Аԥсҳа
Аԥсҳа – Аԥсуа аҳ ититул ауп[1][2][3][4].
Атитул «аԥсҳа» ахьынтәааз инҭкааны еилкааӡам. Иҟоуп аԥсҳа «Аԥсны аҳ»[1] ҳәа еиҭагоуп зҳәақәо, иҟоуп уи атитул «доуҳала иӷәӷәоу»[2], «аԥсы ҳарак»[2] ҳәа еиҭазгогьы. Д. Чачхал излеиҳәо ала, аԥсҳа аԥсуа монарх имацара иакәым, егьырҭ аҳрақәеи аҳәынҭқаррақәеи рнапхгаҩцәа ирыхьӡутәыр шалшо (иаҳҳәап, аурыс аԥсҳа Иуа VI, бырзентәи аԥсҳа Елакра I)[3][5].
Аԥсҳа аҳәса рҟазшьа змоу “аҳкәажәду”[4] шыҟоугьы, ари атитул еиҳарак аҳ иҳәсақәа ракәын измаз, аха иҟан аҭагылазаашьақәа, аҳкәажәду ҳәа атитул анапхгара зуаз аҳәсаа ианрыҭаз.
Афбатәи ашәышықәсазы Аԥсны Санигиа, Абазгиа, Аԥсилиа, Мисимианиа раҳрақәа рыла ишьақәгылан. Аха усҟан атитул “аԥсҳа” ыҟамызт, уи аҭыԥан “Ач” ҳәа атитул ахархәара аман, аха дук мырҵыкәа ари атитул Ажәла Ачба (Ач иԥа) ахь ииасит[6].
787 ашықәс азы Аԥсны анапхгаҩыс дҟалеит раԥхьаӡа акәны “аԥсҳа” ҳәа атитул здызкылаз аԥсҳа Леуан II . Ари атитул Аԥсны официалла ахархәара аман 787 инаркны 1014 рҟынӡа, аԥсуа аԥсҳа Баграт II ақырҭуа аԥсҳа (меԥе) ититул анидикыла ашьҭахь, иара убасгьы Баграт III ҳәа ахьӡ идикылеит[5].
Анаҩс Аԥсҳацәа рофициалтә титул “ахцәа раҳ аԥсҳа ду”[4] ҳәа иҟалеит, аџьамтә «шаҳаншаҳ» ақырҭуа «меԥеҭ меԥе» иреиԥшны.
Азгәаҭқәа
аредакциазура- ↑ 1,0 1,1 Лакоба Станислав, Аԥсны аҭоурых, Аҟәа: Алашара, 1991.
- ↑ 2,0 2,1 2,2 Руслан Агәажәба, Аԥсны абиблиографиа иазку аматериалқәа., Аҟәа.
- ↑ 3,0 3,1 Денис Чачхал, БАГРАТРАА рхылҵшьҭреи рыхҭыси, Москва: Аква-Абаза, 2021.
- ↑ 4,0 4,1 4,2 Кәарҷиа В. Е., АУСУМҬАҚӘА РЕИЗГА, т. I, Аҟәа: Academia, 2019.
- ↑ 5,0 5,1 Чачхал Денис, Аԥсуа аҳраду. Баграт иаамҭа. 978-1014 шш., Аҟәа: Аква-Абаза, 2019.
- ↑ Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Ауниверсал, 2007. — ад. 9.