Ацынҵәарах — Аԥсны анҭыҵгьы еицырдыруа шәҟәҩҩы Б.Шинқәба ироман. Ари ароман аԥсуа жәлар рҭоурых аҟны зегь реиҳа имшы хьанҭаны иҟаз - амҳаџьырра аанарԥшуеит. 19-тәи ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы, Кавказтәи аибашьра ашьҭахь, аԥсуаа рӷьырак рыԥсадгьыл аҟынтә иахыган. Гәдоуҭеи Очамчыреи рраионқәа алаҳамҵозар, егьырҭ арегионқәа зегьы ҭарцәын. Амҳаџьырра иахҟьеит аԥсуаа рыбжеиҳараҩык, миллионбжак рҟынӡа, Ҭырқтәыла иахьынхо.