Баҭал-беи Амаршьан - Дал анапхгаҩы.

Баҭал-беи Амаршьан
Аира ?
Ҵабал, Дал-Ҵабал, Аԥсуа аҳра
Аԥсра 1859
Аԥсыжра аҭыԥ Лаҭа, Дал-Ҵабал, Аԥсуа аҳра
Адин аԥсылманра
Аԥҳәыс Есма-ҳаным Чачба
Ахәыҷқәа Алмасхьыҭ (Михаил), Каблыхә, Адамыр, Хьрыԥс.
Амаҵура Дал ахада

Абиографиа

аредакциазура

Баҭал-беи диит Дарыҟә Амаршьани уи аԥшәмаԥҳәыси Гәыԥҳанашь Барзагь рҭаацәараҿы. Баҭал-беи ихәыҷра иазку аинформациа даара имаҷуп. 19-тәи ашә. 30-тәи аш. Баҭал-беи Амаршьан еиҳа анырра ду змаз аҭауадны дрыԥхьаӡон, избан акәзар есышықәша 30-ҩык ииҭиуан.

Аполитикатә хырхарҭа

аредакциазура

Баҭал-беи зны дадгылан аԥсҳа иган, аха анаҩс аурыс иган дадгылеит. 1837 шықәсазы аурыс ирр Ҵабал ианақәла, аҭауадцәа Шьабаҭ, Ешсоу, Баҭал-беии Дала аҳәаа зегьы иаваршәны агәыԥ шьақәдыргылеит, ахыжәжәарақәа ҟарҵеит, ахьчаҩцәа шьақәдыргылеит уҳәа убас иҵегьы. Араҟа Баҭал-беи Шьабаҭ Амаршьан дидгылан. Аха аурыс ирр Ҵабал ианаалала, аурыс иганахь диасит, уимоу, Шьабаҭ ибаандыҩартәраҿы ацхыраара ҟаиҵеит. Аха 1840 шықәсазы Баҭал ибналаз Шьабаҭ дидгылан. 1842 шықәсазы иашьа данԥсы ашьҭахь, ҩаԥхьа аурыс иганахь диасит. 1845 шықәсазы Баҭал-беи анырра ду змаз аҭауад иакәны дҟалеит, Дал-Ҵабал аҵакырадгьыл дуқәа иман.

Анаҩс Далтәи аҳҭынраҿы анхара далагеит. 1859 шықәсазы Баҭал-беи дыԥсит, аҳҭынра азааигәара анышә дамардеит.

Ахархәара змоу алитература

аредакциазура