Ажьырныҳәа – Адунеи аншаз амш, аԥсуа жәлар рмилаҭтә, традициатә ныҳәақәа иреиуоуп. Ари аныҳәа адҳәалоуп ажьира анцәахәы – Шьашәы изкны акәырбан аҟаҵара. Ажьырныҳәа еиднакылоит аҭаацәа рыԥшьаҭыԥ аҿы аб ихылҵшьҭра иаҵанакуа аҭынхацәа.

Еицырдыруа ашәҟәыҩҩ Никәала Ҳашыг иҩуан: «Ажьырныҳәа – ари ус баша акәырбан аҟаҵара акәӡам иаанаго, ари ижәытәӡоу, аԥсуаа иныҟәырго адунеи аҿы егьырҭ ажәларқәа ирылазмырҩашьо иԥшьоу ҵасуп. Ажьырныҳәа итрадициатәу аԥсуа культура «Аԥсуара» иҩым азакәанқәа рыԥҟаррақәа ируакуп. Кавказ ажәларқәа рыбжьара џьаргьы иуԥылом иахьатәи аԥсуаа рабацәа рабдуцәа рҿы акәымзар ас еиԥш ажьиирҭеи, ажьира ауси, ажьиҩцәеи раҳаҭыр ҳаракны иахьырбоз».

Алитература аредакциазура

  • Услар П.К. Этнография Кавказа: Языкознание. - Тифлис:, 1887. - 122 с.
  • Абхазоведение: Вып.II/АН АБИГИ им.Д.И. Гулиа. - Сухум: Алашара, 2003. - 229 с.