Барцыцԥҳа, Белла Урсҟан-иԥҳа

Белла Урсҟан-иԥҳа Барцыц-ԥҳа (аур. Белла Урыскановна Барцыц; жәабранмза 231945 ш., Бзыԥҭа ақыҭа, Гагра араион) — Аԥсны апоет, апублицист, ажурналист, аус луан корреспондентс агазеҭи арадиои рҿы.

Абиографиа аредакциазура

Диит 1945 щықәса жәабранмза 23 рзы Бзыԥҭа ақыҭа Гагра араион. 1969 щықәсазы дҭалоит А.М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә институт, далгоиг 1974 щықәсазы.

Акьыԥхь аҿы дцәырҵуит 1970ш. рзы. Белла Барцыцԥҳа лҩымҭақәа ирныԥшуеит ауаа раҳаҭырқәҵареи рыбзиабареи; иҿацоу лпоезиа (ллира), ибеиоу амилаҭтә поезиатә цәаҩа ахоуп. Амилаҭ цәа зыҟәну лцәаҳәақәа, дыззаҭгыло ауаҩы инхашәа-чашәа, ауаатәыҩса рԥеиԥш азхәыцра уҳәа зегьы лара лпоезиа иазааигәанатәуеит, идеилнаркаауеит аҵакы.

Акьыԥхь аҟны - 1981 щықәса инаркны.

Абиблиографиа аредакциазура

  • Аӡыхь хәыҷы. аҟәа, 1983 щықәса.
  • ашьыжь. аҟәа, 1983 щықәса.
  • Ашьац иаҵәа. Аҟәа, 1988 щықеәса.

Алитература аредакциазура

  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 938
  • Барцыц Б.У. Утро: стихотворения. - Сухум: Алашара, 1983.
  • Барцыц Б.У. Родничок: стихотворения. - Сухум: Алашара, 1981.

Азхьарԥшқәа аредакциазура