Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа — 1994 шықәса абҵара 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара 12-тәи ааԥхьара иаднакылеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларызегьтәи бжьыҭирала иақәшаҳаҭхеит 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларызегьтәи абжьыҭира (ареферендум) аан ирыдыркылаз аԥсахра алагаланы.

ақ. Аҟәа, 2001 ш.

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АКОНСТИТУЦИА аредакциазура

Ҳарҭ, Аԥсны жәлар, ҳхатәҳәаақәҵаратә зин аԥсҭазаара иаларҵәо, жәлары зегьы рзы насыԥла аԥсҭазаареи аҩныҵҟатә гәҭынчреи ҳарзықәԥо, ауаҩы изинқәеи, ихақәиҭрақәеи, ауаажәларратә ҳәоуеиқәшәареи шьақәырӷәӷәо, гәеизҳарала ирылаҳҳәоит, иагьышьақәҳаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа.

АКТӘИ АХЫ. АКОНСТИТУЦИАТӘ ШЬАҚӘГЫЛАШЬА АШЬАҬАҚӘА аредакциазура

АХӘҬАҶ 1. Аԥсны - жәлар рхатәҳәаақәҵаратә зин инақәыршәаны, ҭоурыхла ишьақәгылаз, суверентә, демократиатә, зинтә ҳәынҭқарроуп. Ахьыӡқәа "Аԥсны" ("Аԥсны Аҳәынҭқарра"), "Республика Абхазия" ҵакыла акоуп, еиҟароуп.

АХӘҬАҶ 2. Ажәлармчра - Аԥсны аҳәынҭқарратә мчра шьаҭас иамоуп. Аԥсны асуверенитет ныҟәгаҩыси уи амчра хыҵхырҭаси иамоу Аԥсныжәлар роуп. Ажәлар рымчра аԥсҭазаара иаладырҵәоит дара рхала ма рхаҭарнакцәа рыла.

АХӘҬАҶ 3. Аԥсны – жәларбжьаратәи азин иалахәу – егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи иареи рыбжьара ишьақәнаргылоит аиқәшаҳаҭратә еизыҟазаашьақәа. Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵашьеи, акьыԥхь рарбашьеи, рышьақәырӷәӷәашьеи, рԥыргашьеи шьақәыргылахоит закәанла.

АХӘҬАҶ 4. Аԥсны шьақәгылоуп араионқәеи (Гагратәи, Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи, Гәылрыԥшьтәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Галтәи) ақалақьқәеи (Гагра, Гәдоуҭа, Афон Ҿыц, Аҟәа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал) зҵазкуа аҭоурыхтә дгьылқәа Саӡны, Бзыԥын, Гәма, Дал-Ҵабал, Абжьыуа, Самырзаҟан рыла. Аԥсны иаку, лакьысра зқәым, зыцәгара ҟамло тәылоуп.

АХӘҬАҶ 5. Адгьыли егьырҭ аԥсабаратә аагарҭақәеи ажәлар ирхатәуп, Аԥсны аҩныҵҟа урҭ рхы иадырхәоит иагьырыхьчоит ажәлар рыԥсҭазаареи рџьауси шьаҭас изларымоу ала. Аԥсабаратә аагарҭақәа рныҟәгашьеи рхархәашьеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рҭыԥ иқәҵахоит Аԥсны азакәанқәа рыла.

АХӘҬАҶ 6. Аԥсны ҳәынҭқарра бызшәас иамоуп аԥсуа бызшәа. Аурыс бызшәа, аԥсуа бызшәа инаваргыланы, аҳәынҭқарратәии егьырҭ еиуеиԥшым аусҳәарҭақәеи рыҟны ахархәара амоуп. Аԥсны иқәынхо егьырҭ ажәлар гәыԥқәа зегьы рхатәы бызшәа иақәиҭны ахархәара аҳәынҭқарра азин рнаҭоит.

АХӘҬАҶ 7. Аҳәынҭқарратә мчра Аԥсны имҩаԥгахоит азакәанԥҵаратәи, анагӡаратәи, аӡбаратәи мчрақәа рыла еихшаны. Азакәанԥҵаратәи, анагӡаратәи, аӡбаратәи - ихьыԥшым мчрақәоуп.

АХӘҬАҶ 8. Аԥсны ахархәара аманы иршьоит иагьалдыршоит аҭыԥантәи ахаланапхгара, иара азинмчхарақәа рыҩныҵҟа ахақәиҭра аманы. Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа реилазаара иалаӡам.

АХӘҬАҶ 9. Абри Аконституциа иреиҳаӡоу азинтә мчра амоуп. Аԥсны ирыдыркыло азакәанқәеи егьырҭ азинтә нҵақәеи Аконституциа иашьашәалазароуп.

АХӘҬАҶ 10. Аԥсны ахатә ҳәынҭқарратә символика амоуп - аҳәынҭқарратә бираҟ, адырга, ахьыӡрашәа - урҭ шеиқәыршәатәу шьақәдыргылоит Аконституциатә закәанқәа рыла. Аҟәа (Сухум) - Аԥсны иаҳҭнықалақьуп.

АҨБАТӘИ АХЫ. АУАҨИ АТӘЫЛАУАҨИ РЗИНҚӘЕИ РХАҚӘИҬРАҚӘЕИ аредакциазура

АХӘҬАҶ 11. Аԥсны рықәшаҳаҭуп иагьахьчоит ауаҩы изинқәа Еицырзеиԥшу Адекларациеи, аекономикатә, асоциалтә, аполитикатә, акультуратә, атәылауаҩратә зинқәа ирзынархоу Жәларбжьаратәи Апактқәеи, иара убас егьырҭ еицеиқәшаҳаҭны ирыдыркылахьоу жәларбжьаратә-зинтә нҵақәа зегьы рыҟны иарбоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи.

АХӘҬАҶ 12. Ауаҩы ицшоуп ихадароу азинқәеи ахақәиҭрақәеи. Дарбанзаалак ауаҩы дшоуп ихы дақәиҭны. Азакәани аӡбареи рҿаԥхьа зегьы еиҟароуп милаҭлеи, хаҵалеи, ԥҳәыслеи, бызшәалеи, хылҵшьҭралеи, маллеи, маҵуралеи, нхарҭа ҭыԥлеи, динлеи, дунеихәаԥшышьалеи, идеологиалеи, цәаԥшшәахәылеи ҳәа еилых ҟамҵакәа.

АХӘҬАҶ 13. Ауаҩы ԥсабарала имоуп аԥсҭазаареи, ахақәиҭреи, ахатә мали, аӡә диламкьысуа аҟазаареи рзин.

АХӘҬАҶ 14. Дарбанзаалак ауаҩы ихатә ԥсҭазаареи, ихатәи, иҭаацәаратә маӡеи, ихьӡ-иԥша ахьчареи, инамыси, идинхаҵареи, ирҿиаратә уси, ихәыцреи, иажәеи, идунеихәаԥшышьеи дрықәиҭуп.

АХӘҬАҶ 15. Дарбанзаалак ауаҩы ирҳәацәара, иргәаҟра, иаҳаҭыр аларҟәра, иакәым иақәыршәара залшом.

АХӘҬАҶ 16. Дарбанзаалак ауаҩы дақәиҭуп дахьцо-дахьаауа, иҭыӡҭыԥ алхра, шәҟәыла-быӷьшәыла, егьырҭ ацҳаражәҳәарақәа рыла аимадара амаӡа.

АХӘҬАҶ 17. Ауаа зегьы ахеидкылареи, аҭынчратә еизарақәеи, аицымҩасрақәеи рымҩаԥгара азин рымоуп.

АХӘҬАҶ 18. Аконституциатә шьақәгылашьа мчыла аԥсахра, аҳәынҭқарра ашәарҭа аҭаргылара, бџьарла еибыҭоу архәҭақәа реиҿкаара, ауаа социалла, милаҭла, динла реичырчара хықәкыс измоу ауаажәларратә хеидкылақәеи, апартиақәеи, аҵысрақәеи реиҿкаара ҟалом.

АХӘҬАҶ 19. Дарбанзаалак ауаҩы дрықәиҭуп аҩны-агәара, аекономикатә, аџьатә хақәиҭра, аҵарадырра, аԥсшьара, ахәшәтәыратә цхыраара, асоциалтә маншәалара.

АХӘҬАҶ 20. Ауаҩы иҩны-игәара лакьысра ақәым. Аӡәгьы азин имам, изтәу дазыразымкәа, иҩны аҩналара, закәанла ианышьақәыргылои аусӡбара азин анинаҭои рыда.

АХӘҬАҶ 21. Дарбанзаалак ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи аҳәынҭқарреи аусӡбареи ишырыхьчо ала агәрагара имазароуп.

АХӘҬАҶ 22. Аԥсны аус ауеит ахарадара апрезумпциа. Ахара здырҵо хара имам хәа дыԥхьаӡоуп, ахара шиду еилкаахаанӡа, азакәантә мчы зоухьоу аусӡбаратә лахьыҭарала ишьақәыргылахаанӡа. Ахара здырҵо ахара шидым ашьақәырӷәӷәара иара иуалӡам.

АХӘҬАҶ 23. Дарбанзаалак иаанкылоу ма иҭаку ауаҩы, данааныркыла ма данҭарк инаркны, азин имоуп адукат ицхыраара ихы иаирхәар, азин имоуп иара убас идукат дыҟамкәа иҿахәы римҭар.

АХӘҬАҶ 24. Иҟаиҵаз ацәгьоуразы аҵыхәтәантәи ахарадҵарала ахара здырҵахьоу дарбанзаалак иара убри ацәгьоуразы еиҭа иусӡбара залшом.

АХӘҬАҶ 25. Аҭакԥхықәра шьақәзыргыло ма изырымчуа азакәан ҿыц ииасхьоу аус аилыргараан мчы амаӡам.

АХӘҬАҶ 26. Дарбанзаалак азин имоуп аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи амаҵурауааи закәандарала иахьизныҟәаз иахҟьаны иоуз аԥырхага аҳәынҭқаррала ахарҭәаара.

АХӘҬАҶ 27. Аԥсны атәылауаҩ ҳәа иԥхьаӡоу ари ахьӡ зихыххом, итәыла дзалцахом, насгьы даҽа ҳәынҭқаррак дзаҭахом.

Аԥсны иара атәылауаа агәра днаргоит, урҭ атәыла анҭыҵгьы ишахьчо, ишырхылаԥшуа.

АХӘҬАҶ 28. Жәаа шықәса зхыҵыз Аԥсны атәылауаҩ абри Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи ишьақәдыргылаз азинқәеи ауалԥшьақәеи зегьы инагӡаны инапаҿы иҟоуп.

АХӘҬАҶ 29. Аԥсны атәылауааи уи иқәынхо зегьи ируалуп азакәан инақәыршәаны ашәахтәқәа ршәара.

АХӘҬАҶ 30. Аԥсны иҟоу дарбанзаалак иуалуп Аԥсны азакәанқәеи Аконституциеи рықәныҟәара.

АХӘҬАҶ 31. Дарбанзаалак ауаҩы иуалуп егьырҭ ауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи ҳаҭыр рықәҵара.

АХӘҬАҶ 32. Дарбанзаалак ауаҩы иуалуп иааикәыршаны иҟоу аԥсабара аи3аҳареи ахьчареи.

АХӘҬАҶ 33. Аԥсадгьыл ахьчара Аԥсны атәылауаа зегьы ируалԥшьоуп.

АХӘҬАҶ 34. Аконституциаҿы иалкаау зинқәак реиқәыԥхьаӡара иаанагом ажәларбжьаратә-зинтә нҵақәа рыла еицрыдыркылаз егьырҭ азинқәа мап рыцәктәуп ма иларҟәтәуп ҳәа.

АХӘҬАҶ 35. Аԥсны ирыдрымкылароуп егьҭырмыжьроуп ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи аԥызхуа ма илазырҟәуа закәанк иадамхаргьы.

Азинқәеи ахақәиҭрақәеи рыԥкрақәак алагалазар ҟалоит конституциатә закәан мацарала Аконституциатә шьақәгылашьа ахьчаразы, ашәарҭадареи ауаажәларратә еиҿкаареи рырӷәӷәаразы, ауаҩы игәабзиареи инамыси рыхьчаразы, иара убасгьы аԥсабаратә рыцҳарақәеи, иҷыдоу ма аибашьратә ҭагылазаашьа аан.

АХԤАТӘИ АХЫ. АЗАКӘАНԤҴАРАТӘ МЧРА аредакциазура

АХӘҬАҶ 36. Ари Аконституциа ишьақәнаргылаз азакәанԥҵаратә зинмчхарақәа зегьы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент имҩаԥнагоит.

АХӘҬАҶ 37. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент шьақәгылоуп 35-ҩык адепутатцәа рыла.

Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит зегьы еицырзеиԥшу, еиҟароу, изныктәиу алхратә зинтә шьаҭа инақәыршәаны, маӡа бжьыҭирала.

Жәлар Реизара азинмчхарақәа ҿҳәарас ирымоуп хәы-шықәса.

Жәлар Реизара адепутатцәа ралхшьа аԥҟарақәа шьақәнаргылоит аконституциатә закәан.

АХӘҬАҶ 38. Аԥсны Жәлар Реизара депутатны дҟалар илшоит 25-шықәса зхыҵуа, алхратә зин змоу дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩ.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ма Аминистрцәа Реилазаара иалахәу, насгьы аҳәынҭқарратә усбарҭа аилазаареи аӡбаратә усҳәарҭақәеи ирыҵанакуа амаҵураҭыԥқәа аанызкыло, мамзаргьы аԥара зхыршәаауа даҽа усурак знапы алаку, арҵаҩратә, анаукатә, арҿиаратә усура аламҵакәа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент алахәхара илшом.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Жәлар Реизараҿы имҩаԥырго русуразы Аԥсны Аҳәынҭқарра ирзоунажьуеит рџьабааԥса.

АХӘҬАҶ 39. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рылакьысра зинӡам урҭ рымчхара аҿҳәара ааиаанӡа. Урҭ раанкылара, рҭакра, реимдара азин ыҟам, ацәгьара ахьыруыз аҭыԥ аҿы иаанкыламзар, иара убасгьы хаҭала ргәаҭара залшом, егьырҭ ауаа ашәарҭа иҭазыргыло дара акгьы рыдбаламзар. Рыламкьысра аԥыхра азҵаара Аԥсны Жәлар Реизара иаӡбоит.

АХӘҬАҶ 40. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа руалԥшьа анагӡараҿы ралхцәа рыдҵала иҿаҳәахарц залшом.

АХӘҬАҶ 41. Ҿыц иалху Аԥсны Жәлар Реизара раԥхьатәи аилатәара ааиԥхьоит Аԥсны Ахада алхрақәа рышьҭахь мызкы аҩныҵҟала.

АХӘҬАҶ 42. Аԥсны Жәлар Реизара иара аилазаара аҟынтәи иалнахуеит Аиҳаби уи ихаҭыԥуааи егьырҭ амаҵурауааи, еиҿнакаауеит акомиссиақәеи аилакқәеи.

Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Аԥсны Жәлар Реизара аилатәарақәа мҩаԥигоит, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рзинмчхарақәа рынагӡараҿы ацхыраара риҭоит, иаҭаху адыррақәа рыла еиқәиршәоит, Аԥсны Жәлар Реизара ақәҵарақәа инапы рыҵаиҩуеит.

Аиҳабы далырхаанӡа ҿыц еиҿкаау Аԥсны Жәлар Реизара раԥхьатәи аилатәара мҩаԥигоит қәрала дара зегьы иреиҳабу Аԥсны Жәлар Реизара адепутат.

АХӘҬАҶ 43. Ҿыц иалху Аԥсны Жәлар Реизара аусура ианалага инаркны уанӡатәи  Аԥсны Жәлар Реизара азинмчхарақәа нҵәоит.

Аԥсны Жәлар Реизара имҩаԥнагоит шықәсык ҩ-еилатәарак (ааԥынтәи аилатәара, ҭагалантәи аилатәара).

Аԥсны Жәлар Реизара аусушьа аԥҟара иҳәаақәнаҵоит.

АХӘҬАҶ 44. Аԥсны Жәлар Реизара иаднакыло иарбанзаалак аӡбамҭазы иаҭаху адепутатцәа рхыԥхьаӡара ыҟазароуп. Азакәанԥҵаратә нҵақәа рыдкыларазы, ҷыдала Аконституциа иазгәанаҭаз акы акәымзар, иҟазароуп Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтә реиҳараҩык. Аконституциатә закәани даҽа закәанқәаки рыдкылара аан иҟазароуп ахԥа рыҩхәҭак ирыҵаркуа рбыжьқәа Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә.

АХӘҬАҶ 45. Аԥсны Жәлар Реизара иаднакылаз иарбан закәанпроектзаалак Аԥсны Ахада изнагалатәуп.

Аԥсны Ахада инапы аҵаиҩыр, уи азакәанапроект акьыԥхь иарбахоит Аԥсны Жәлар Реизара ианаднакылаз инаркны жәохә мшы рыҩныҵҟала.

Азакәан амч аиуеит ианыркьыԥхь инаркны, еиҳа ихьшәаны азакәан амч аиура, азакәан ахаҭа ианышьақәнаргыло ада.

Азакәанапроект Аԥсны Ахада дақәшаҳаҭымзар, уи Аԥсны Жәлар Реизарахь иргьежьуеит, дзықәшаҳаҭым азгәаҭаны. Аҩынтәтәи ахәаԥшраан ахԥа рыҩхәҭак ирыҵаркуа абжьқәа рыла азакәанапроект рыдыркылазар, Аԥсны Ахада инапы аҵаиҩыроуп, иагьҭижьроуп.

Аԥсны Ахада азакәанапроект аниоу инаркны жәамш рыҩнуҵҟала Жәлар Реизарахь имыргьежьзар, усҟан азакәанӡбатә закәанхоит, Аԥсны Ахада инапы аҵаиҩызар еиԥш. Азакәанӡбатә закәанхаӡом аилатәара ахгара иахҟьаны Аԥсны Ахада Жәлар Реизарахь измыргьежьзар.

АХӘҬАҶ 46. Аԥсны Жәлар Реизараҿы азакәанԥҵаратә ԥшьгара азин рымоуп Жәлар Реизара адепутатцәеи, Аԥсны Ахадеи, Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбареи, Аԥсны Апрокурор Хадеи.

АХӘҬАҶ 47. Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара:

1) иаднакылоит Аконституциеи Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи;

2) иаднакылоит аҭыԥантәи аҳәаақәа рыԥсахрақәа ирызку ақәҵарақәа;

3) иазыӡырҩуеит атәылаҿы ҭагылазаашьас иҟоуи, аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәеи, нас урҭ рымҩаԥгареи ирызку Аԥсны Ахада инашьҭымҭақәа;

4) иахәаԥшуеит егьышьақәнарӷәӷәоит аҳәынҭқарра абиуџьет, уи анагӡарагьы хылаԥшра азнауеит;

5) иаднакылоит ашьауӷатә, ашьауӷатә-усеилыргаратә, амҩақәҵаратә-џьатә, атәылауаҩратә, атәылауаҩратә-усеилыргаратә, аиныршәаратә уҳәа азакәанԥҵарақәа, аӡбареиҿкаареи апрокуратуреи ирызку азҵаарақәа;

6) имҩаԥнагоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи реилыркаара иазку аусқәа;

7) ишьақәнаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи, аҳаҭыртә, арратә хьӡалкаақәеи;

8) ишьақәнарӷәӷәоит, ишыԥнарго рыланаҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа;

9) иалнахуеит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳаби уи ихаҭыԥуааи;

10) амаҵура ианаҭоит, рхы иақәиҭнатәуеит, азакәан инақәыршәаны, Аԥсны Ахада иқәиргыло Апрокурор Хадеи, Амилаҭтә банк Ахантәаҩи, егьырҭ амаҵурауааи;

11) иаднакылоит Аминистрцәа Реилазаара иалахәу џьоукы бжьыҭирала иӡбоу рыгәрамгара рылаҳәара иазку ақәҵарақәа;

12) Аԥсны Ахада ахара иднаҵоит уи имаҵура нижьразы;

13) ирыланаҳәоит амнистиа;

14) иаӡбоит аибашьра рылаҳәареи аинышәара рыбжьаҵареи ирызку азҵаатәқәа;

15) иаӡбоит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыламкьысра азҵаатәқәа;

16) иаӡбоит и3ыдоу аҭагылазаашьеи аибашьратә ҭагылазаашьеи ралагалара ахьынӡазинрку;

17) инанагӡоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи иадырҵо егьырҭ азинмчхарақәа.

АԤШЬБАТӘИ АХЫ. АНАГӠАРАТӘ МЧРА аредакциазура

АХӘҬАҶ 48. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟа анагӡаратә мчра Аԥсны Ахада имадоуп.

Аԥсны Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра хыс дамоуп.

АХӘҬАҶ 49. Аԥсны Ахада иалхра мҩаԥысуеит зегьы еицырзеиԥшу, еиҟароу, изныктәиу алхратә зин ашьаҭала, маӡа бжьыҭирала, хәы-шықәса аҿҳәара аҭаны.

Аԥсны Ахадас далырхуеит милаҭла иаԥсыуоу, 35-шықәса иреиҵамкәа, қџ-шықәса иреиҳамкәа изхыҵуа, алхра азин змоу Аԥсны атәылауаҩ.

Аԥсны Ахадас аӡәы инеиԥынкыланы ҩ-ҿҳәарак иреиҳаны иалхра залшом.

АХӘҬАҶ 50. Аԥсны Ахада имчхарақәа рынагӡара далагоит ҭоуба аниуы инаркны, имчхарақәа рынагӡара даҟәыҵуеит иҿҳәара анааилак, ҿыц иалху Аԥсны Ахада ҭоуба аниуы инаркны.

Аԥсны Ахада иалхшьеи иалхра аҿҳәареи шьақәыргылахоит конституциатә закәанла.

АХӘҬАҶ 51. Аԥсны Ахада имаҵура данахагыло, Аԥсны Жәлар Реизараҿы ҭоуба иуеит Иреиҳаӡоу Аӡбара аӡбаҩцәа адԥхьаланы. Аҭоуба атекст Жәлар Реизара ишьақәнарӷәӷәоит.

АХӘҬАҶ 52. Аԥсны Ахада изинмчхарақәа неигӡонаҵы, аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә хеидкыларақәеи иҽрылаирхәуам.

Аԥсны Ахада Жәлар Реизара дадепутатӡам, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усбарҭақәа ирыҵаркәа иарбанзаалак даҽа маҵурак идикылар ҟалом, ахаԥшьгаратә налаҵаны.

Аԥсны Ахада ишьақәыргылоу аҿҳәарақәа раан иусуразы ианашьахоит иџьабааԥса Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтә.

АХӘҬАҶ 53. Аԥсны Ахада:

1) дырхылаԥшуеит ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи, Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи, уи ажәларбжьаратә хыдҵақәеи рынагӡашьа;

2) иҳәаақәиҵоит аҩнуҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа;

3) аҳәынҭқарра дахаҭарнакуп ажәларбжьаратә усқәа рҟны;

4) инапы рыҵаиҩуеит аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа;

5) имҩаԥигоит Аԥсны ашәарҭадареи аҳәаақәа рыламкьысреи рзы иаҭаху аусқәа, еиҿикаауеит, хадарагьы азиуеит зыстатус закәанла иҳәаақәҵахо Ашәарҭадара Асовет;

6) ишьақәирӷәӷәоит Аԥсны аибашьратә доктрина;

7) Аԥсны Ар Ԥызас дрымоуп;

8) аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи жәларбжьаратәи еиҿкаарақәеи рҟны Аԥсны адипломатиатә хаҭарнакцәа ықәиргылоит, ирхынҳәуеит;

9) ишьақәирӷәӷәоит аҳәынҭқарратә, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә, амилаҭтә ҿиара апрограммақәа;

10) Аԥсны иахьаҵанакуа иалиршоит афинанстә, акредиттә политикеи, анаука, аҵараиура, акультура, агәабзиара, аекологиа, асоциалтә еиқәшәара ирыдҳәалоу аполитикеи рымҩаԥгара;

11) иалиршоит атәылауаҩра, ахатә мал азыҟазаашьақәа, абиуџьет-финанстә система, ашәахтәқәҵара, иааҳакәыршан иҟоу аԥсабара ахьчара, аҳәынҭқарратә маҵура рызҵаарақәа иаку рзакәанԥҵаратә мҩақәҵара;

12) Жәлар Реизара аилатәарақәа рылатәара азин имоуп, ианааиҭаххо аамҭазгьы ажәа иҭалатәуп;

13) атәылауаа ршәарҭадара ахьчаразы, азакәан инақәыршәаны Аԥсны иалеигалоит а3ыдаҭагылазаашьеи аибашьратә ҭагылазаашьеи, убри анаҩс урҭ аҭагылазаашьақәа Жәлар Реизара ишьақәнарӷәӷәоит;

14) Аԥсны Жәлар Реизараҿы иара изинмчхарақәа инарықәыршәаны иқәиргылоит Амилаҭтә банк Ахантәаҩи, Апрокурор Хадеи, егьырҭ амаҵурауааи ркандидатурақәа, иара убас Жәлар Реизара иалеигалоит урҭ рхы рақәиҭтәра азҵаарагьы;

15) ишьақәиргылоит Жәлар Реизарахь алхрақәа рымҩаԥгара;

16) амаҵура иеиҭоит иагьамихуеит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны анагӡаратә мчра ахадацәа;

17) дрыхәаԥшуеит анагӡаратә мчра аусбарҭақәа реиҿкаареи русушьеи рызҵаарақәа;

18) аминистррақәа, аусҳәарҭақәа, араионқәа, ақалақьқәа рхадацәа, иара убас аҭыԥантәи ахаланапхгара рынҵақәа аԥихуеит, урҭ Аԥсны Аконституциеи азакәанԥҵареи ирҿагылозар;

19) ирылеиҳәоит ареферендум ихаԥшьгарала, Жәлар Реизареи Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбареи рыдҵала, азакәан ишаҳәо инақәыршәаны;

20) Жәлар Реизарахь инеигоит атәылаҿы ҭагылазаашьас иҟоуи, Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәеи ртәы зҳәо есышықәсатәи анашьҭымҭақәа, инеигоит аҳәынҭқарратә биуџьетӡбатәқәеи, уи анагӡара иазку аҳасабырбеи;

21) азин имоуп Жәлар Реизара изаамҭаным аилатәарақәа рааԥхьара;

22) иӡбоит азакәан инақәыршәаны Аԥсны атәылауаҩра азҵаарақәа;

23) иалиршоит ахара анажьра;

24) иранеишьоит аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, ириҭоит аҳаҭыртә, арратә иара убас и3ыдоу ахьыӡлкаақәа;

25) ишьақәиргылоит астандартқәа, аеталонқәа, акапанреи ашәага-загеи ракқәа;

26) инеигӡоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи идырҵо егьырҭ азинмчхарақәа.

АХӘҬАҶ 54. Аԥсны Ахада дицалырхуеит уи Ихаҭыԥуаҩгьы. Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ икандидатура ықәиргылоит Аԥсны Ахада иҭыԥ ахь кандидатс иҟоу.

Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩыс далхзар ҟалоит алхра азин змоу, 3џ-шықәса иреиҵам, қџ-шықәса иреиҳам Аԥсны атәылауаҩ.

Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ, изинмчхарақәа неигӡонаҵы, аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә хеидкылақәеи иҽрылаирхәуам.

Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Жәлар Реизара дадепутатӡам, иарбанзаалак егьырҭ аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усбарҭақәа ирыҵаркуа маҵурак дахагылар ҟалом, аиҿырцааратәқәагьы налаҵаны.

Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ ианашьахоит иџьабааԥса, уи иазыԥҵәоу аамҭақәа инарықәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟнытә.

АХӘҬАҶ 55. Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Аԥсны Ахада идҵала инаигӡоит уи инапынҵақәак, Аԥсны Ахада диԥсахуеит, уи даныҟам ма иусқәа рынагӡара анилымшо.

АХӘҬАҶ 56. Атәыла зегьы аҿы анагӡаратә мҩаԥгатәқәа азеиԥш хылаԥшра рыҭаразы Аԥсны Ахада Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара напхгара азиуеит.

Аминистрцәа Реилазаара шьақәиргылоит Аԥсны Ахада, уи иара инапаҵаҟагьы иҟоуп.

Аминистрцәа Реилазаара иалахәуп Аԥыза-министр, Аԥыза Ихаҭыԥуаа, Аминистрцәа, закәанла иазгәаҭоу егьырҭ амаҵурауаа.

АХӘҬАҶ 57. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишынеибаку ма уи иалахәу џьоукы рмаҵура ааныжьра азин рымоуп.

Амаҵура ааныжьра Аԥсны Ахада иҿаԥхьа иқәдыргылоит. Уи азин имоуп идикылар ма мап ацәикыр.

АХӘҬАҶ 58. Аԥсны Жәлар Реизара Аминистрцәа Реилазаара иалоу руаӡәк иахь агәрамгара аанарԥшыр, усҟан уи азҵаара Аԥсны Ахада иҿаԥхьа иқәнаргылар алшоит. Азҵаара ҵыхәаԥҵәала изыӡбогьы Аԥсны Ахада иоуп.

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аиҿкаареи аусуреи ҳәаақәҵахоит конституциатә закәанла.

АХӘҬАҶ 59. Аԥсны Ахада изинмчхарақәа рхархәара залшом Аконституциатә шьақәгылашьа аԥсахразы, закәанла иалху егьырҭ аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа реимырпразы ма русура аанкыларазы.

АХӘҬАҶ 60. Аԥсны Ахада, иара изинмчхарақәа рҳәаақәа дырҭымҵкәа, аус зуа азакәанԥҵара ашьаҭала, насгьы уи анагӡарала иҭижьуеит Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо амч змоу аусԥҟақәеи адҵақәеи.

АХӘҬАҶ 61. Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи ирықәымшәо Аԥсны Ахада иқәҵарақәа аԥыхзар ҟалоит Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбара ақәҵарала.

АХӘҬАҶ 62. А3ыда ҭагылазаашьеи, аԥсабаратә рыцҳарақәеи, аибашьрақәеи раан Аԥсны Ахада азин имоуп иҭижьыр азакәан мчы змоу, хымԥада иаарласӡаны инагӡатәу, иара убри аамҭазыҵәҟьа Жәлар Реизарахь инацҳатәу ақәҵарақәа.

АХӘҬАҶ 63. Аԥсны Ахада ихаҭара лакьысра ақәым. Аԥсны Ахада ихьӡ-иԥшеи иаҳаҭыри азакәан иахьчоит.

АХӘҬАҶ 64. Аԥсны Ахада иҭоубеи, Аконституциеи, Аԥсны азакәанқәеи еилеигар, имаҵура дамхзар алшоит.

Абри аҩыза ақәҵара аднакылоит Аԥсны Жәлар Реизара, Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбара аихшьала шьаҭас иҟаҵаны, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә ахԥа рыҩхәҭак ирыҵаркуа еиҳау бжьыла, маӡа бжьыҭирала.

АХӘҬАҶ 65. Аԥсны Ахада ианааиҭаху аамҭазы имаҵура аанижьыр илшоит. Имаҵура ааныжьра азҵаара аӡбоит Аԥсны Жәлар Реизара. Аӡбара рыдыркылоит ахԥа рыҩхәҭак ирыҵаркуа абыжьқәа рыла.

АХӘҬАҶ 66. Аԥсны Ахада дамырхыр, иԥсҭазаара далҵыр, имаҵура нижьыр ма изинмчхарақәеи иусқәеи рынагӡара илымшар, урҭ иусқәа ыиасуеит Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ иахь. Аԥсны Ахадагьы, уи Ихаҭыԥуаҩгьы рмаҵура иамырхыр, иԥсыр, рмаҵура аанрыжьыр, ма Аԥсны Ахада иусқәа рынагӡара рылымшар, урҭ аусқәа ыиасуеит Аԥсны Аԥыза-министр иахь. Аԥсны Ахада иусқәа рынагӡара ари ахәҭа3 аҿы еиқәыԥхьаӡоу аӡәгьы илымшар, урҭ аусқәа ыиасуеит Жәлар Реизара Аиҳабы иахь.

АХӘҬАҶ 67. Аԥсны Ахада иусқәа назыгӡо ауаҩы изинмчхарақәа амч рымоуп, Аԥсны Ахада иусқәа рынагӡара илзмыршо амзызқәа аԥыххаанӡа, ма Аԥсны Ахада ҿыц далырхаанӡа.

Аԥсны Ахада ҿыц иалхрақәа мҩаԥгахароуп хымыз рыҩнуҵҟала. Убысҟан Аԥсны Ахада иусқәа назыгӡо азин имаӡам ареферендум рылаҳәара, Аԥсны Аконституциа арҽеирақәеи аиҭахәаԥшреи ирызку ажәалагалақәа рықәыргылара.

АХӘБАТӘИ АХЫ. АӠБАРАТӘ МЧРА аредакциазура

АХӘҬАҶ 68. Азинӡбара Аԥсны иназыгӡо аӡбара мацароуп.

Анхамҩатә еимакрақәа еилнаргоит Аиныршәаратә ӡбара.

Аӡбареиҿкаара Аԥсны ишьақәыргылахоит конституциатә закәанла.

АХӘҬАҶ 69. Ӡбаҩцәас иҟалар рылшоит 27-шықәса зхыҵыз, иреиҳаӡоу азинҵара иалгахьоу, азинтә занааҭла хәы-шықәса иреиҵамкәа аусура аԥышәа змоу Аԥсны атәылауаа. Аԥсны Аиныршәаратә ӡбара Аиҳаби уи аӡбаҩцәеи алнахуеит Аԥсны Жәлар Реизара Аԥсны Ахада иажәалагалала.

АХӘҬАҶ 70. Аӡбаҩ иусқәа рынагӡара иалеигӡар ҟалом иарбанзаалак даҽа ҳәынҭқарратә маҵурак ма аџьаԥса зхыршәаауа иарбанзаалак усурак, арҵаҩратә, анаукатә, арҿиаратә усурақәа ракәымзар.

Аӡбаҩцәа иазалху аҿҳәарақәа рзы иранаршьоит рџьабааԥса аԥара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟнытә.

АХӘҬАҶ 71. Аӡбаҩцәа алырхуеит хәы-шықәса ҿҳәарас ирыҭаны. Аӡбаҩцәа лакьысра рықәым, ихьыԥшым, Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи роуп знапаҵаҟа иҟоу.

Аӡбаҩ ашьауӷатә ҭакԥхықәра идҵара залшом закәанла иҳәаақәҵамкәа.

Аӡбаҩ изинмчхарақәа имхра ма раанкылара залшом, закәанла ишьақәыргылоу ҵаҵӷәык амамкәа.

АХӘҬАҶ 72. Аусқәа реилыргара аӡбарақәа зегьы рҟны иаартны имҩаԥысуеит, закәанла ишьақәыргылоу хҭысқәак ианрыхәаԥшуа ада.

Аӡбарарҿиара мҩаԥысуеит иалахәу наҟ-ааҟ реиндаҭлареи зинла реиҟарареи шьаҭас иаманы.

АХӘҬАҶ 73. Аԥсны аӡбаратә мчра иреиҳаӡоу усбарҭас иамоуп Иреиҳаӡоу Аӡбара.

Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбара4

1) ирыхәаԥшуеит аусқәа Аԥсны Ахадеи, Жәлар Реизареи, иара убас аҳәынҭқарратә мчра егьырҭ аусбарҭақәеи ма аҭыԥантәи ахаланапхгара усбарҭақәеи ирыдыркылаз ақәҵарақәа Аконституциа рақәшәареи рақәымшәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегьы рыла;

2) ирыхәаԥшуеит аҳәынҭқарреи аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәеи рыбжьара ицәырҵуа аимакқәа ирыдҳәалоу аусқәа;

3) ирыхәаԥшуеит алхрақәа рылҵшәақәеи алхрақәа рымҩаԥгашьеи ирызку аусқәа;

4) азин амоуп иаӡбар иарбанзаалак аимакқәа, мамзаргьы агәаанагара аҳәар Аконституциа иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкны;

5) имҩаԥнагоит ашьауӷатә, атәылауаҩратә, анапхгаратә ӡбарарҿиара;

6) Аԥсны аӡбарақәа зегьы ирыӡбаз аусқәа азакәан рақәшәара иашьклаԥшуеит;

7) аӡбарақәа зегьы ирнаҭоит аусӡбаратә еиҿкаарақәа раан изықәныҟәаша анапхгаратә еилкаарақәа.

АХӘҬАҶ 74. Аԥсны аӡбарақәа рықәҵарақәа шьҭырхуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала.

АХӘҬАҶ 75. Аԥсны Апрокурор Хадеи уи инапаҵаҟа иҟоу апрокурорцәеи4

ацәгьауратә усқәа реилыргара азакәан иахьынӡақәшәо иашьклаԥшуеит;

иадгылоит аҳәынҭқарратә харадҵара аӡбараҿы;

аӡбара иаларгалоит Аԥсни уи атәылауааи рыхьчара иазку ашшыԥхьыӡқәа;

аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи, амаҵурауааи закәандарала еиқәдыршәаз анҵақәа раԥыхра ма рыриашара азҵаара ықәдыргылоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура аусбарҭақәа ирымоуп иаку аилазаара, урҭ рзинмчхарақәа мҩаԥыргоит иарбанзаалак даҽа мчрақәак ирхьыԥшымкәа.

АХӘҬАҶ 76. Аԥсны Апрокурор Хада имаҵура иаҭареи иамхреи мҩаԥнагоит Аԥсны Жәлар Реизара Аԥсны Ахада иажәалагалала.

Егьырҭ апрокурорцәа рмаҵура иеиҭоит Аԥсны Апрокурор Хада.

АХӘҬАҶ 77. Апрокуратура аусбарҭақәа рзинмчхарақәеи, реиҿкаареи, русуреи ҳәаақәнаҵоит азакәан.

АФБАТӘИ АХЫ. АҬЫԤАНТӘИ АХАЛАНАПХГАРА аредакциазура

АХӘҬАҶ 78. Аҭыԥантәи ахаланапхгара мҩаԥгахоит араионқәеи ақалақьқәеи, егьырҭ аиланхарҭақәеи рыҟны.

АХӘҬАҶ 79. Аҭыԥантәи ахаланапхгара атәылауаа имҩаԥыргоит рхатәгәаԥхара ишиашоу аиҭаҳәарала ма аҭыԥантәи ахаланапхгара алхратә усбарҭақәа рыла.

Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рыҟны анагӡаратә мчрақәа рхадацәа Аԥсны Ахада иалихуеит аҭыԥантәи ахаланапхгара аилазаараҟнытә.

Аҭыԥантәи ахаланапхгара аилазаара аиҿкаареи азинмчхарақәеи шьақәыргылахоит закәанла.

АХӘҬАҶ 80. Аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа ишьақәдыргылоит аҭыԥантәи абиуџьет, аҭыԥантәи ашәахтәқәеи, аԥаралхрақәеи рнапаҿы иҟоуп, ишырҭаху рхы иадырхәоит аҭыԥантәи амал, ирыхьчоит ауаажәларратә еиҿкаара, иҳәаақәырҵоит дара рыҩнуҵҟатә еилазаара, иара убас ирыӡбоит аекономикатә, асоциалтә уҳәа дара рҳәаақәа ирҭаӡо, егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәак ирыҵарымкуа азҵаарақәа.

АХӘҬАҶ 81. Абри Аконституциеи азакәанқәеи рыла ишьақәыргылоу аҭыԥантәи ахаланапхгара азинқәа рыԥкра аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ирылшом. Аҭыԥантәи ахаланапхгара закәанла имҩаԥнаго аусқәа аҽрылагалара залшом.

АХӘҬАҶ 82. Аҭыԥантәи ахаланапхгара усӡбарала ахыхьчара иақәиҭуп, азинмчхарақәа ахы иақәиҭны, ԥықәсларада имҩаԥнагаларц азы.

АБЫЖЬБАТӘИ АХЫ. АКОНСТИТУЦИАТӘ РИАШАРАҚӘЕИ АКОНСТИТУЦИА АИҬАХӘАԤШЫШЬАҚӘЕИ аредакциазура

АХӘҬАҶ 83. Аԥсны Аконституциа аиҭахәаԥшреи ариашареи рызҵаарақәа рықәыргылара рылшоит Аԥсны Ахада, Аԥсны Жәлар Реизара, Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбара, Аԥсны Апрокурор Хада.

АХӘҬАҶ 84. Аԥсны Аконституциа ариашарақәа рыдыркылоит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟнытә ахԥа рыҩхәҭак ирыҵаркуа абжьқәа рыла.

Азхьарԥшқәа аредакциазура