Гилаури, Николоз Зураб-иԥа
Николоз (Ника) Зураб-иԥа Гилаури (ақырҭ. ნიკოლოზ (ნიკა) გილაური; жәабранмза 14, 1975 ш., Қарҭ) — Қырҭтәыла Аԥыза министр (2009-2012 шш.).
Гилаури, Николоз Зураб-иԥа | |
---|---|
ნიკოლოზ ზურაბის ძე [ნიკა] გილაური | |
| |
Аполитикатә партиа | |
| |
Аира |
жәабранмза 14, 1975 ш. (49 ш.) Қарҭ |
Атәылауаҩра |
Асовет Еидгыла, Қырҭтәыла |
Алма-матер |
Тбилисский государственный университет, Темпльский университет |
Аусура | аполитик |
Адин | Грузинская православная церковь |
Анаԥынҵамҭа | |
Абиографиа
аредакциазураАҵара иҵон Иу. Џьавахьишвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет жәларбжьаратәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рфакультет аҿы. 1995 шықәсазы Англиа Биурнемоунттәи аколлеџь аҿы англыз бызшәа аҵаратә курсқәа дрылгеит. 1999 шықәсазы қәҿиарала далгеит Лимериктәи ауниверситет аекономикатә факультет афинансқәеи аекономикеи рхырхарҭала. 1999-2000 шықәсқәа рзы аҵара иҵон Филадельфиа Темпл ауниверситет аҿы. 2000 шықәсазы ари ауниверситет аҿы амагистр иҩаӡара ихьчеит жәларбжьаратәи абизнес аменеџьмент ахырхарала (Париж-Филадельфиа- Токио). Аамҭакала, 1999 шықәсазы Дублинтәи жәларбжьаратәи афинанстә центр аҿы афондтә менеџьмент акорпорациа «Инвеско» аҿы афондқәа радминистратор-менеџьерс аус иуон.
- 2000 шықәсазы Филадельфиа, абизнес хәыҷы аҿиара ацентр аҿы аенерго проектқәа рфинанстә абжьагаҩс дыҟан.
- 2001 шықәсазы Қырҭтәыла Телеком афинанстә абжьагаҩс дҟарҵеит.
- 2002 шықәсазы Испаниатәи аконсорциум «Ибердрола» аҿы, Қырҭтәыла аенергоџьармыкьа аменеџьмент-контракторс, афинанстә абжьагаҩс дыҟан.
- 2003 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа Ирландиатәи аилахәыра «И-Ес-Би» аҿы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә електросистема аменеџьмент контракторс, афинанстә хылаԥшҩыс дыҟан.
- 2004-2007 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла Аенергетика аминистр иҭыԥ ааникылон.
- 2007 шықәса нанҳәамза 30 рзы Қырҭтәыла Афинансқәа рминистр иҭыԥ дықәдыргылеит.
- 2009 шықәса жәабран 6 рзы Қырҭтәыла Аԥыза-министр иҭыԥ ааникылеит. Иԥҳәыси ихәыҷи ыҟоуп.