Ачба, Кьыҵа Хабыгә-иԥа
Кьыҵа (Константин) Хабыгә-иԥа Ачба (аур. Кица Х. Ачба; хәажәкырамза 16, 1918 ш., Ԥақәашь ақыҭа, Очамчыра араион — хәажәкырамза, 1984 ш.) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.
Абиографиа
аредакциазураДиит 1918 шықәса хәажәкырамза 16 рзы Ԥақәашь ақыҭа Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 1984 шықәса хәажәкырамза мзазы. Джуп Аҟәа.
ԥақәашьтәи ақыҭа школ даналга 1935 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә училишьче. Далгоит 1939 шықәсазы. Иара абри ашықәсан арратә маҵуархьы иԥхьоит. Уаҟа уи дрылгеит еиуеиԥшым арратә ҵареиурҭақәа.
Далахәын аҩбатәи адунеитә еибашьра.
Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1939 шықәсазы.
Абиблиографиа
аредакциазураАлитература
аредакциазура- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 917