Жәларбжьаратәи астудентцәа рымш

Жәларбжьаратәи астудентцәа рымш (абҵарамза 17) — ари амш азгәаҭан Лондон 1941 ш. рзы, анаҩс ишьақәырӷәӷәан абҵара 17, 1946 ш. рзы Прага имҩаԥысыз Адунеизегьтәи астудентцәа рконгресс аҿы, анемец фашистцәа ирымпыҵархалаз Прага ақалақь аҿы, 1939ш. рзы имҩаԥгаз адемонстрациаҿы иҭахаз астудентцәа ргәалашәара аҳаҭыр азы. Иахьа астудент имш еиднакылоит афакультетқәеи аҵаратә усбарҭақәеи зегьы рыстудентцәа. Аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы ари амш аҽны имҩаԥысуеит ахәмаррақәа, аконцертқәа, егьырҭ аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа. Аԥсны астудентцәа, егьырҭ атәылақәа рҟынтәи рықәлацәа реиԥш, даргьы иазгәарҭоит илахҿыхуы, игәырӷьахәу аныҳәа.

Азхьарԥшқәа аредакциазура