Андроникашвилиԥҳа, Қьаҭауан Папуна-иԥҳа

Қьаҭауан Андроникашвили – ақырҭуа аҳкәажә, насгьы Қарҭли-Қахеҭ аҳ Гьаргь XII раԥхьатәи иԥҳәыс лоуп. Лара 1778 шықәсазы лхатә напхгара ақырҭуа ҽыуаҩцәа лезгинтәи ашьхарыуаа рҿаԥхьа аиааира ргеит.

Аҳкәажә Қьаҭауан Андроникашвили
Аира 1754
Аԥсра рашәарамза 31782 ш.
Қарҭ, Қарҭли-Қахеҭтә аҳра
Аԥсыжра аҭыԥ Дауҭ-Гареџьтәи абеирҭыԥ
Адин ақьырсианра
Ахаҵа Гьаргь VII

Абиографиа

аредакциазура

Аҳкәажә Қьаҭауан диит Андроникашвили иҭаацәараҿы, Мраҭашәара-Қырҭтәылатәи аҳра Қахеҭ аҿы зегь реиҳа анырра змаз аҩнқәа иреиуан, урҭ Византиатәи Комнинцәа рдинастиа иахылҵшьҭроуп. Лаб, аҭауад Папуна Андроникашвили, Кизикитәи амоурави (Қырҭтәылаҿ ари ахьӡ зырҭоз ачынуаҩ, тәылаҿацәк ахада иакәын). Лан дызусҭоу еилкааӡам. Илыман хҩык аишьцәа: Мелкиседеқ, Иезе, Реуаз.

Аҳкәажә Қьаҭауан 1766 шықәсазы Қырҭтәыла аҳ Елакра II иԥеиҳабы, Қарҭли-Кахеттәи аҳра аҭынхаҩыс иҟаз Гьаргь диццеит. Ари аибагараҿ Андро-никашвилиаа рыжәла, еиҳаракгьы Қьаҭуан лашьа Реуаз, аҳ иаҳҭынраҿы ихатә иинтересқәа рыҿиара ацхрааразы. Андроникашвилиараа дырҿагылеит Елакра II иԥҳәыс Дареџьан Адианԥҳа дызхылаԥшуаз афракциа. 1780 шықәсазы Дареџьан лпартиа иалшеит Андроникашвилиараа рнырра армаҷра, Елакра Реуаз Андроникашвили Кизики амурави имаҵура дамихырц азы агәра ир-ганы. Акыр шықәса рышьҭахь, 1795 ашықәс азы, аҭауад Реуаз, Елакра иахь ацхырааразы инеиуаз кизиктәи аруаа дырԥырхагахеит, иара убри аамҭазы Елакра фырхаҵарала иқалақь хада ихьчон.

24-шықәса зхыҵуаз Қьаҭауан ахьӡ-аԥшеи, аҳаҭыри лоуит 1778 шықәсазы, Гартискартәи аибашьраҿы иналыгӡаз ароль азы, уи акыр ҵуеит ақырҭцәеи алезгьынцәеи рыбжьара иҟаз аиҿагылара аепизод. Қырҭтәылаҟа ицоз амҩан 500-ҩык раҟара лезгьынтәи ашьхаруаа рыкәша-мыкәша иҟоу аҭыԥқәа рцәырҳәра данрықәшәа, Қьаҭауан хаҭала 300-ҩык рыла еибгаз лҽыуаҩцәа аибашьрахь дцеит, аиааирагьы лгеит. Уи атәы анеиликаа, аҳ Елакра Қарҭ аҭаларҭаҿы арратә ҳаҭыр инагӡаны иҭаца диԥылеит. Лара 1782 шықәсазы 28 шықәса анылхыҵуаз Қарҭ дыԥсит, лҵыхәтәантәи ахшараиураан иҟаз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны. Дамадоуп Дауҭ-Гареџьтәи абеирҭыԥаҿ. Шықәсык ашьҭахь Гьаргь аҳкәажә Мариам Цицишвилиԥҳа дигеит.

Жәаф шықәса рыҩныҵҟа, Қьаҭауан 12 хәыҷқәа лыхшеит:

  • Аҳиԥа Дауҭ (1767 шықәса рашәарамза 1 - 1819 шықәса лаҵарамза 25), Қырҭтәыла аҳ-регент (1800-1801).
  • Аҳиԥа Иуана (лаҵарамза 16, 1768 - жәабранмза 15, 1819), аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы.
  • Аҳԥҳа Варвара (1769 мамзаргьы 1770–1801), 1784 шықәсазы Симон-Зосим Андроникашвили диццеит, хҩык ахәыҷқәа лыхшеит.
  • Аҳиԥа Луарсаб (1771 - 1798 рҟынӡа), иқәыԥшраан дыԥсит.
  • Аҳԥҳа Софиа (1771 - цәыббрамза 28, 1840)
  • Аҳԥҳа Нино (мшаԥымза 15, 1772 - лаҵарамза 30, 1847), Гьаргәал Адиан иԥҳәыс, Гыртәыла аҳ (мҭавари), иԥсра ашьҭахь арегент (1804-1806).
  • Аҳԥҳа Салам (1773 шықәсазы - 1777 шықәса ажьырныҳәамза 3)
  • Аҳиԥа Баграт (лаҵарамза 8, 1776 - лаҵарамза 8, 1841), ашәҟәыҩҩы, Урыстәылатәи Аимпериа асенатор.
  • Аҳкәажә Риԥсиме (1779 - лаҵарамза 27, 1847)
  • Аҳиԥа Салуман (1780 - 1798 рҟынӡа), иқәыԥшраан дыԥсит.
  • Аҳԥҳа Гаиана (цәыббрамза 27, 1780 – рашәарамза 22, 1820), Қсантәи агерцог, Гьаргь иԥҳәыс.
  • Аҳиԥа Ҭемыр (23 мшаԥымза 1782 - 25 жьҭаара 1846), аҭоурыхдырҩы.

Азгәаҭақәа

аредакциазура