Коӷониа, Иуа Абас-иԥа

Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, ажурналист

Иуа Абас-иԥа Коӷониа (аур. Иуа Абасович Когония, ақырҭ. იუა აბასის ძე კოღონია; хәажәкырамза 131904 ш., Кәтол ақыҭа, Кәыдрытәи аучастка, Аҟәатәи аокруграшәарамза 141928 ш., Кәтол) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, ажурналист. Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа аҟны аҵара иҵон (1919), анаҩс иҵара иациҵеит Москватәи аҳәынҭқарратә ажурналистикатә институт аҟны (1925–1928). Игәамбзира иахҟьаны аинститут дзалымгаӡакәан иԥсадгьыл ахь дхынҳәуеит, иаарласнгьы иԥсҭазаара далҵуеит. Иҩымҭақәа акьыԥхь рбеит 1920 шықәсазы. Иуа Коӷониа – алирикатә жәеинраалақәеи апоемақәа аабеи авторс дрымоуп. Дара зегьы аԥсуаа рҵасқәа, рынхашьа-рынҵышьа, аиҩызара, афырхаҵара, аҳаҭырқәҵара, ахьӡи-ахьымӡӷи ишырзыҟаз иазкуп («Зосҳан Ачбеи Жанаа Беслан иԥацәеи», «Наҩеии Мзауҷи», «Абаҭаа Беслан», «Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩы» уҳәа егь.). Иуа Коӷониа ипоемақәа рҟны аҭыԥ ду ааннакылоит иԥсабара гәакьа исахьаркны ахцәажәара. Иара ирҿиара аҟны ахархәара ду рыман амилаҭтә ҿаԥыцтә рҿиамҭақәа, уаантәи иааган амотивқәеи ахаҿсахьақәеи.

Иуа Абас-иԥа Коӷониа
Иуа Абас-иԥа Коӷониа
Аира жьҭаарамза 28иул. / абҵарамза 10, 1903 ш.грег.
Кәтол
Аԥсра рашәарамза 15, 1928 ш.
Аҟәа
Аусура ашәҟәыҩҩы,
апоет
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла

Абиографиа аредакциазура

 
Иуа Абас-иԥа Коӷониа

Зыԥсҭазааратәи зырҿиаратәи мҩа заа иԥҵәаз, аха ԥсра зқәым аԥҵамҭақәа ҳзаанзыжьыз, иналукааша аԥсуа поет Иуа Абас-иԥа Коӷониа диит 1904 шықәса, хәажәкырамза 13 рзы Очамчыра араион (усҟантәи Кәыдрытәи ауезд ахь иаҵанакуаз) Кәтол ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы. Уи иаб Абас Гьадлач-иԥа Коӷониа, еицырдыруаз аҽыбӷаҟаза, ихьӡ Аԥсны иахыҵәахьан. Иқыҭан аиҵбыратәи ашкол даналга ашьҭахь, 1919 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа (ашьҭахь арҵаҩратә техникумхеит). Асеминариаҿы усҟан аԥсуа бызшәа арҵаҩыс дыҟан Д. Гәлиа. Уи иаԥшьгарала асеминариаҿы еиҿкаан ахатә напҩыратә журнал «Шарԥыеҵәа» ҭзыжьуаз аԥсуа литературатә гәыԥ. Ҿыц аҩра иалагаз асеминаристцәа реиԥш, Иуагьы ихы ԥишәоит ажәеинраалақәа раԥҵараҿы, дацԥыҳәаны иҽрылаирхәуеит алитературатә гәыԥи ажурнали русура.

Усҟан аменшевикцәа Аԥсны иахаԥаны иркын. Даара ихьанҭан аџьажәлар рыԥсҭазаара. Арҭ ауадаҩрақәа хьаас имкыкәа, дмаашьакәа, ибзиангьы аҵара иҵон Иуа. Ирҵаҩы Д. Гәлиа иеиԥш, иаргьы агәра ганы дыҟан аџьажәлар рыԥсҭазаашьа бааԥсы аиӷьтәразы, аҩыҵхахара иаҿыз аԥсуа жәлар ркультура ашьҭыхразы, урҭ ирылаҽны иҟаз амцхаҵарақәа, азалымдарақәа, ацәыхцәыфарақәа уҳәа, ацәгьамыцәгьақәа ириааины икарыжьырц азы зегь реиҳа ирыхәашаз хәшәны ишыҟаз аҵарадырра, алахтра, ахдырра. Абарҭ азҵаарақәа роуп изызкыз 1920 шықәсазы агазеҭ «Аԥсны ианылаз жәаф шықәса зхыҵуаз И. Коӷониа раԥхьатәи иажәеинраалақәеи истатиақәеи.

Иуа Коӷониа 1921 шықәсазы акомҿарра далалоит, Кәтолтәи ақыҭсовет алахәылас дҟарҵоит. Уи далахәын Аԥснытәи акомҿар реизара ду. 19241925-тәи ашықәсқәа рзы иара еиҿикааит аԥсуа литературатәи адраматәи агәыԥқәа, инапхгарала хымчыбжьа рахь знык иҭыҵуан анапылаҩыратә журнал «Аҿар рыбжьы». 1925 шықәсазы И. Коӷониа атехникум даналга Москватәи аҳәынҭқарратә ажурналистикатә институт дҭалоит.

Москватәи истуденттә шықәсқәа аредакциазура

1925 шықәсазы Иуа Коӷониа дҭалоит Москва ажурналистикатә институт. Иара убри ашықәсазы иҭыҵуеит иахьа Аԥсны хәыҷгьы- дугьы еицырдыруа ипоема ҟаимаҭқәа.

Иуа Коӷониа Москватәи аинститут данҭала ашьҭахьгьы иикьыԥхьхьаз ипублицистикатә статиақәа иаҳдырбоит ажурналистика аганахьалагьы апоет аҟыбаҩ збзиа шимаз. Москва, Иуа иҽадцаланы иҵарадырра иазирҳауан, иҽрылархәуан еиуеиԥшым агәыԥқәа, изхара избомызт адунеи аџьажәларқәа зегьы рзы илашарбагаз аҳҭнықалақь. Ихы мшаҭакәа, иҵареи азеиԥш уси, даныҩеидас нахыс иԥсы зыҿҳәараз ирҿиаратә усуреи еилеигӡон, аха аамҭа изхомызт. Аамҭа ицәагон, иара убас, иматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны махәҿалагьы аусура ахьиқәшәоз. Аинститут аҟны уи иоуан астипендиа, аха изхомызт, ифатә иагын, убас ишәҵатәгьы. Иҭаацәагьы ицхрааратәы иҟамызт, избанзар иаб дыԥсит, уа иаанхеит ф-ҩык аусура злымшоз. Аԥснытәи аиҳабыра есымза 25 мааҭ изоурыжьуан, аха уигьы маҷын.

Дзықәшәаз амчымхара атәы иаахҵәаны иҳәоит апоет Аԥсны Асовнарком ахантәаҩы Н. А. Лакоба иахь ииҩыз арзаҳал аҟны: «Москва, Ажурналистикатә институт аҿы аҵара сҵоит… Исоууеит 10 мааҭк астипендиа, уи арҵага шәҟәқәа раахәара заҵәык ауп изызхо. Аӡынмаҭәа амамзаара иахҟьаны ҵыԥх, шамахамзар, сҩызцәеи сареи ҳзыҩназ ауадаҿы стәан, аҵарахьы анеираҵәҟьагьы сцәыуадаҩын. Сзыхшаз сҭаацәа рахьтә ацхыраара сақәгәыӷуам, избан акәзар Москва аҵара санҭала ашьҭахь саб дыԥсит, иаанхеит аусура злымшо фҩык. Арҭ зегьы ацхыраара рҭахуп, аха сара срыхәартә еиԥш алшара сымам». Иара убас исалам шәҟәқәак рҟны ҳаԥхьоит: «ԥшьымшуп, абар, сԥарақәа нҵәеижьҭеи, аха егьаурым, сгәы ахаҵара уи еиԥшқәа рзы иҭрысуа ыҟам. Шәара шәысцәымшәан, ча ҿаҵак сара ианакәзаалак исыԥшаауеит, аӡәгьы дмыргәамҵкәа. Уаҵәы сҩызцәа астудентцәеи сареи ҳцараны ҳаҟоуп усура».

Иҩымҭақәа аредакциазура

Раԥхьатәи аԥсуа поема аредакциазура

Алитератураҭҵааҩцәа еицҿакны иазгәарҭоит Иуа Коӷониа иоуп ҳәа аԥсуа литератураҿы апоема ажанр хацзыркыз. Уи ипоемақәа жәлар рҳәамҭақәа шьаҭас ирымоуп, изызку атемақәа аамҭақәа зегьы рзы иактуалтәуп, ауаҩытәыҩсатә цәаҩа хадақәа рныԥшуеит: абзиабара, аиҩызара, аламыс, ачарҳәара. Аԥсуа школхәыҷқәа зегьы ирдыруеит Иуа Коӷониа ипоема «Наҩеии Мзауҷи», «Абаҭаа Беслан» уҳәа рҟынтә ацәаҳәақәа.

«Абаҭаа Беслани» «Наҩеии Мзауҷи» И. Коӷониа ихьӡ кашәара ақәымкәа дҟазҵаз инеиҵыху аепикатә ҳәамҭақәа, апоемақәа роуп. Ипоемақәа, шамахамзар, зегьы шьаҭас ирымоуп ажәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа, ҷыдала урҭ рҭоурых- фырхаҵаратә ҳәамҭақәа. Апоет ажәлар рырҿиамҭахь ихьаԥшра машәырны иҟамлеит. Апоемақәа иҿыцу аепиграф аҿы уи ихаҭа иҳәоит урҭ рыҩра игәазырԥхаз абиԥара ҿыцқәа рзы аиқәырхара шакәу:

Саҟәыҵыр, исымҩыр,
Ибжьаӡӡоит иара,
Иахаану маҷхар,
Ирхашҭӡоит жәлара.

Иуа Коӷониа иқәҿиарақәа иреиҳауп сахьаркырала аҩымҭақәа зегьы иаарылукаартә иҟоу апоема «Абаҭаа Беслан». Егьырҭ ипоемақәа рҟны еиԥш, ари апоемаҿгьы апоет иҭихуеит афырхаҵа хада иҭеиҭыԥш:

Аԥсны иааӡаз Абаҭаа
Дхаҵа ӷьеҩын иаамҭала.
Чаԥашьалеи ԥшра-сахьалеи
Дкаҷҷа-каҷҷон мра ҳасабла…

Алитератор В. Аҵнариа иҩуан: «Аԥсуа литератураҿы ҳара иҳамам Беслан ихаҿсахьа аҟны еиԥш аԥсуа иламыси, иуаҩреи, ихаҵареи, иаамысҭашәареи абысҟак еицнеиуа, ихеибарҭәаауа иҳаракны иахьаарԥшу даҽа ҩымҭак» ҳәа. «Наҩеии Мзаҷи» Уаанӡа ҳзыхцәажәоз апоема аасҭа алирикатә цәа ахоуп аҩымҭа «Наҩеии Мзауҷи». Уи зызку аиҩызареи абзиабареи – апоет иаҳа алшара ирҭоит аепикатә ҳәамҭа лирикала аарԥшразы. Араҟа еилаӡҩеит аепикатә жәабжьеиҭаҳәареи алирика - цәанырратә хәшьареи. Алирика-епикатә поема «Наҩеии Мзаҷи» асиужет шьаҭас иамоуп жәлар рҳәамҭа. Ари аҩымҭа ишьақәнарӷәӷәоит ажәлар еицырзеиԥшу, урҭ рдоуҳатә зҩыдара злыжжуа ахшыҩҵак: нҵыра амам ацәгьара шьаҭас измоу анасыԥ, аиааира агоит аиаша. Адраматә ҟазшьа амоуп, еибарххоуп асиужет. Мыцхәы бзиа еибабоз ҩыџьа аиқәлацәа, аигәылацәа, аиуацәа Наҩеии Мзауҷи еснагь еицын, шәарыцара, ныҟәара еиццалон, аха ҽнак Наҩеи ԥҳәыс ссирк дааигеит:

Лара мыцхәы дыԥшӡаӡан,
Лычаԥашьак митәӡан,
Ҟазшьалагь дхааӡан,
Зегь рыла дссирны дшан.

Мзауҷ бзиа дибеит иҩыза иԥҳәыс. Иҩызагьы уи иахырҟьаны дҭеирхоит. Аха аиаша ахы цәырнагоит. Иуа Коӷониа ипоемақәа зегьы зызку «аԥсуара» ҳәа азеиԥш хьӡы змоу, аԥсуа жәлар зқьышықәсала идырҿиаз аетика-моралтә дунеи, ауаҩра, аламыс уҳәа рыхьчара, рзышәаҳәара ауп, ацәгьа ҟазҵо иахьырхәроуп. Урҭ рҟны апоезиа бызшәа ҳаракыла ашәа рхиҳәаауеит аламыс шьаҭас измоу афырхаҵара, ҳәаа змам абзиабареи аиҩызареи, иҿаԥиҽуеит зхы мацара ада хәыцырҭа змам ауаа гьангьашқәа, ахамаԥагьара бзамыҟә, ақәылара-еимҵәарақәа уҳәа уб егь.

Ажәакала, И. Коӷониа апоемақәа рыла зегьы еицгәарҭаратәы иҟаиҵеит ижәлар рдоуҳатә беиара иахылҵыз, наунагӡа ԥсра зқәым ауаҩытәыҩса иреиӷьӡоу иҟазшьақәа: аламыс, ақьиара, агәымшәара. («Ҳанифа-ԥшӡа», «Жанаа Беслан иԥацәа», «Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩы» …).

Иуа Коӷониа илирика аредакциазура

Апоет дышқәыԥшӡаз еиликааит аԥсуа жәлар рҿаԥхьа идыз ауалԥшьа. Зааӡатәи иажәеинраалак аҿы иҩуан: «Иааулап ҳара ҳауаажәлар рзы аус!».

Иуа Коӷониа еицеиԥшны ицааиуан алирикеи аепоси, аԥсуа литератураҿы деицырдыруа, ихьӡ камшәо дҟазҵаз ипоемақәа шракәугьы. Лирикк иаҳасаб ала, усҟантәи аԥсуа поетцәа даарылукааратәы дызлаҟалаз, уи инаҵшьны ицәыригоит ихатә субиективтә дунеи, ишиашоу иааирԥшуеит аԥсҭазаареи аԥсабареи рцәырҵрақәа издырҵысуа ацәаныррақәа. Уи ипоезиа дахәаԥшуеит аԥсы иауазны, агәы иаҭырџьманны. Иреиӷьӡоу иажәеинраалақәа ҟазшьа хадас ирымоуп ауаҩытәыҩса иҩныҵҟатәи идоуҳатә дунеи иашьашәалоу агәҭыхаҳәарақәа, агәҭахәыцрақәа, ауасиаҭҳәара. Уи заа иҽырҟәиҭхеит афилософиатә, алабжьаратә ҟазшьа змаз Д. Гәлиа ипоезиа, иааџьоушьаратәы ирласны иалихит апоезиаҿы ихатәы мҩа. Апоет уа амцхә игәы дырцыхцыхуан аԥсҭазаараҿы иԥылоз абзиеи ацәгьеи, агәышьҭыхра изҭоз асахьақәеи, игәы изырхьуаз ацәырҵрақәеи. Уи илира еиуеиԥшым абжьырацәа зхылҵуа музыкатә инструментуп.

Иуа Коӷониа илирикатә мчхара зегь реиҳа иааԥшит Аԥсны аԥсабара блахкыга асахьақәа раарԥшраҿы. Уи апоезиатә лирика улаԥш ихгыларатәы ацәыргара дшазҟазоу шаҳаҭра руеит ажәеинраалақәа «Ашәарыцаҩ ашьха», «Аӡын ҵхы», «Аҵых ҵәца», «Аӡын мшы», «Ааԥынтәи ахәылбыҽха» уҳәа убас егь. Уаҟа ӷәӷәала еиларсуп апоет ицәаныррақәеи аԥсабара адәныҟатәи асахьақәеи.

Лирикатә поетк иаҳасаб ала аасҭа, И. Коӷониа хараӡа еиҳа дыӷәӷәан аепикатәи алира - епикатәи ҟазшьақәа змоу ипоемақәа рыла. Урҭ рахьтә акызаҵәык – «Ашәаныуа Мырзаҟан» ауп аҭоурыхтә хҭыс темас иамоу. Иуа Коӷониа ҳлитератураҿы раԥхьаӡа акәны ахы икит алирикаҵәҟьа ажанр, ицәыригеит иара иаԥхьа аӡәгьы дызхымцәажәацыз атемақәа, апроблемақәа, апоезиатә бызшәа рзиԥшааит аԥсуа иԥсабара иашьашәалоу, иазгәакьоу адоуҳатә хазынахәқәа.

Апоет иԥсҭазаара иалҵра аредакциазура

Хыхь ишаҳҳәахьаз еиԥш, Иуа Коӷониа акыр иуадаҩын Москватәи иԥсҭазаара. Абас еиԥш иҭагылазаашьа иахҟьаны, дычмазаҩхеит, аха ичҳаны ус дааиуан, иҵара каижьуамызт. Насгьы ӷәӷәала игәы иасит иаби иаб иаҳәшьеи рыԥсра. Иуа Коӷониа 1927 шықәсазын дычмазаҩхоит. Уи еиҳа - еиҳа ичымазара аҽарӷәӷәон, аҵарагьы аусурагьы илымшо дышьҭанаҵеит. Ианамуӡа, Аԥсныҟа дааргеит, аратәи аҳауа зҩыда ихәоз џьшьа, аха усҟан ачымазара иара атәы ҟанаҵахьан. 1928 шықәса ииуль 14 рзы, аинститут алгаразы маҷк шигыз, иԥсҭазаара далҵит аԥсуа поезиа ашаеҵәа И. А. Коӷониа. Дагьыржит уи иқыҭа гәакьа Кәтол. 1965 шықәсазы апоет ибаҟа ықәдыргылеит Аҟәа амшын ахықәан.

Иуа Коӷониа иаалырҟьаны иԥсра гәалсра хьанҭаха ирзыҟалеит аԥсуа жәлар зегьы. Ажурнал «Еҵәаџьаа» аномерқәа руак ишеибгаз апоет иԥсра иазкны иҭыжьын. Иуа Коӷониа аԥсуа литератураҿы дзыԥсаз, иаамҭанымкәа иԥсра шаҟа ҳмилаҭ культура аҿиара еиҵанархаз атәы иахцәажәеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа: Д. Гәлиа, Ӡ. Дарсалиа, М. Аҳашба, И. Папасқьыр, П. Ҷкадуа.

Д. Гәлиа иҩуан: «Ҳаԥыхьа далгоит ҳәа аҵара, ҳаԥсуа литература ирҿыхоит ҳәа ҳашиеигәырӷьоз, иҟалазеи? Иҟалазеи – дычмазаҩуп ӷәӷәала, аҳақьымцәагьы дук изиқәгәыӷуам рҳәоит. Ари иара дыздыруа зегьы дыдыбжьны ирылаҩит, ргәы канажьит, рнапқәа рываҳауеит, аиҳарак аԥсуа литература знапы алакыз. Уажәы иҳаҳаит дыԥсит ҳәа, ари зынӡак агәкажьга. Убас иамуит ачымазара бааԥсы». М. Л. Аҳашба истатиаҿы ҳаԥхьоит: «Даҳцәыӡит мыцхәы ҳзықәгәыӷуаз аԥсуа шәҟәыҩҩы. Аԥсуа литература иампыҵабеит аԥсуа литература дгьыл иныҵшәаз аӡыхь бзиа, аӡыхь ду».

Апоет қәрахьымӡа иԥсра иазкны ажәеинраала иҩит Л. Кәыҵниа. Уаҟа уи иҩуан:

Икыдшәеит ҳаеҵәа, уаҳа иԥхаӡом,
Алашара ацәыӡит, наӡаӡа иаабаӡом.
Аԥсуа литература шәҭык ахшәеит,
Аԥсуа литература еҵәак ацәҭашәеит!

Иуа Коӷониа иԥсра аԥсуа литературазы шаҟа ицәыӡ дууз атәы ибзианы иҳәеит апоет О. Демерџь-иԥа, уи иҭаацәара рахь ииҩыз асалам шәҟәы гәыҿкаагаҿы: «Уахынла амза аныҟам, аеҵәақәа ыҟоуп, аха илашьцоуп аԥсабара. Ишнеиуа, аҵх агәҭа ианынахыслак, игылоит ашаеҵәа ҳәа еҵәак. Егьырҭ аеҵәақәа зегьы рылымкаа, уи шаԥшаԥуеит, ишгылалак ашара ҟалоит, амрагьы хара имгакәа игылоит. Убри даҩызан ҳалмас Иуа, зегь рылымкаа дшаеҵәаха Аԥсны азы дгылан, дымрахахьан егьигмызт, аха дахьызмыгӡашаз, ҳагәнаҳара зықәшәаша, ачымазара даҳцәагеит».

Иуа Коӷониа ибаҩхатәра ду алшарақәа зегьы ихы иаирхәартә еиԥш аамҭа имоуит, игәахәтәы дахьнамыгӡеит иаџьал, иԥсынҵры кьаҿ. Насгьы, рхабар ыҟамкәа ибжьаӡит Москва аҵара аниҵоз иаԥиҵаз арҿиамҭақәа. Аха, ус шакәугьы, уи иҭынхеит ԥсра-ӡра зқәым апоемақәеи ажәеинраалақәеи. Апоет илирика зегьы дызҭагылаз аамҭа иазкуп, иепикатә ҩымҭақәа ракәзар, урҭ ажәытә ԥсҭазаара иадҳәалоуп, шьаҭасгьы ирымоуп, шамахамзар, ажәлар рфырхаҵара-ҭоурыхтә ҳәамҭақәа.

Ахархәара змоу алитература аредакциазура

  • Хә. С. Бӷажәба. Аԥсуа литературазы. Аҟәа, 1960.
  • Ш. Д. Инал-иԥа. Аԥсуа литература аҭоурых аҟынтә. Аҟәа, 1961ш.
  • В. Л. Ҵнариа. Ашаеҵәа.Аҟәа, 1979ш.
  • М. Т. Лашәриа. Ажәа аҳәаақәа. Аҟәа.1973ш.
  • Б. А. Гәыргәлиа. Аԥсуа поема. Аҟәа, 1974ш.
  • М. Т. Лашәриа, И. А. Коӷониа иаԥҵамҭақәеи аԥсуа советтә поезиаҿы аепикатә жанрқәа рырҿиареи. Аҟәа, 1979 ш. (урысшәала).
  • В. Б. Агрба. Аԥсуа поезиеи жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭеи. Қарҭ, 1970 ш.
  • В. Л. Аҵнариа. Б.В. Шьынқәба ирҿиамҭа. Алирика. Аепос. Апоетика. Қарҭ, 1970 ш.(урысшәала)
  • Аԥсуа литература аҭоурых аочеркқәа. Аҟәа, 1974 ш. (урысшәала)
  • Ажәеинраалақәеи апоемақәеи, Аҟәа, 1969ш.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 902

Азхьарԥшқәа аредакциазура