Быҭәба, Леуарса Алықьса-иԥа

Леуарса Алықьса-иԥа Быҭәба (жәабранмза 211960 ш., Гәдоуҭа араионцәыббрамза 172007 ш., Дәрыԥшь ақыҭа) — Аԥсуа ҿыханҵаҩ.

Абиографиа аредакциазура

Далгеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә академиа. Леуарса Быҭәба иҭыхымҭақәа қәҵоуп икәша-мыкәша иҟоу адунеи злаҩычоу иблахкыгоу шәыга ԥшшәы хкыла. Уи амозаика ианубаалоит имаҭәарту адунеи ацәаарақәа - Аҟәатәи аҩнқәа, абаашқәа, аҷандарҵлақәа, алашарбагақәа, ашьаҟақәа. Апеизаж аҿы зсахьа ҭихуа аҭыԥ ианыԥшуа, афотографиаҿ еиԥш акәымкәа, асахьаҭыхыҩ иҩнуҵҟатә блала уи аҭыԥ шидикыло ауп. Уи ухызхуа дунеи ссируп, иахьыҟам еибашьрак, шәарҭарак. Асахаьаҭыхыҩ ус ибар иҭахуп иԥсадгьыл - Аԥсны. Леуарса Алықьса-иԥа иусумҭақәа ыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭҭә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿы, иара убас ахатә коллекциақәа рҿы. Леуарса Алықьса-иԥа Быҭәба аԥсуа сахьаҭыхратә ҟазараҿы акырзҵазкуа илагала ду азы ианашьоуп “Ахьӡ-Аԥша” аорден II аҩаӡара.

Алитература аредакциазура

  • Скидина С. Леварса Бутба: «Я всегда ощущал себя человеком, который твердо стоит на земле»//НГ. - 1998. - 15 января, (№3). - С.2.
  • Аҩӡба У. Ш.. Аԥсуа биографиатә жәар (Абхазский биографический словарь). Москва, 2015. ад. 185.

Азхьарԥшқәа аредакциазура