Амҷба, Гьаргь Алеқсандр-иԥа

Гьаргь Алеқсандр-иԥа Амҷба (лаҵарамза 101936 ш., Ӷәада, Аԥсны АССР, СССР) — Адырра егьакуп, егьыҩбоуп рҳәоит. Егьиашоуп.

Гьаргь Амҷба аԥсуа жәлар рҭоурых аҭҵаараҿы иааникылоз аҭыԥ хазын. Уи ишьҭихуаз апроблемақәеи, дзыхцәажәоз, иҭиҵаауаз атемақәа ргәылыршәашьеи ирыбзоураны аԥхьаҩцәа иусумҭақәа аҭыҵха рырҭомызт, еимыҵәҵәа иргон.

Гьаргь Амҷба жәа-монографиак дравторын, аҵарадырратә журналқәеи еиуеиԥшым аизгақәеи ирниҵахьаз аусумҭақәа маҷмызт, аха ианакәызаалак иара иҟәнишьон, „иҵегь сылшар ауан,“ – иҳәон.

Гьаргь Амҷба амедиевистикатә дунеи дагәылалеит Кавказ аҭҵаара знапы алакыз аҵарауаа дуқәа иара иахь ихьазырԥшыз, лахә-лахәы ишьклаԥшуаз иоппонентцәа ргәы ашьаҟәаҟәа ҭазҵаз, изыршәыз иусумҭа „Аԥсуа ҳәынҭқарра иазку ақырҭуа нарративтә хыҵхырҭақәа“ ала. Уи нахыс, хрыжь-хрыжь акәзаргьы, еишьҭагыланы рҿаархеит қырҭшәала еиԥш, бырзен бызшәала, шәамахь бызшәала ажәытә шәҟәқәа ирну ҳҭоурых цәырызгаз егьырҭ иусумҭақәагьы: „Абжьаратәи ашәы- шықәсақәа ирыҵаркуа ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа Аԥсназы ирҳәо“,

„Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аԥсны иамаз аполитикатә ҭагыла- заашьа“, „Абжьаратәи ашәышықә- сақәа ирыҵаркуа ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа Аԥсни аԥсуааи рыӡбахә ишалацәажәо“, “Афон-Ҿыц“ уҳәа убас егьырҭгьы. Урҭ рӷьырак аԥсуа хылҵшьҭрақәа рҽеидкыланы, жәларык раҳасаб ала ишышьақәгылаз, нас VIII-X ашәышықәсақәа рзы Кавказ зегьы зырхыџхыџуаз афеодалтә ҳәынҭқарра шыҟарҵаз уҳәа ҳгәы зкуаз азҵаарақәа жәпакы рҭак ҳарҭоит. Егьырҭ иаҳдырбоит жәынгьы-ҿангьы ҭаха ҳазымҭоз ҳгәылацәа бзиахәқәа аҳәаҭыхла ирҿагыланы ҳабацәа дуқәа рыдгьыл гәакьеи рбызшәеи шырыхьчоз.

Аԥсуа культуратә ԥсҭазаараҿы зеиԥш ҟамлацыз хҭысхеит ҵакыла еиԥш, формалагьы иԥшӡаӡа 1993 шықәса рзы ҭырқәшәала Сҭампыл иҭыҵыз Гьаргь Амҷба ишәҟәы „Аԥсуааи алазқәеи“. Уаанӡа иҭыҵхьаз иҩымҭақәа реиԥш, ари ашәҟәаҿы автор аԥхьаҩ иирбоит абжьаратәи ашәышықәсақәа раан аԥсуа етно- политикатә шьақәгыларақәа ирымаз асоциалтә-политикатә ҭагылазаашьеи рхьыԥшымразы урҭ иаадырԥшуаз ахаҵареи.

Aбжьаратәи ашәышықәсақәа аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы даараӡа акрызҵазкуа аамҭан. Зегьы раԥхьаӡа иргыланы, ари Аԥсны афеодалтә еизыҟазаашьақәа рцәырҵреи рыҿиа- реи ираамҭан, ақьырсиантә культура ҳабацәа рабацәа дуқәа ианрылаҵәаз, аԥсуаа рхатә ҳәынҭқарра ҟаҵаны иаркы-ирцә ҳәа геи-шьхеи, ладеи-ҩадеи ианрыбжьаз аамҭан. Урҭ зегьы дырра ҳаракыла, гәык-ԥсык ала, ламысла рыҩра, усҟан, аҭоурыхтә ҵабырг, ишырҳәо еиԥш, ала ҟырҟы ианкылырхуаз аамҭазы, имариамызт.

Аҵарауаҩ ихи иԥси дырмеигӡар акәын. Гьаргь Амҷба абри аус аҿы илшаз ахә ашьара уадаҩуп.

Аҵыхәтәантәи ахәышықәса ирылагӡаны, изыԥшыз идыруазшәа, уи иҭижьит даҽа ҩ-шәҟәык: „Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аԥсны иҟаз акультуреи аидеологиеи“, „Аԥсны абжьаратәи ашәышықәсақәа репохазы“.

Аԥхьатәи ашәҟәы, иара ахьӡ ахаҭа ишаҳәо еиԥш, VI-X ашәышықәсақәа рзы Аԥсны идыргылаз аҭоурыхтә баҟақәеи, ҳәынҭқарратә динк аҳасаб ала аԥсуаа ақьырсианра шрыдыркы-лази, насгьы урҭ рыԥсҭазаараҿы уи иааннакылаз аҭыԥи ирызкуп. Аҩбатәи ашәҟәаҿы ажәытәӡатәи аҩыратә хыҵхырҭақәеи, археологиатә материалқәеи, аетнологиеи ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, автор иааирԥшуеит аԥсуа жәлар рынхамҩа аҭоурыхи рсоциалтә еизыҟазаашьақәеи. Аха Гьаргь уи инапаҿы иааникыларатә еиԥш аразҟы илахь ианымызт.

Иҟоуп акьыԥхь зымбац даҽа усумҭа дук. Уи аԥсуаа рҭоурыхтә антро- понимиа иазкуп. Ари аусумҭа аԥсуаҭҵаараҿы уникалтә ԥҵамҭа ҿыцуп. Аԥсуа саԥсуоуп ҳәа адунеи ишьапы нықәиргылазар аахыс ихьӡырҵоз, хьыӡшьарас ирҭоз, иабиԥарахьыӡқәа уҳәа аԥхьаҩ зинтерес икыша, иџьеишьаша, илакәишьаша рацәоуп ари аусумҭаҿы. Автор ихаҭагьы уи азы алкаа ҷыда ҟаиҵеит: аԥсуа жәлар рҭоурыхтә антропонимиа ретностә ҭоурых аҭҵаара акырӡа иацхраауеит, иҭнагоит. Ҩашьара ақәымкәа уи иаҳнарбоит иара убас урҭ рполитикатә, ркультуратә ориентациагьы.

Гьаргь Амҷба зымҽхак ҭбааз ҵарауаҩын. Уи ибзиаӡаны идыруан дызлиааз ижәлар рбызшәа амаӡақәа, аԥсы ахьҭаз, урҭ рҵасқәеи рқьабзқәеи рҷыдарақәа, рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа уҳәа аԥсуара злеибарку зегьы. Абри аганахь ала иналкааны иазгәаҭатәу усумҭоуп иетнологиатә ҭҵаамҭа „Аԥсуаа рҽыбӷаҟазара“. Хаҭала иара автор „адәы иқәигаз“ аматериал хьыршәыгәқәа ихы иархәаны, ицәыригеит ҳажәлар рыбзазара иузалымхуа иалаз аҽы акульт, иахьанӡагьы урҭ даҽа жәларык ирылазмырҩашьо абаҩҷыдара, ретностә специфика.

Аҵарадырраҿы Гьаргь Амҷба изы аус злаз аҭоурытә факт акәын. Афакт иара изы ихсаалаган, ишәага-заган, иқәырԥшыган, зегьы зхагьежьуаз лыран.

Гьаргь Амҷба дагьеиҭагаҩын. Алықьса Гогәуеи иареи еицхырааны Иаков Цурҭавели иҭоурыхтә рҿиамҭа „Шушаник игәаҟра“ аԥсышәала идырцәажәахьан. Иара ихалагьы аԥсуа ԥхьаҩ ииҭахьан Константине Гамсахурдиа иажәабжьқәа акыр. Аԥсшәа аҟынтә ақырҭшәахь еиҭеигахьан „Нарҭаа репос“. Гьаргь Амҷба ибзоураны аԥсуа ԥхьаҩцәа ироухьан арумын шәҟәыҩҩ Виктор Кернбахи, авенгр ҭоурыхҭҵааҩ Лиош Ҭардии, америкатәи аетнолог Сула Бенети аԥсуаа ирызкны ирыҩхьоу ашәҟәқәа.

Гьаргь Амҷба аԥсабара иланаҵаз абаҩхатәреи идырра дуи аԥсуа ҵарадырреи аҵараиурҭақәеи рзы иҵәатәышьаҟақәан. Жәашықәсала уи иџьабаа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт иадиҵахьан. Уи араҟа зквалификациа ҳаракӡоу аҭоурыхҭҵааҩцәа дреиуан. Аԥсуа Ҳәынҭқарратә университет аҿы алеқциақәа дрыԥхьон, зны Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи ркафедра дреиҳабын, аҽазных аҭоурыхтә факультет дахагылт, ддеканын. Абраҟа Гьаргь Амҷба дпрофессорын, аҿар аҭоурых дирҵон, аԥсуара рылаиааӡон.

Гьаргь Амҷба ҵарауаҩык иаҳасаб ала ддуун, рҵаҩык иаҳасаб алагьы. Аха „издыруеит“ ҳәа мыцхәы иҳәомызт. Иҵкыс аҵара сымоуп ҳәа, ипара збеит ҳәа амалахазгьы ауаҩы диқәыӷә-ӷәомызт, длаирҟәуамызт, уимоу, дзацәажәоз џьара иакәымк иамхаҳәаргьы, дхьижәомызт, имаршәа кны, имырхьааӡакәа ихы иирдыруан.

Хынҩажәифба шықәса қәрам аԥсуа хаҵа изы. Иуаҩра дынҭалеит аҟароуп.

Гьаргь инарцәымҩа дықәлеит еиҳагьы ҳажәлар рҿахәы аниҳәашаз, еиҳагьы анилшашаз, еиҳагьы данаҳҭахыз аамҭазы.

Гьаргь дҵарауаҩын, дҵарауаҩыҵәҟьан. Аԥсуа ҭоурыхҭҵаара иара ида ихьысҳахоит. Шәҩыла анцәа иҳаҭәеишьааит, аха иахьазы Гьаргь Амҷба дзыԥсахша аҭоурыхҭҵааҩ иԥшаара мариам. Уи иахьа еиҵагылоу аԥсуа интеллигенциа зырбеиоз, иӡырызгоз, изырԥшӡоз, ҳагьзлаҽхәоз ауаа хатәрақәа, ауаа нырҳарақәа дреиуан.

Ҟазшьала Гьаргь дҭынчшәа дыҟан, аха дыџьбаран, дтәаны думбар, дгыланы ихы уирбомызт, ачҳара змаз жәытә арԥысын, даамысҭашәан. Аиҩызараҿ дԥышәан – даартын, дыгәшаҭаҩын, дгәыбылҩын, дчеиџьыкауаҩын.

Ҳажәлар дрыԥхеит аҵеи хазына, аҵеи лаша, аҵеи хьӡырҳәага – ауаҩ ду.


Ахыҵхырҭа аредакциазура