Арыцар (апол. rycerz < агер. ritter, раԥхьаӡа “аҽыуаҩ" ҳәа иаанагон. Абжьаратәи Аҩадатәи Агерман бызшәа аҟынтә rîtære “ҽыла ныҟәара”акәын: еиҿырԥштәуп иахьатәи англыз бызшәа to ride аҟынтә уи“ҽыла ныҟәара” ауп rider → аҽыуаҩ ; лат. miles, caballarius, афранцыз. chevalier, англыз. knight, Аитал.. cavaliere) — абжьарашәышықәсатәи аамҭақәа рзы Европа аан иҟаз ахьӡ ду.

Арыцар — аҳәынҭқарра ахада (апапгьы уахь дналаҵаны) мамзаргьы аҳ, ауахәама, атәыла рзы, ҷыдала арратә ҭагылазаашьаҿы, ахаҭарнак ила аҳаҭыртә хьӡы змоу ауаҩы иоуп. [12]

14-тәи ашәышықәсазы 13-тәи ашәышықәсазы инхоз ажәытә германтә рыцар Хартман фон Ауе исахьа, Кодекс Манесса аҟынтә.
Арыцар ихаҭәараҷ

Арыцарцәа шцәырҵыз

аредакциазура

Аритуал инициациа

аредакциазура

Арыцарцәа ркодекс

аредакциазура
 
The miles Christianus allegory (mid-13th century), showing a knight armed with virtues and facing the vices in mortal combat.
Ихадароу астатиа: Арыцарра

Арыцарцәа зегь раԥхьаӡа иргыланы гәымшәарыла еибашьларц, насгьы арратә занааҭдырреи аҳаҭырқәҵашьеи аадырԥшларц ирыхәҭан. Арыцарцәа анҭаркуаз, урҭ еиҳараҩык ирзыманшәалаз аҭыгалазаашьаҿы иҟан. Абри аҩыза ахымҩаԥгашьа егьырҭ аибашьцәа рзы (ашәақьцәа, анхацәа, ашьаҟауаа, уҳәа убас иҵегьы) ирыдҳәаламызт, урҭ лассы-лассы ианҭарк ашьҭахь иршьуан, насгьы аибашьраан арыцарцәа рзы арыцарцәа рахь ирҿагыларц ԥынгылас иԥхьаӡан. [39]

Арыцарра арыцарцәа рзы занааҭтә етикас раԥхьатәи стандартны иҟалеит, урҭ аҽқәа зтәыз, амал змаз ауаа ракәын, дгьылк роуц азы арратә маҵзурақәа рыҭара ирыхәҭан. Раԥхьатәи арыцарра аидеиақәа рахь аҳ изы гәык ала азыҟазаара, аибашьраҿы агәымшәареи ахаҵареи аарԥшра иаҵанакуан, убырҭ ридеиақәа Афырхаҵаратә аамҭа аҵак дуқәа иреиԥшын.

Атурнирқәа(Аицлабрақәа)

аредакциазура
Ихадароу астатиа: Абжьарашәышықәсатәи турнирқәа
 
Манесс икодекс аҟынтәи атурнир, напыла аибашьра аазырԥшуа

Аҭынчраан, аибашьцәа лассы-лассы атурнирқәа рҿы аибашьратә ҟазара аадырԥшуан , урҭ еиҳарак абааш атерриториаҿы имҩаԥысуан. Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзын имҩаԥысуаз аицлабрақәа hastiludes ҳәа изышьҭоу аибашьратә спорт хкқәа рыла ишьақәгылан, урҭ ахәаԥшцәа рзы ихадаз спорттә хкқәан, аха урҭ аибашьра аиссрақәа симуляциақәан. Абжьааԥны урҭ аицлабра анҵәамҭазы аибашьцәа рацәаҩны ирхәуан, мамзаргьы иршьуан. Аицлабрақәа зегьы еицырзеиԥшу аибашьра иреиуан , уи шәҩыла иҟаз аибашьцәа ргәыԥ дуқәа еизаны еибашьуан, амала аҵыхәтәантәи аибашьҩы аиааира игон. Зегь реиҳа еицырдыруаз, еиҳа аромантикзациа зауз аицлабра уи ҩыџьа аибашьцәа амҿтәы ҟәаҟәа ҟьаҟьақәа рыла ианеибашьуаз акәын, рҟәаҟәа аӷа ихы ма ицәеижь иаԥырҵәарц, мамзаргьы зынӡаск иҽы дҭадыршәырц рҽазыршәоит. Аҵыхәтәантәи амш аныҳәақәеи, акәашареи, ашәаҳәареи рыла иҭәын.

Аофициалтә турнирқәа рыдагьы, иофициалла иҟамызгьы аӡбаратә дуельқәагь иҟан, урҭ арыцарцәеи аҳәаҭҳаныҟәгаҩцәеи еиуеиԥшым аимак-аиҿакқәа рҵыхәтәа ԥҵәаразы мҩаԥыргон. [