Диоген Синоптәи (ажә. бырз. Διογένης ὁ Σινωπεύς; ҳ. ҟ. 412 инарзынаԥшуа, Синопрашәара 10, ҳ. ҟ. 323, Коринф) — иара убасгьы еицырдыруа Диоген киник еиԥш (ажә. бырз. Διογένης ὁ Κυνικός, Diogenēs ho Kunikos) — ажәытәбырзен философ, киникцәа рышкол ашьаҭакҩы Антисфен иҵаҩы.

Иоганн Тишбеин исахьа:«Диоген ауаҩы дышьҭын»

Ибиографиа

аредакциазура

Диоген иԥсҭазаара ашәҟәы ианиҵыз Диоген Лаиерттәи ахыҵхырҭа хада дыԥхьаӡоуп. Уи ажәытәбырзен философцәа ирызку (хәҭакала иҵабыргым) анекдоттә шәҟәы еиқәиршәеит. Ашәҟәынҵара инаақәыршәаны философ Диоген иаб Гекеси дыԥсахҩын.