Бганба, Шамил Камшьышь-иԥа

Шамил Камшьышь-иԥа Бганба (аур. Шамил Камшишович Бганба; ажьырныҳәамза 171921 ш., Аацы ақыҭа, Гәдоуҭа араионхәажәкырамза 251949 ш.) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Абиографиа аредакциазура

Диит 1921 шықәса ажьырныҳәамза мзазы Аацы ақыҭа Гәдоуҭа араион. Иԥсҭазаара далҵит 1949 шықәса хәажәкырамза 25 аҽны.

Иқыҭаҿтәи алагарҭатә школ даналга иҵара наигӡоит Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа бжьаратә школ аҿы. Далахәын аҩбатәи фдкнеитә еибашьра.

Акьыԥхь аҿы дцәырҵқеит а-40-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭаз.

Абзиабара ааԥын. Аҟәа, 1976 шықәса.

Аинтерес аҵоуп, иаҳәоугьы рацәоуп Ш. Бганба иԥсҭазаара даналҵшаз, Сталин иаамҭақәа раан ииҩуаз /иаагоуп апоет изатә арзив аҟнытә/: «Жәацы сыҟан Анхәа ақыҭа, саб иаҳәшьа... лҿы. Ақыҭа уаа рџьабаа цәгьоуп. Амра цеи ицәгыланы аус руеит, акы рхамшәалаӡо. Рҭыӡҭыԥ хәыҷқәа ирҭаадрыхуа аџьықәреи акқымзар, рхы зланыҟәырго акгьы рымам, аколхоз аҿы алшықәсанык ируа аус иалҵны хашәалак роуам. Ируа зегьы ԥгаладоуп, ҵа змам атыша иаҩызоуп, илҭахәаша ицоит, арахь еснагь ауал рықәуп... Жәкы атәарҭа иауҟарны анхаҩы дызҭадыртәаз убри идгьыл хәыҷы имамзар, даараӡа иԥсҭазаара уадаҩхон. Иссируп, ихазыноуп ҳәа имарҽхәаны, имаз зегь имхны дызларҵаз аколхоз дазныҟәымго иҟалеит.

Абри сансзхәыцуа, сгәы маҷхоит, анахаҩы иахьатәи иҭагылазаашьа хьаазгоит, исылшагәышьозеи акәымзар, иксуа, исышьҭуа, изыҩуа сгәы ахымло, сгәы сзақәымкуа иҟалоит. Абас иҟоу ақыҭа ԥсҭазаара иазкны аҩымҭақәа рыҩра, ибзиоушәа излаҟам ала рааԥшра - сара сымч рықәхом, уахь исыхо агәаҳәара сымам.»

Алитература аредакциазура

  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 915-916