Зыхәԥҳа, Минадора Иван-иԥҳа

Минадора Иван-иԥҳа Зыхәԥҳа (аур. Минадора Ивановна Зухба; цәыббрамза 201909 ш., Гәымрышьабҵарамза 291997 ш., Аҟәа) – иналукааша аԥсуа актриса, Аԥсны жәлар рартист (1955), Қәырҭтәыла жәлар рартист (1958). 1935 ш. инаркны – Аԥсуа профессионалтә театр актриса. 1939 ш. далгеит Шь. Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи академиатә театр аҿы еиҿкааз атеатртә студиа. М. Зыхәԥҳа ԥсабарала илылаз актиортә баҩхатәра иабзоураны, аханатә инаркны қәҿиарала лнапаҿы иаалгеит актиортә ҟазара акәама-ҵамақәа. Уи асценаҿы лцәырҵра – хҭыс дуны иҟалеит ХХ-тәи ашәышықәсазы аԥсуа театртә ԥсҭазаараҿы.

М. Зыхәԥҳа аԥсуа театр еиуеиԥшым аспектакльқәа рҿы хыԥхьаӡара рацәала иаԥылҵеит зымҽхак ҭбааз, ган рацәала инарҵауланы иаарԥшыз - Аԥсуа ԥҳәыс, Ан лхаҿсахьа. Еиҳаракгьы актриса илықәҿион зыԥсҭазаараҿы амыҟәмаба рацәа зхызгахьоу, аԥышәара дуқәа рхысра зқәашьхаз анацәа рхаҿсахьақәа раарԥшра. Иара убас актриса қәҿиарала иналыгӡон акомедиатә хаҿсахьақәагьы. Актриса асценаҿы иаԥылҵаз рахьтә ирацәоуп асоветтә аԥсуа театртә ԥсҭазаараҿы ицәырҵраны иҟалақәаз: Анна (А. Давурин Волковаа рҭаацәара», 1936); Цира (Н. Миқаа, Гь.Абашиӡе «Адунеи аԥшшәқәа», 1939); Гәында (Гь. Гәлиа «Афырхаҵа ихра», 1943); Минаҭ (М. Шавлохов «Аԥҳәысҳәаҩ», 1945); Ҳанума (А. Цагарели «Ҳанума», 1945); Зиза (Шә. Ԥачалиа «Ачара ду», 1947), Камаҷыҷ (А. Лашәриа «Гәыкала абзиабара», 1947); Ҟарамсада ( Шә. Ԥачалиа «Салуман», 1949); Ан (Шь. Габисқьириа «Хҩык аиҩызцәа», 1950); Кама (Гь. Мдивани «Зымчхара ӷәӷәоу», 1951); Гортензиа (К.Гольдони «Асасааирҭа аԥшәма ԥҳәыс», 1952); Ан (И.Мосашьвили «Иӡаарҟәрылоу ахаҳқәа», 1953); Галчиха (А.Островски «Харада ахара зду», 1953); Шьоуҳар (Гь.Габуниа «Амра агыламҭазы», 1953); Софиа (М.Горки «Аҵыхәтәантәиқәа», 1954); Есма (Гь.Гәлиа «Асас еиқәаҵәақәа», 1956); Зеинаб (А. Сумбатов-Иужин «Аԥсахра», 1956); Цақәа А. Хәаҭланӡиа, Хә. Џьапуа "Аца иҭоу аҳәынаԥ", 1957); Анду (Шь. Ҷкадуа "Ҳауа идагәада?", 1958); Медеиа (Еврипид "Медеиа", 1959); Ан (Г. Лорка "Ишьаарҵәырахаз ачара», 1964); Мадина (А. Лагәлаа «Абрыскьыл», 1966); Елена (Д. Павлова «Аламыс», 1966); Гәыдихан (Д.Аҳәба «Аҳақ ашәара», 1966); Ҳадиџьан (Р.Гамзатов «Ашьха ҭыԥҳа», 1968); Викторина (Ж.Робер «Мари-Октиабр», 1969); Ҳәшьаду (А.Сухово-Кобылин «Аус», 1975); Минуца (А.Аргәын «Ахәрашәа», 1975); Сирануш (В.Петросиан «Ухьанҭоуп, уара, Гиппократ ихылԥа», 1978); Ҳалида (А.Мықәба «Ашәқәа зегь анаарту», 1979); Кесариа (О. Иоселиани «Ауардын хышәҭаанӡа», 1980); Аԥҳәыс бырг (Ф. Диурренмат «Аԥҳәыс бырг лаара», 1982); Адица (Шь. Аџьынџьал «Аӡыхь абжьы», 1982); Насиа (Б. Шьынқәба «Ацынҵәарах», 1986); Аԥҳәысеиба (Шь. Аџьынџьал «Март ԥшьба», 1987) уҳәа егьырҭгьы.

Хыԥхьаӡарала рацәала актриса иаԥылҵаз ахаҿсахьақәа акрызҵазкуа ҟазаратә хҭысқәаны аԥсуа профессионалтә театр аҭоурых аҿы наӡаӡа иаанхоит.

Азхьарԥшқәа аредакциазура