Бжьаниа, Царбеи Николаи-иԥа

Царбеи Николаи-иԥа Бжьаниа (лаҵарамза 21925 ш. — цәыббрамза 191964 ш.) — Аԥсны аҵарауаҩ-аетнограф.

Абиографиа аредакциазура

Бжьаниа Царбеи Николаи-иԥа - иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ. Ҵарауаҩык иаҳасабала иара интересла иҭиҵаауаз рымҽхак ҭбаан. Иара аус адиулон аԥсуа жәлар ретнографиа иазкыз иактуалтәыз апроблемақәа, азҿлымҳара азиуан жәлар рынхамҩа аҭоурых-еиҿырԥшратә ҭҵаара, иара убас аматериалтәии адоуҳатәии культура азҵаарақәа.Иара икалам иҵижьит ҩажәа рҟынӡа аусумҭақәа;аха рыцҳарас иҟалаз, иаанхеит анагӡара дахьымӡакәа зегь еидызкылоз имонографиа, асоветтә аамҭаз аԥсуа қыҭа аҭоурыхи аетнографиеи ртәы иазкыз. Ц.Н. Бжьаниа активла далахәын ҳтәыла ауаажәларратә, акльтуратә, ԥсҭазаара. Иара Аҟәатәи ақалақьтә партиа акомитет рҵаҩыс аус иуан. Аԥснытәи АССР Акультура аминистрраҿ асахьаркыратә хеилак далахәылан, Атуризм аинститут аҵарауаа рхеилак далахәын. Царбеи Николаи-иԥа Бжьаниа машәырла дҭахоит ирҿиара ианасакьаҳәымҭаз аамҭазы.

Алитература аредакциазура

  • Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
  • «Из истории хозяйства абхазов. Этнографические очерки». - Сухуми: 1962. - 176 с.
  • Куправа А. Слово о талантливом абхазском этнографе : [к 85 - летию Ц.Н. Бжания] / А. Куправа // РА. - 2010. - 2-3 нояб., (№124). - С.5.