Демерџь-иԥа, Оҭар Сааҭбеи-иԥа

Оҭар Демерџь-иԥа (аур. Демерджипа Отар Саатбеевич; 1910 ш., Оҭҳара ақыҭа, Гәдоуҭа араионлаҵарамза 151939 ш.) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Абиографиа

аредакциазура

диит 1910 шықәсазы Оҭҳара ақыҭа Гәдоуҭа араион. Иԥсҭазаара далҵит 1939 шықәса маи 19 рзы, машәырла /дзықәтәаз амашьына бӷалоит/.

Оҭҳаратәи аиҵбыратәи ашкол аҿы аҵара иҵон 1918 шықәсанӡа, нас — Ԥсырӡхатәи ԥшьы-классктәи ашкол аҟны. 1924 шықәсазы дҭалоит Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа школ. Уи даналга, 1929-1931 шықәсқәа рзы аҵара иҵоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә техникм аҿы.

Акьыԥхь аҿы дцәырцит 1925 шықәсазы.

Ажәеинраалақәеи астатиақәеи. Аҟәа, 1958 шықәса.

Алитература

аредакциазура
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 904

Азхьарԥшқәа

аредакциазура