Ақалақь ауааҧсыра ахьынхо ҭыҧуп. Адунеи аҿа ианыӡааз ақалақьқәа рацәоуп. Атлантида аеллин бызшәала иаанагоит атлантцәа рыдгьылбжьахала ҳәа. Уи ақалақь шыҟаз атәы аиашазы, аӡәгьы издырӡом. Иҟоуп иара иазкыу алегьенда. Атлантцәа рыдгьыл бжьаха даара идууп. Уи адагьы, Ливиа инаркны Мысранӡа, иара убас Европа инаркны Тиренынӡа дара рнапаҿы иҟан. Анаҩс аҧсабаратә рыцҳара иахҟьаны уи адгьылбжьаха аӡаҵаҟа иҟалеит. Ақалақь аныӡааит. Аҵарауаа иахьагьы уи иӡыз адгьылбжьахала аҧшаара иашьҭоуп. Алегьенда ишаҳәо ала, атлантцәа дара рзакәанқәа рыман. Урҭ анцәа Посеидон ишьақәиргылаз акы акәын. Ажәытә еллинаа рзы Посеидон амшын нцәан. Атлантцәа уи изакәанқәа ирықәныҟәон. Азакәанқәа ахаҳә дуқәа ҭаҧыҟҟаны ирынҵан, урҭ Посеидон иныхабаа аҟны иҵәахын. Посеидон иныхабааҿы аӡбара мҩаҧыргон. Аӡбара иалагаанӡа атлантцәа Посеидон аҧсаҭатә изнаргон. Анаҩс, аиаша ишықәныҟәо азы ақәра рыдыркылон. Аӡбара иаашанӡа ицон. Урҭ ирыдыркылоз аӡбара ахьтәӷәы ианырҵон. Аҧсаҭатәи ахьтәы ӷәи неидкылан аныхабааҿы инрыжьуан. Атлантцәа рзакәан ала аҳцәа аибашьра азин рымаӡамызт. Аҳцәа рхала аӡбара рыдыркылаӡомызт, урҭ аҟәыӷацәеи дареи еицрыдыркылон.

Троиа легенда қалақьуп. Уи шыҟаз шьақәдырӷәӷәоит археологиатә ҧшаарақәа. Археологиатә ҧшаарақәа мҩаҧигеит Генрих Шлиман ҭырқәтәыла аҵакырадгьылаҿы жәаҩатәи ашәышықәсазы. Ақалақь Троиа, троиатәи аибашьрала зегьы ирдыруа иҟалеит. Троиатәи аибашьра ари легендоуп. Абырзенқәа троиаа ирабашьуан. Уи зыхҟьаз зеиҧш дыҟамыз аҧҳәызба ссир Елена лоуп. Уи аамҭазы уи адунеиаҿ зегь раасҭа иҧшӡаз аҳәса дреиуан. Уи спартантәи аҳ Менелаи иҧшәма ҧҳәыс лакәын. Аха, ари бзиа дибеит троиатәи арҧыс Парис. Троиатәи – Парис Елена дымҵаирсуеит. Менелаи Елена лырхынҳәразы аибашьра далагеит. Ари алегьенда иазкны ирацәаны ашәҟәқәа рыҩхьеит. Акинофильмқәа рацәаны иҭырххьеит. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп Вольфгрант Петерсен ифильм «Троиа». Ароль хада ари афильм аҿы инаигӡоит Бред Пит. Троиатәи аибашьраҿы аеллинцәа рхы иадырхәеит амҿы иалхыз аҽы. Аҽы даараӡа идуӡӡан. Аеллинцәа аҽы аҩныҵҟа реибашьцәа ҭадыртәан, рықалақь агәашә иларгыланы рҽырҵәахит. Троиаа, ас еиҧш аҽ дуӡӡа анырба даара иџьаршьеит, ақалақьахьгьы иҭаргалеит. Уахынла, аҽы аҩнуҵҟантә аибашьцәа ҭыҵын абырзенқәа ақалақь иҭырыжьлеит.

Петра Иорданиа иҟоуп. Ари ақалақь ацаҟьа иалхуп. «Петра» - хроуп. Уи арабцәа идыргылеит аҩбатәи ашәышықәсазы. Ақалақь аҿы инхон иреиӷьыз ахаҳә азҟазацәа. Ари ижәытәӡаз хәаахәҭратә центрын. Петра иаауан лассы-ласс мысрааи аеллинтә хәаахәҭцәеи. Ҳаамҭазтәи Петра туристтә центруп. Уахь иаауеит еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә зеқьҩыла атуристцәа. Ара иҟоуп зеиҧш ыҟам Ель-Хазне аныхабаа. Ажәа «Ель-Хазне» афараон иҭаҵәах аанагоит. Уи мавзалеиуп, «Ель-Хазна» акәын аҵыхәтәантәи Аџьартә еибашьра, «Индиана – Джонс» афильм аҭыхрақәа ахьымҩаҧысуаз. Ари афильм инеиҵыхыу асериал Индиана Джонс изкны иҭыхыу ахҧатәи ахәҭоуп. Индиан Џонс ироль дыхәмаруеит Харрисон Форд. Ахҭысқәа мҩаҧысуеит зқьи жәшәи ҩажәи жәаа шықәсазы. Афырхацәа Иҧшьоу Грааль аҧшаара иашьҭоуп. Грааль ари Иисус Христос аҩы злажәуаз ихьыҵәца акәын. Индиан Џонс шәара иаразнак дыжәдыруеит. Ишаҧу еиҧш, уи ашлиапа ихоуп. Ацәа иалху акьаҿ ишәуп. Иара убас уи имоуп жәа-фунтк иҟоу аҟамчы, иара убас акьарахә.

Мачу-Пикчу

аредакциазура

Мачу-Пикчу Аладатәи Америка Перу иҟоуп. Ари ажәа ижәытәу ашьха аанагоит. Лассы-ласс уи «Инкаа ибжьаӡыз рықалақь» ҳәа азырҳәоит. Иара ҩ-нызқьи хышәи ҩынажәижәаба метра ашьха ҳаракыраҿы иҟоуп, уи инкаа жәохәтәи ашәышықәсазы идыргылеит. Инкаа, Аладатәи Америка инхон, дара аиспанеццәа ирымпыҵархалеит, аха ирыздырӡомызт ари ақалақь шыҟаз. Уи аамҭазы аинкцәа Мачу-Пикчу аанрыжьхьан. Жәохәтәи ашәышықәсазы аинкцәа напхгара риҭон аимператор Пачакути. Аҵарауаа ишьақәдырӷәӷәоит Мачу-Пикчу Пачакути аҧхынтәи ирезиденциа акәын ҳәа. Аинкқәа аҩыра рымаӡамызт, убри аҟынтә аӡәгьы издырӡом уи иус данахагылаз аамҭа. Мачу-Пикчу шәышықәса раҧхьа ирыҧшааит. Иахьа Аладатәи Америка атуристцәа бзиа ирбо аҭыҧқәа иреиуоуп. Ҩ-нызқьи быжьба шықәсазы Мачу-Пикчу адунеи аҭыҧ ссирқәа ишреиуаз азхаҵан.

Ақалақь Паленке Мексика иҟоуп, Мексика аҵакырадгьыл аҿы жәытә-натә аахыс ауаа нхон. Урҭ маиа ацивилизациа ҳәа ирышьҭан. Паленке маиа ацивилизациа иатәыз қалақь дуӡӡан. Уи рполитикатә культуратә центрын. Иахьазы ари ақалақь дуӡӡа ахыжәжәарақәа роуп иаанхаз. Урҭ иҷыдоу ахьчара рымоуп. Паленке ақалақь аилабгарақәа Паленке Амилаҭтә парк агәҭа иҟоуп. Еиқәхеит, ахан аилабгарақәа, Амра аныхабаа, Аџьар аныхабаа, аныхабаа Акыдҩыларақәа. Аҵарауаа ари ақалақь ҭырҵаар рҭахуп. Дара ргәаанагарала, Паленка ажәабатәи ашәышықәсазы иқәхын абнауаа рқәылара иахҟьаны.

Персеполис

аредакциазура

Персеполис Иран иҟоуп. Ари ижәытәӡатиу қалақьуп. Аџьамқәа Персеполис ҩ-нызқьи хәышә шықәса рышьҭахь идыргылеит. Ҳаамҭазтәи Иран Персиа ҳәа иашьҭан ҧаса, «Персеполис» аџьамқәа рықалақь аанагоит. Џьамтәыла ирацәаны атәылақәа ампыҵанахалеит, убри аҟынтә Џьамтәылатәи аимпериа ҳәа хьӡыс иаман. Иара даараӡа идуӡӡан, Џьамтәылатәи аимпериа ҧшь-аҳҭнықалақьк аман. Урҭ иреиуан Персеполис. Аџьамқәа римпериа даара ибеиан. Дара ахьи араӡни ирацәаны ирыман. Персеполис аргыларазы ахарџь рацәа ақәырӡын. Хышәи ҩажәижәаба шықәсазы Александр Македониатәи Персеполис импыҵаихалан, ирбгеит. Александр Аџьамцәа римпериа даналала анаҩс ирбган. Персеполис, Паленке, Мачу-Пикчу, Троиа ауаа ықәынхоижьҭеи кырӡа ҵуеит. Урҭ рҳәынҭқарра иацентрны иҟан. Иахьа урҭ ахыжәжәарақәа роуп ирҭынхаз. Убри аҟынтә урҭ ибжьаӡыз ақалақьқәа ҳәа ҳрышьҭоуп. Арҭ ақалақьқәа атуристцәа бзиа еицырбо ҭыҧқәоуп. Есышықәса зықьҩыла атуристцәа аҭаауеит. Ибжьаӡыз ақалақьқәа рхыжәжәарақәа ахьыҟоу атәылақәа ркультуратә ҭынханы иҟоуп. Иунеско Адунеизегьтәи аҭынха асиа иануп.