа Адиан - 1691 шықәсанӡа аҳра руан. Гәриатәи аҳра анапхгаҩцәа рхылҵшьҭра еиԥшуп. Урҭ рышьҭрақәа Урыстәылаҟа ицеит, урҭ Дадиановы ҳәа ажәлала еицырдыруеит[1]. Аҩбатәи адинастиа Адиан - Чиковани рҭауадшьҭра рҟынтә, 1691 инаркны 1866 рҟынӡа аҳра руан[2]. Актәи адинастиа Адиани рҳаҭгәын Цаленџьыха иҟан, Қьырса Аиқәырхаҩ иныхабааҿы, аҩбатәи – Марҭвилтәи Аныхабааҿ.

Адиан

Агыртәыла Ампыҵакҩыцәа

аредакциазура

Актәи адинастиа

  • Вардан I - (? - 1184)
  • Вардан II - (1184-1213 мамзаргьы 1180-тәи ашықәсқәа - 1190-тәи ашықәсқәа рҟынӡа)
  • Шьаргьыл - (1213-1250 мамзаргьы 1220-тәи ашықәсқәа - 1240-тәи ашықәсқәа), иԥа
  • Вардан III - (1250-1260 мамзаргьы 1240-тәи ашықәсқәа - 1250-тәи ашықәсқәа), иԥа
  • Цотне - (1260-1300 мамзаргьы 1270-тәи ашықәсқәа - 1290-тәи ашықәсқәа рҟынӡа), иашьа
  • Гьаргь I - (1300 (мамзаргьы 1293 рҟынӡа) - 1323), иԥа
  • Мамиа I - (1323-1345), иԥа
  • Гьаргь II - (1345-1384), иԥа
  • Вамеҟ I - (1384-1396), иԥа
  • Мамиа II - (1396-1414), иԥа
  • Липарит I - (1414-1470), иԥа
  • Шьамадавле - (1470-1474 (мамзаргьы 1473)), иԥа
  • Вамеҟ II - (1474-1482), иабшьа (иашьа?)
  • Липарит II - (1482-1512), Шамадавле иԥа
  • Мамиа III - (1512-1532 (мамзаргьы 1533)), иԥа
  • Леуан I - (1532 (мамзаргьы 1533) - 1546), иԥа
  • Гьаргь III - (1546-1573 и 1578 (мамзаргьы 1574) - 1582), иԥа
  • Мамиа IV - (1573-1578 (мамзаргьы 1574-1574) и 1582-1590), иашьа
  • Манча I - (1590-1611), иԥа
  • Леуан II - (1611-1657), иԥа
  • Липарит III - (1657-1658), иашьаиԥа
  • Вамеҟ III - (1658-1661), иабшьа (Георги Липартиани иԥа)
  • Леуан III - (1661-1681), иабиашьаиԥа (Леван II иашьа иԥа)
  • Леуан IV - (1681-1691), иԥа

Аҩбатәи адинастиа (Чиковани)

аредакциазура
  • Гьаргь IV - (1691 (мамзаргьы 1700) - 1704 и 1710-1715 (мамзаргьы 1714))
  • Кац I - (1704-1710), иԥа
  • Бежьан I - (1715 (мамзаргьы 1714) - 1728), иашьа
  • Отиа I - (1728-1757 (мамзаргьы 1758)), иԥа
  • Кац II - (1757 (мамзаргьы 1758) - 1788), иԥа
  • Григол I - (1788-1791, 1794-1802 и 1802-1804), иԥа
  • Мана II - (1791-1793), иашьа
  • Ҭариел - (1793-1794 и 1802-1802), иашьа
  • Леуан V - (1804-1840), иашьаиԥа (Григоль I иԥа)
  • Дауҭ I - (1840-1853), иԥа
  • Никәала I - (1853-1867), иԥа
  • Кац I ихылҵшьҭрақәа Агыртәыла анапхгара азыруан 1803 шықәсаҟынӡа, аҭауад Григол Адиан Урыстәыла атәылауаҩра анидикылоз ашас иаҳасабала. 1867 ашықәсазы, аҳәынҭқар Никәала Адиан аҵыхәтәан Агыртәыла азинқәа Урыстәыла анапы ианиҵеит, насгьы иара ихаҭеи ихылҵшьҭрақәа рҟынтәи еиҳабыз рзы аҳратә хьӡи аҳәынҭқар Агыртәиқәа ажәлеи иоуит; иашьа Андреи аҳәынҭқар Дадиани-Агыртәи ажәла иоуит, уи аҭаацәара егьырҭ аҟәшақәагьы ажәла Дадиан-Гыртәиқәа ныҟәыргоит.

Азгәаҭақәа

аредакциазура