Бедиатәи агәулан
Бедиатәи агәулан (ақырҭ. ბედიის გულანი) — XVI-XVII ашәышықәсақәа ирыҵанакәа анапылаҩыроуп. Ианҵоуп ақьаад, нусхур аҩырала, ҩ ҽшьаҟакла, иԥшӡоу анапҩырала. Аҷышә еиқәаҵәала, ахқәа алкаауп Сингәурла. Ихҩаалоуп бедиатәи амитрополит Гермиан Чхетиӡе иҿаҵара ала. Анапылаҩыра аиқәыршәара иалахәын даӡәымкәа акаллиграфцәа: Амброси Каргареҭели, Симон Евфратели, Саба Наҷоԥиӡе.
Агулан - алитургиатә шәҟәқәа реизга ауп, уи иалоуп шықәсык аҩнуҵҟала изыԥхьаша алитургиатә шәҟәқәа. Анапылаҩыра XVIII ашәышықәсазгьы Бедиатәи ауахәамаҿ ишьҭан, ари афакт шаҳаҭра азыруеит зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иаҵанакәа адҩылақәеи Бедиатәи Анцәадзыхшаз лахь аныҳәаԥхьыӡқәеи. Бедиатәи амитрополит Герман идагьы, анапылаҩыра адҩылақәа рҿы избахәы ҳәоуп бедиатәи аепископ Николоз Мхеиӡегьы.
Герман иҿаҵара ала еиқәыршәаз анапылаҩыра хыркәшоуп Николоз Мхеиӡе иколофон ала, убри алагьы лабҿба иубарҭоуп Николоз Мхеиӡе Герман иаамышьҭахь иҟаз амитрополит шиакәыз.
Анапылаҩыра алагамҭеи анҵәамҭеи агуп; 960 даҟьа амоуп; анапылаҩыра иҩуп ақьаад аҿы, ҩ-еиҵагылак рыла, нусхури аҩырала, амарқьаф еиқәа ала, ахқәа иҩуп аԥштәы ҟаԥшь ала. Ҩ-шәҟәыкны ишьақәгылоуп. аминиатиура ашәара 45,5 см. X 33,5 см.. Бедиатәи агулан Корнели Кекелиӡе ихьӡ зху Қырҭтәыла анапылаҩырақәа рмилаҭтә центр аҿы ишьҭоуп.
Бедиатәи агәулан амилаҭтә ацентр аҟны ишьҭоуп.
Алитература
аредакциазура- „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015.
- კულტურული მემკვიდრეობა აფხაზეთში, თბ., 2015
- ქართულ ხელნაწერთა აღწერილობა, ყოფილი საეკლესიო მუზეუმის (A) კოლექციისა, ტ. I, ნაკვ. 2. თბ. 1976.
- კეკელიძე კ., ძველი ქართული ლიტერატურის ისტორია, ტ. I, თბ. 1980
- Жордания Т., Описание рукописей и старопечатных книг Церковного Музея духовенства Грузинской епархий. Т. I, Тф., 1903.
- მენაბდე ლ., ძველი ქართული მწერლობის კერები, ტ. I, ნაკვ. II, თბ., 1962.
- არახამია გ., აფხაზეთის ხელნაწერები, კრ: საქართველოს კულტურული მემკვიდრეობა ოკუპირებულ ტერიტორიებზე, აფხაზეთი, თბ., 2012.
- ქართველიშვილი თ., აფხაზეთის ხელნაწერი მემკკვიდრეობა, კრ. გივი წულაია - 80; თბ. 2014.