Аԥсны Афырхаҵа (аур. Герой Абхазии) — Аԥсны иреиҳаӡоу алкаара. Ахьӡи амедали аԥҵоуп 1992 шықәса ԥхынҷкәынмза 4 рзы.[1]

Аԥсны Афырхаҵа аорден

Анашьаразы аҵаҵӷәқәа ариашара аредакциазура

Ахьыӡқәа рыхҵахоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿаԥхьа афырхаҵара аарԥшра инамаданы хаҭалатәи ма аколлективтәи лшамҭақәа рзы. Ахьыӡ рыхҵахоит Аԥсны атәылауаа реиԥш, Аԥсны Аҳәынҭқарра иатәылауаам ахаҿқәагьы

Амедаль ахҳәаа аредакциазура

Аԥсны Афырхаҵа ранашьахоит ҷыдала аҽалкааразы адырга — амедаль. Амедаль ихьӡырку аметалл иалху, аа-кәакьҭак змоу, агәҭаҟны иԥсаҟьаны ашәахәақәа зну еҵәоуп. Аеҵәа ахыхь ианубаалоит астилизациа зызу игәылгоу амра адырга. Аеҵәа агәҭаны хәы змоу ахаҳә ануп. Ахҳәааҟны иарбоу хәы змоу ахаҳә ахаангьы хархәара амоуӡац. Аа-кәакьҭак змоу аеҵәа еиҿагылоу анҵәамҭақәа — 35 мм рыбжьоуп. Амедаль аарҳәны ашьҭахьтәи аган аԥсышәала «Аԥсны афырхаҵа» ҳәа аҩыра ануп. Амедаль алымҳацәи амацәази рыла бырфынла ихҟьру ԥшь-кәакьҭак змоу ачаԥара иадҳәалоуп. Алента ԥшшәқәас иамоуп —зҽеиҭнызыԥсахло ииаалоу ацәаҳәақәа ԥшьба ишьацԥшшәылоуи хԥа ишкәакәои. Амедальқәа рдизаин авторс дамоуп — асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа.[2]

Аныҟәгашьа аԥҟарақәа аредакциазура

Амедаль ныҟәыргоит агәышԥы арымарахьтәи аган аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аорденқәеи амедальқәеи рханы.

Аԥсны Афырхаҵа аредакциазура

Анашьаразы актәи аусԥҟа инапы аҵаиҩит Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба 1993 шықәса ԥхынҷкәынмза 30 рзы. Абри аҽны «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ рыхҵан 25 –ҩык аибашьра аветеранцәа. 2014 шықәса ԥхынҷкәынмза 4 рзы «Аԥсны Афырхаҵа» амедаль ранашьан 363-ҩык.[3]

Ақалақьқәа-афырхацәа ариашара аредакциазура

Алитература аредакциазура

  • Безруков М. П., Туровский А. Е. Награды государств мира. — Тула: Гриф и К, 2013. — С. 13. — ISBN 978-5-91503-137-3.

Азгәаҭақәа аредакциазура