Гьаргь IV (Қырҭтәыла)
Гьаргь IV Лаша – Қырҭтәыла аҳ (1213-1223) Багратраа рдинастиа аҟынтә[1].
Гьаргь IV Лаша | |
---|---|
გიორგი IV ლაშა | |
Қырҭтәыла аҳ | |
Амаҵураҭыԥ ахь: 1213 – 1223 | |
Ацаҳ | Аҳкәажәду Ҭамар |
Аԥхьа иҟаз | Аҳкәажәду Ҭамар |
Аҭынха | Русудан |
| |
| |
Ахатәы хьӡы | გიორგი IV ლაშა |
Аира |
1191 Қырҭтәыла аҳраду |
Аԥсра |
1223 Багаван |
Аԥсыжра аҭыԥ | Светицховели |
Атәылауаҩра | Қырҭтәыла |
Ани аби | Дауҭ-Сослан |
Ахәыҷқәа | Дауҭ VII Улу |
Анаԥынҵамҭа | |
Абиографиа
аредакциазураГьаргь, ма аҩны аҟны ишырҳәоз Лаша (уи ԥсышәала иаанагәаит "Илашоу") Аҳкәажәду Ҭамареи Дауҭ-Сослани рыҷкәын[1]. Жәеиза ҩырак аҿы, Багавантәи ауахәама аҭӡамцқәа рҿы аерман бызшәала иану руак аинтерес ду аҵоуп. Аҩыраҿы иануп:
«Алаш ихаан, Агәыҳалалҩы Анцәа игәыӷра сыманы, сара, амирспасалар Зеқьериа, Хлаҭынтә Баговантәи аиашьара ԥшьа ахь снеит, абри аешьара ԥшӡа збеит, схазынаҭра аартны, Хошнутаик адгьылқәа иаасхәеит, агәалашәара азы абри дгьылауахәама ҳамҭас иасҭеит ...”
1207 ашықәс азы иани иареи еицнапхгарауа иалагеит. Аҳратә Қырҭтәыла арӷәӷәаразы аҳкәажәду имҩаԥылгоз аполитика иациҵеит. 1210-тәи ашықәсқәа рзы аԥсылман хьыԥшытә ҳәынҭқаррақәа ирҭычеит, насгьы Иерусалим иаҿагылаз аџьарсахьатә еибашьра аҽазыҟаҵара далагеит. Амонголцәа Қырҭтәыла ақәлара иахҟьаны, аџьарсахьатә еибашьра алахәхара алшара ыҟамызт. Амонголцәа 1221 шықәсазы ақырҭуа ар ықәырхит (Сагимитәи аибашьра). Аибашьраан аҳ ӷәӷәала дырхәит.
1223 шықәсазы Гьаргь дыԥсит, 31 шықәса дшырҭагылаз[2]. Уи иашьҭахь анапхгара далагеит иаҳәшьа – аҳкәажәду Русудан.
Лаша зхы иақәиҭны ихәыцуаз аӡә иакәны дырдыруан, икәша-мыкәша иҟазгьы дрықәыӡбон. Аҳ анхаҩы ԥҳәысс дигеит, убри аҟынтә аиашахаҵаратә диннапхгаҩцәа иқәыӡбеит, насгьы аҳ мчыла дилыҵыртә иҟарҵеит. Иара ишьҭахь дизаанхеит аԥа – аҳ Дауҭ VII Улу.
Азхьарԥшқәа
аредакциазура- ↑ 1,0 1,1 Гыцба Т. Шь., Ажәытә абазгцәа ртәыла, Аҟәа, 2012.
- ↑ Гьаргь IV Лаша. Архив..