Жәларбжьаратәи аметеорологиа амш

Жәларбжьаратәи аметеорологиа амшХәажәкырамза 23, 1950 шықәса рзы амчра аиуит аконвенциа, Адунеизегьтәи Аметеорологиатә хеилак шьаҭас изауз. Агидрометеомаҵзура аусураҿы хықәкы хадас иҟоуп аҳауа-климаттә цәырҵрақәа ирыхҟьаны ажәлар рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло иахьынӡауа аԥыхреи, аекономика ааха аҭара аԥырҟәҟәаареи, агидрометеорологиатә шәарҭадара адунеи аҿы аҩаӡара ашьҭыхра. Аметеорологиатә маҵзурақәа русҳәарҭақәа рҿы аус руеит шә-нызқьҩыла аспециалистцәа, аклиматологиеи, адинамикатәии, афизикатәии, аҳауазгәаҭаратәии метеорологиа знапы алаку. Анализ зызу аҳауатә цәырҵрақәа ирыхҟьаны иҟалар зылшоз, аха заԥырҟәҟәаара алыршахаз аахақәа рыла иаабоит аметеорологцәа разԥхьагәаҭарақәа ирыбзоураны аекономикатә цәыӡқәа рхыԥхьаӡара бжьаратәла 40 % рҟынӡа рыларҟәра шалдыршо.

Алитература аредакциазура

  • Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
  • 23 марта - Международный день метеорологии: [интервью начальника гидрометеорологической службы РА Барцыц Л.М.]//Ашьаҟьар-Росток. - 2001. - март, (№ 3 (6). - С. 2
  • Сельянинов Г. Материалы к климатологии западного Закавказья: черноморское побережье, Абхазия и Западная Грузия/Г. Сельянинов; Сочинская областная С.-х. Опытная Станция; Математический отдел. - Сочи: Изд. Сочинской областной с.х. Опытной станции, 1923. - 32 с.