Гәыблиа, Гьаргь Константин-иԥа

Аԥсны ашәҟәыҩҩы

Гьаргь Константин-иԥа Гәыблиа (аур. Георгий Константинович Гублия, лаҵарамза 151928 ш., Ҟәланырхәа ақыҭа, Гәдоуҭа араионабҵарамза 62019 ш.) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Абиографиа

аредакциазура

Диит 1928 шықәса лаҵарамза 15 рзы Ҟәланырхәа ақыҭа Гәдоуҭа араион. 1949 шықәсазы дҭалоит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет, далгоит 1954 шықәсазы. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1950 шықәса инаркны.

Афилологиатә наукақәа дыркандидатуп, ддоцентуп. Аусиухьеит ажурнал «Алашара» аредактор хадас, ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» адиректорс.

Иаҭәашьоуп Д.Гәлиа ихьӡ зху Ареспублика Аԥсны Аҳәыеҭқарратә премиа (Д.Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиамҭақәеи ирызку иусумҭазы).

Абиблиографиа

аредакциазура
  • Сыԥхьарца. Аҟәа, 1956 шықәса.
  • Мҩамш. Аҟәа, 1958 шықәса.
  • Схәышҭаара ацыԥхьқәа. Аҟәа, 1963 шықәса.
  • Ашьха мҩа. Аҟәа, 1967 шықәса.
  • Аиҩызара ашәа. Аҟәа, 1972 шықәса.
  • Амшыни сареи. Аҟәа, 1975 шықәса.
  • Аҿара амҵәыжәҩақәа, Аҟәа, 1984 шықәса.
  • Иалкаау. Аҟәа, 1988 шықәса.

Алитература

аредакциазура
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 918-919

Азхьарԥшқәа

аредакциазура