Бодбе аберҭыԥ
Бодбе аберҭыԥ — ацқьа Нино лыхьӡ зху анацәа рберҭыԥ, аепископра ацентр Кахети аҟны, ақ. Сиӷнаӷи аҟынтә 2 км. 2006 шықәса жьҭаарамза 7 рзы, Қырҭтәыла апрезидент идҵара иашьашәаланы ианашьахеит амилаҭтә ҵакы змоу акультура имеиҭаҵуа абаҟа акатегориа.[1]
Адырра иашьашәаланы, иргылоуп ақырҭцәа рырлашаҩ ацқьа Нино дахьамадоу аҭыԥаҿ (даҽа агәаанагарала (Сарги Капанаӡе, Баадур Мҷедлишвили, Зураб Кикнаӡе, Ҭенгиз Мирзашвили) (ацқьа Нино лыԥсҭазаара далҵыр акәын иахьатәи ақыҭа Ниноҵминда аҟны, Сагареџьо амуниципалитетаҿ.). Бодбе аберҭыԥ азҿлымҳара ду арҭон ақырҭуа аҳцәа. Уи зныкымкәа иҟарҵеит, ареставрациа азыруит. XVII-XVIII ашәышықәсақәа раан Бодбе аберҭыԥаҿ амаҵ руан аписарцәа Зақариа Бодбели (XVII ашә.), Онофре Бодбели (XVIII ашә.), Иоан Џьорџьаӡе (XVIII ашә.), Давид Бодбели (XVIII ашә.), Иоан Маҟашвили 1743-1837), уб. егь.
1837 шықәса аҟынтә Бодбе аберҭыԥ иқәыххеит, аҭааҩцәа руахәаманы иҟалеит. 1889 шықәсазы иаатит Бодбе анацәа рберҭыԥ, иахьыҟаз арҵаратә школ анапҟазара, асахьаҭыхра аганахьала. Акомплексаҿ иаанханы иҟоуп ақырҭуа аҟазацәа рбаҟа - х-нышьак змоу абазилика (х-апсидак ала). Раԥхьатәи архитектуратә формақәа рыла уи заатәи афеодалтә аепоха иатәуп. Ианыԥшуеит XVII, XIX ашәышықәсақәа раан ареставрациа ашьҭа. Адҩыла иахәаԥшны, XIX ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа раан ауахәама ишахәҭоу иҟарҵеит, асахьа анырҵеит Сиӷнаӷи, Қизиҟи амитрополит Иоан Маҟашвили ихадарала.
Алитература
аредакциазура- ლომინაძე ბ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 2, თბ., 1977. — გვ. 440–441.
Азгәаҭақәа
аредакциазура- ↑ "საქართველოს პრეზიდენტის ბრძანებულება № 665, 2006 წლის 7 ნოემბერი, ქ. თბილისი, კულტურის ზოგიერთი უძრავი ძეგლისათვის ეროვნული მნიშვნელობის კატეგორიის მინიჭების შესახებ". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2020-12-04 ахь. Ириашоу 2020-01-30 шықәсазы.
Авикимедиаҿ еизгоуп абри атема иазку афаилқәа: Бодбе аберҭыԥ |