Аԥсны адунеи аҿы раԥхьаӡатәи ауаҩытәыҩса дзықәнагалаз атәылақәа иреиуоуп.

Аԥсуаа – жәытә-натә аахыс Кавказ иқәынхо жәларуп. Кавказ иашьагәыҭу ашьхарыуаа иреиуоуп. Аԥсуаа – адыгьа гәыԥ иатәуп: аԥсуаа, абазақәа, адыгьақәа – иахьа аедыгьқәа, ачарқьазқәа, аҟабардақәа ҳәа изышьҭоу. Урҭ бызшәак ауп ирымоу, насгьы ачарқьазқәагьы, аҟабардақәагьы, дара аедыгьқәагьы, зегьы, «адыга» ҳәоуп рхы ишашьҭоу. Аԥсуааи аедыгьқәеи ирыбжьагылан аублаа, аха, Кавказтәи аибашьра иахҟьаны, урҭ ықәӡааит. Ԥыҭҩык нханы иҟоуп Ҭырқәтәылан, аха рбызшәа рцәыӡхьеит.

Аҵарауаа ишырҳәо ала, аԥсуааи адыгьақәеи ирзааигәан хԥа-ԥшьба нызқь шықәса раԥхьа Азиа маҷ иқәынхоз ахылҵшьҭрақәа – ҳаҭҭаа. Ҳаҭҭаа ирзааигәан рҳәоит ажәытәхыҵхырҭақәа рҿы зыхьӡ ҳԥыло акаскқәеи абешлааи.

Аԥсуа-адыгьа хылҵшьҭрақәа ажәытәӡа Азиа маҷ иқәынхоз ҳаҭҭааи, акаскқәеи, абешлааи хылҵшьҭрак ишатәыз, бызшәалагьы ишеилибакаауаз атәы рҳәоит иара убас археологиеи, аетнологиеи атопонимикеи. Синоԥа Акамԥсыс, Арыԥса, Дәабзы, Сыԥса, Малҭаҟәа, Чаҟәа уҳәа Ҭырқәтәылантә абрахь, Кавказҟа ухы рханы уҿааухар, Амшынеиқәа аԥшаҳәаҿы иуԥыло атопонимқәеи агидронимқәеи кыр аԥсышәала, ма адыгьа бызшәала ишцәажәо умбарц залшом. Аҵарауаа ари азҵаара иалацәажәахьеит, уи иазкны амонографиатә усумҭақәа ҭрыжьхьеит. Реиҳараҩык еицҿакны ирҳәо акоуп: уи Аџьазтә епохаан Азиа маҷ Мрагылараҩадатәи аган инаркны, Амшынеиқәа инаваршәны, Мрагылараладатәи Кавказнӡа аԥсуааи адыгьқәеи ржәытәхылҵшьҭрақәа шынхоз атәы.

Ҳера ҟалаанӡа I азқьышықәса аҽеиҩшамҭаз Амшын еиқәа мрагыларатәи аԥшаҳәаҿы инхоз аԥсуа хылҵшьҭрақәа рыбзазараҿы аиҭакра дуқәа ҟалеит. Анхамҩа ус аҿы аиха рылаҵәеит. Амҽхак ҭбаахеит адгьылқәаарыхра, еиҳаракгьы алаҟәырақәа рҿы. Ҳера ҟалаанӡа II ашәышықәсазы Диоскуриа ахатәԥараҿырп ҭнажьуа аҟынӡа амчхара змоу қалақьхеит. Аха нас, иаалырҟьаны, иахьыз уаҩы изымдырӡо, Диоскуриа аиҳарак ӡааҟәрылт.

Аҭоурыхи археологиеи еиласоуп. Археологиа – аҭоурыхтә ҵарадырра аҟәша хадақәа ируакуп, иҭнаҵаауеит ажәытәӡатәи, антикатәи, абжьаратәи ашәышықәсақәа рхаантәи аамҭа, ауаҩытәыҩса дызнысхьоу имҩа, иԥсҭазаара.

Ишаадуруеиԥш, ауаа адунеи ианықәнагала, раԥхьаӡатәи аепоха – ахаҳәтә епоха ҳәа иашьҭан, избанзар мыругас ирымаз – ахаҳәлых маҭәарын. Уи аҿиаразы иаҭаххеит 500 – 600 нызқь шықәса инареиҳаны. Ари аепоха шоит хԥаны: ижәытәӡоу палеолит, ибжьаратәу мезолит, иҿоу неолит аамҭа ҳәа. Абри аамҭа атәы зҳәо Аԥсны адгьылҵакыраҟны ирыԥшаахьоу, зхыԥхьаӡара рацәоу археологиатә маҭәарқәа рацәоуп.

Аԥсны палеолит алагамҭазы Амшын еиқәа 60-80 метр рҟынӡа иҳаракын ҳәа ирыԥхьаӡоит аҵарауаа.

Заатәи ашельтәи аепохаа ауаҩы ихы иаирхәон ахаҳәлых, анаҩс амҿлых, абаҩлыхгьы. Мустиертәи аепохаан ауп ауаҩытәыҩса амцажәла аникыз, иуԥыло иалагеит ашьанҵа иалху ахыҵар.

Палеолит анҵәамҭазы ауаатәыҩса рыԥсабаратә ҭагылазаашьа акырӡа аҽаԥсахит. Аҵарауаа изларыԥхьаӡо ала, убасҟан оуп ауаҩытәыҩса ибиологиатә ҭагылазаашьагьы аҽанаԥсах, ихшыҩгьы аҿиара ианалага, иӡит раԥхьаӡа имаз аԥстәы изыннажьыз ахныҟәгашьақәагьы.

Неолит ахаан Аԥсны хныҟәгагас ауаҩы имаз ашәарыцара акәын, уи адагьы диасуеит напыла аусурахь – арахә ааӡара, амазеиҟәшәара (абна ирнаҭоз афатә аҟәшәара).

Ахаҳәтә епохаҟнытә аиха аепохахь аиасра ҟалеит. Уи абҩатә епоха ҳәа иашьҭан, мамзаргьы абҩеи ахаҳәи репоха, даҽакала иахьӡуп енеолит аепоха ҳәа.

Аԥсны енеолит абаҟақәа аарԥшын аӡиас Ԥсоу аҟны. Иԥшаан аҟәарахаҳә иалху амыругақәа. Неолит абаҟақәа рыӡбахә анаҳҳәо иҳәатәуп Кистрик анхарҭа, Гәандра, Гәада ихәы.

Аихабҩалых аӡрыжәраҟнытә ауаатәыҩса арҭәарахьы ииасуа ианалага аамҭа – аџьазтә епоха ҳәа иашьҭоуп.

Аԥсны акырџьара иааԥшхьеит изаау аџьазтә епоха иаҵанакуа абаҟақәа: Очамчыра ажәытәнхарҭаҟны абаӷәаза аныҟарҵоз аамҭазы амаҭәарқәа ирыԥшааз зегьы хаҳәлыхын.

Ирыԥшааит арахә ааӡара атәы зҳәоз абаақәа. Заатәи аџьаз епоха абаҟақәа рахь иаҵанакуеит адольменқәа. Аԥснынтәи адольменқәа ааирԥшит А. А. Миллер 1907 шықәсазы Гагра азааигәара. Убас адольменқәа Аԥсны иуԥылоит Кәыдырҭа инаркны Таманынӡа, Нхыҵҟа рҳәаа наӡоит Адыгьаа ртәыла аҟынӡа.

Ихьшәоу аџьаз аепохахь иаҵанакуеит XII – VII ашәышықәсқәа ҳера ҟалаанӡа, даҽакала, Колхида – Кобантәи аепоха.

Аԥсны ари аепохаан иԥшаан аџьаз маҭәахәқәа, орнаментла ирҭәаз аусуга еихақәа, аџьаз маҟақәа, аџьаз лыхқәа: ауаҩи арахәи рфигурақәа, аскульптура, аибашьыгатә бџьарқәа: аихақәа, аҟама кьаҿқәа, арԥшӡагақәа, аџьазлых хыц хәыҷқәа, аихаӡалых ҟама, аиха иалхыз аӷәра.

Иахьа Аԥсны иуԥылоит антикатә нхарҭақәа: Диоскуриа (Аҟәа), Гиуенос (Очамчыра), Питиунт (Пицунда). Урҭ рааигәа-сигәа ишьақәгылаз анхарҭақәа – Агәыӡера, Ешыра, Гәдоуҭа.

Иԥшаан аҩнымаҭәақәа, асаанқәа, аԥҳалқәа, ацәашьҭра, акыцӡырҭа фрына, ҵҩа змам акерамика, аихалых, анхамҩатә мыругақәа. Аҟәа имҩаԥысуан ахәаахәҭра: аимпорттә ҩнымаҭәақәа (асаанқәа, арыжәтә чысмаҭәақәа).

Ихьшәоу антикеи абжьаратә шәышықәсқәеи рбаҟақәа рахь иаҵанакуеит амфорақәа, абџьарқәа: аџьазлых маҟақәа, аибашьыга еихақәа, аԥсақәа, ахҿақәа, акәылӡы маҭәақәа, аӷәреи акәадыри рҟәынақәа, аҵәҵәақәа, аҳәызбақәа, аҳәызбахыга амақьа.

Аԥсуа жәлар ржәытәхылҵшьҭрақәа рыбзазараҿы афеодалтә еизыҟазаашьақәа ршьапы ркит аҳратәратә еизыҟазаашьақәа аилаҳарахь рхы андырхаахыс – III – IV ашәышықәсақәа инадыркны. V – VI ашәышықәсқәа рзы урҭ ршьапы иқәгылт: аекономикаҿ еиԥш, ауааԥсыра рдоуҳатә ԥсҭазаараҿгьы аԥыжәара ааныркылт.

Адинхаҵара

Аԥсуаа ақьырсианра ашьапы зкыз жәларқәа ирзааигәан, урҭи дареи ҳәынҭқаррак иатәын. Ҳәарада, ақьырсианра ахыԥшаа дара рҟынӡа иааиразы џьабаадук, аамҭадук аҭахны иҟамызт. Убри азоуп уи Симон Канонит ҳәа изышьҭаз апостол ихьӡ изадҳәалоугьы. Аҳәамҭа ишаҳәо ала, Симон Кананит Аԥсны гәеисырҭас иамаз Анаҟәаԥиа амҵан джуп. Иара ихьӡ ахуп убра, Ԥсырӡха аԥшаҳәаҿы игылоу аныхабаагьы.

Ақьырсианра ҳәынҭқарратә динк аҳасаб ала аԥсуаа ианрыдыркыла VI ашә. актәи азыбжазоуп – Иустиниан ҳәа иҟаз Мрагыларахьтәи Рим аимператорт ихаан. Убринахыс ауп Абасгиа, Аԥсилиа, Санигиа ҳәа иша-шаны иҟаз аԥсуа дгьылқәагьы реидҵара атенденциа анцәырҵ, аԥсуа жәлар ржәытәхылҵшьҭрақәагьы аконсолидациахь рхы андырхаз, жәларык раҳасаб ала рмилаҭтә хдырра ашәра ианалагаз.

VI ашәышықәсқәа аԥсуа хылҵшьҭрақәа (аԥсилқәа, амиссимианқәа, абасгқәа, асанигқәа) рзы шьаарҵәыра шәышықәсахеит. Еинышәашьа змамыз Џьамтәылеи Византиеи – иаркы-ирцә ҳәа адунеи иқәыз аҩ-ҳәынҭқаррак – ахьнибарҵәоз ирыбжьахәаша ицарц егьаарыгымхеит. Аха аибашьрақәа рыҟны ирӡрыжәхьаз аԥсуа хылҵшьҭрақәа рыхгьы еиқәдырхеит, рыԥсадгьылгьы еиқәдырхеит.

Аԥсны аҳра

VIII ашәышықәсазы Аԥсҳа Леон I Византиа абӷа иман, амчгьы иман. Уи азоуп Арчил ҳәа иҟаз ақырҭуа ҳәынҭқаргьы иашьа Мириани иареи рыуаажәлар рыманы Аԥсныҟа изеихаз. Урҭ аԥсҳа ирезиденциаҿ, Анаҟәаԥиа абааҿы, иааны рҽырҵәахит. Леуан I дцаны аланқәа драцәажәеит ацхыраара ирҭарц. Арчили Мириани зықьҩык ар рыцын. Анаҟәаԥиа аҵаҟаҵәҟьа иҟаз аԥсуа-еибашьцәа ракәзар, хыԥхьаӡарала ҩнызқьҩык иреиҳан. Арабқәа Анаҟәаԥиа иаадгылт ҵҩа змамыз ар рыманы. Аҭоурых излаҳәо ала, 40-нызқьҩык еиҵамызт урҭ. Анаҟәаԥиа амҵа шьаарҵәыраҭыԥхеит. Аха Анаҟәаԥиа рызмырҵысит арабқәа. Анаҟәаԥиа зыхьчоз ахацәа арабқәа Аԥсны иалцаны икарцеит. Аԥсуа-еибашьцәа абраҟагьы иаанымгылт, урҭ алазқәеи ақырҭқәеи ирыцхрааны аӷа Кавказ аҳәаақәа дырхырцеит.

Абас ала, VIII ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа рыламҭалазшәа Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасаб ала ашьақәгылара аҽазнакит. Дук мырҵыкәа Лазикагьы Аԥсны иадиҵеит Леон I.

VIII ашә. аҩбатәи азбжазы Аԥсны аҭагылазаашьа маншәалахеит. Аԥсҳа Леон II уи шьахәлаҵәҟьа ихы иаирхуеит. 80-тәи ашықәсқәа рзы Леон II аладатәи иҳәаақәа Аԥсара (Ҷарыхә) аӡиас аҟынӡа илеигеит, мрагылара аганахьалагьы Сурам ашьхақәа рҟынӡа инапахьы инеигеит. Аҩадатәи иҳәаақәа ракәзар, Ҭҟәаԥсанӡа инаӡон. Леон II даақәгьежьаан Византиаа ишьҭахь раиархеит, - «шәара шәимпериа уаҳа сара сахьԥшым, шәсыламкьакьан, сшәылакьакьом», - ҳәа реиҳәеит. Абас ала, аԥсҳа Леон II, -сара сҳәынҭқарроуп, саԥсуаҳәынҭқарроуп, -ҳәа ажәлар ирылеиҳәеит. Аԥсҳа ирезиденциа – Анаҟәаԥиа – Аԥсуа-ҳәынҭқарра иаҳҭнықалақьхеит.

Аетнологиа

Аҟәа (Сухум) – Аԥсны аҳҭнықалақьуп. Раԥхьаӡа Аҟәа аҭыԥхьыӡ уԥылоит III – II ашәышықәса ҳера ҟалаанӡа. Абырзен ҩырала ахьӡ «Аки» «Аку» ҳәа изныз колхидатәи амаҭәашьар аҟны, насгьы II-тәи ашә.ҳ.ҟ. иԥшааз абаа «Акуа» акерамикатә қьырмыт аҟны.

Раԥхьаӡа аетимологиа шьақәзыргылаз дреиуоуп П.К. Услар. Уи игәаанагарала Аҟәа изхылҵыз Аҟәҟәа ауп «Ихаҳәроу аҟәара». К.Д. Маҷавариани Аҟәа иадиҳәалоит алаҭын «аква» - аӡы.

Сухум – Аҟәа инаваргыланы ахархәара амоуп офицалла Аԥсны иаҳҭнықалақьны. Жәытәла аҵарауаа изларҳәо ала, Сухум аҭыԥхьыӡ уԥылон «Еиа» ҳәа (V ашә. I ашә. ҳ.ҟ. арнонавтцәа рмиф аҟны), анаҩс Диаскуриа ҳәа. А I ашә. ҳераан иуԥылоит аримтә ҭыԥхьыӡны Себаст, Себастополь, Севастополь. XI-тәи ашә. иуԥылоит ақырҭуа ҭоурыхҭҵааҩцәа рыҟны «Цхуми- город Апсилиа» ҳәа.

Цхум Сухум ҳәа иуԥылоит ахсаалақәа рыҟны (Иссмаил Абульфед. 1331 ш), афранцыз хсаала Делисла (1723 ш.) рыҟны). К. Маҷавариани Сухум аетимологиа шьақәиргылеит атиурк бызшәаҟнытә: су «аӡы», хум «аԥслымӡ». Ҳгәаанагарала ари аетимологиа иазааигәоуп.

Аԥсны (Абхазия -урыс быз.) – аԥсуа жәлар рҳәынҭқарра иахьӡуп. Ҳәаас иамоуп мрагылара аганахь ала Қырҭтәыла, мраҭашәарахь – Урыстәыла, аҩада – Кавказтәи ашьхақәа, алада – Амшын еиқәа.

Раԥхьаӡа аҩыраҟны Аԥсны ҳԥылоит ажәытә аерман ҩырақәа рыҟны V ашәышықәсазы. Абырзен - Византиатәи аҩыраҟны Аԥсны Абазгиа ҳәа иуԥылоит, аҭырқәа, аурыс ҩырақәа рыҟны Абаза, Абазгиа, ақырҭқәа рҟны Аԥхазеҭи ҳәа.

Атерминқәа Аԥсны, Абхазиа, Абазгиа Абаза, Абазиа, Апхазети аҵарауаа русумҭақәа рыҟны еицырзеиԥшу терминуп.

Аԥсны (Абхазия -урыс быз.) – аԥсуаа ржәытә азеиԥшетникатә дгьылҵакыроуп, ишьақәгылеит заатәи абжьарашәышықәсазы – аԥсуа хылҵшьҭрақәа рыла: абазгаа, асанигцәа, амиссимианаа, аԥсилаа.

VIII ашәышықәсазы ишьақәгылоит Аԥсны аҳра. X-XII ашәышықәсқәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарра ду аизҳазыӷьара аамҭазы ҳәаас иҟан аӡиас Чорох, Азербаиџьан, аӡиас Кубан (Анчабадзе. Из истории средневековой Абхазии. V-XVIIIвв). Сухум. 1959. С.III.

Аԥсны XVII ашә. инадыркны ицәырҵуеит агенуезцәа. XV ашә. аҩбатәи азбжазы урҭ ирыԥсахуеит аҭырқәцәа XIX ашәышықәсанӡа.

1810 шықәсазы Аԥсны Урыстәыла иалалеит.

Аԥсны жәытә-натә аахыс инхоз ажәлар – аԥсуаа ракәын, жәытәла аԥса, аԥсар, аԥсақәа ҳәа ирышьҭан.

Аԥсуа бызшәа аԥсуа-адыгатә бызшәатә гәыԥ иаҵанакуеит.