Иасон Ашьхарыуа (Ҷлоу ақыҭа, Очамчыра араион) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы.

Абиографиа

аредакциазура

Диит Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа. А-30-тәи ашықәсқәа рзы аҵара иҵон Аҟәатәи апедагогтә техникум аҿы; абраҟа иҵара шынаигӡоз дычмазаҩхан иԥсҭазаара далҵит /шәахәаԥш абри а6ыжьымҭаҿ икьыԥхьу И. Ашьхарыуа игәаларшәара иазкыу Б. Шьынқәба иажәеинраала: «Абри зпатреҭда ҳәа усзымҵаан...» — иҩуп 1939 шықәсазы/.

Антологиаҿ икьыԥхьу Иасон Ашьхарыуа иажәеинраала аагоуп 1934 шықәсазы Аҟәа иҭыҵыз аколлективтә еизга «Раԥхьатәи ашьаҿақәа» аҟнытә.

Алитература

аредакциазура
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 908