Гәықыҭтәи Аҳҭынра — абжьаратәи ашәышықәсақәа раан аҳра зуаз аԥсуа аԥсҳацәеи ақырҭуа ԥсҳацәеи ртәарҭан. Иахьазы, Қәҭешь ақалақьи Гәықыҭтәи ахани 7 км рыбжьоуп, аха аҳҭынра ахыжәжәарақәа роуп иаанхаз[1][2].

 
Цинцаӡе еиҭашьақәиргылаз Гәықыҭ асахьа.

Гәықыҭ аҳҭынратә комплекс ахыжәжәарақәа Риони аӡиас иаваршәны 2000 м2 инареиҳаны аҭыԥ ааннакылоит. 1953-1956 шықәсқәа рзы имҩаԥгаз аҭыԥантәи аусура дуқәа аспециалистцәа ирылнаршеит археологиатә ҿыгҳара хадақәа рышьақәыргылареи абжьаратәи аамҭақәа рзы иҟаз аҩнымаҭәа рырхитектуратә формаи рырԥшӡареи реиҭашьақәыргылара, урҭ рыхәҭа хада 12-тәи ашәышықәсахьы иаҵанакуеит – раԥхьаӡа акәны Гәықыҭ аӡбахә ақырҭуа ашықәснҵыраҿ анаҳәоз. Раԥхьаӡатәи аргылара - уадак ала ишьақәгылоу, ауаџьаҟ ду змоу ахыбра - 8-9-тәи ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуеит[1].

Аԥсҳацәа ркомплекс ахәҭа хада дыргылеит Қырҭтәыла аԥсҳа Гьаргь III идҵала. Ари ԥшь-қаҭ змоу қьырмыҭтә хыброуп, х-метрак зку ахаҳәтә цокол аҿы иргылоуп, аџьар ԥшра змоу агәҭантәи азал ду аманы, хыхь 14 м. адиаметр змоу акәырӷ аманы. Ахыбра зегьы аҭӡамц ала иаакәыршоуп, насгьы аколонна дуқәа рыла ирӷәӷәоуп. Мраҭашәаратәи аган аҿы иацҵаны иҟоу аҩнқәеи аҳҭынратә уахәамақәеи 13-тәи/14-тәи ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуеит.

 
Гәықыҭтәи аҳҭынра ахыжәжәарақәа.

Гәықыҭ аԥсҳацәа раҳҭынратә акомплекс хада дыргылеит абжьаратәи аамҭақәа рзы Қырҭтәыла «ахьтәы ашәышықәса» ҳәа иԥхьаӡоу аамҭазы. Ақырҭуа аҳҭынра акырӡа ишыԥхьагылазгьы, аҳраду аҩбатәи аҳҭнықалақь азааигәара ас еиԥш иҟоу аҳцәа рхан, насгьы акультуратә центр ду аԥҵара еилкаатәуп еиҳа ишьақәгылахьоу, аҳтә аамсҭара ирцщыхарырц азы[3].

978 шықәсазы Гәықыҭтәи аханаҿ, аԥсуа аԥсҳа Баграт II ихьынҷхахаҵара мҩаԥигит[2][4].

Гәықыҭтәи аҳҭынра ақырҭуа ашықәснҵыраҿ лассы-лассы иазгәаҭоуп егьырҭ ақырҭуа аԥсҳацәа зегьы бзиа ирбо ҭыԥны. Иара абри аҳҭынра даара бзиа илбон аҳкәажәдк Ҭамар, аха еиҳа бзиа илбоз Цхәымтәи (Аҟәатәи) аҳҭынра акәын[1][2]. Ҭамар Ду лаҳраураан, 1191 шықәсазы, аамсҭара илҿагыланы ԥасатәи лхаҵа, аурыс ҭауад Иури (Гьаргь) Боголиубски, ихьынҷхахаҵара мҩаԥыргеит[2].

2016 ашықәс азы ахыжәжәарақәа ирыкәыршаны асаркьалыхтә аҭӡеибга дыргылеит, уи аҭааҩцәа абаҟа раԥхьатәи аформа зегьы рбартә еиԥш алшара рнаҭеит.

Азгәаҭақәа

аредакциазура
  1. 1,0 1,1 1,2 Кәарҷиа В. Е., АҬОУРЫХТӘ ТОПОНИМИКА, Аҟәа: Academia, 2019.
  2. 2,0 2,1 2,2 2,3 Абӷажәба О. Хә., Лакоба С. З., Аԥсны аҭоурых, Аҟәа, 2015.
  3. Тернар Џьеин, Асахьаркыратә жәар, Гроув, 1996. — ад. 331.
  4. Чачхал Д. Шь., Аԥсуа Аҳраду. Баграт II иаамҭа. 978-1014 шш., Москва: Аква-Абаза, 2019.