Кәарҷиа, Заур Гьаргь-иԥа
Заур Гьаргь-иԥа Кәарҷиа (аур. Заур Георгиевич Кварчия; ԥхынгәымза 20, 1936 ш., Ҷлоу ақыҭа, Очамчыра араион — 2008 ш.) — Аԥсуа поет.
Абиографиа
аредакциазураДиит 1936 шықәса ԥхынгәымза 20, Ҷлоу ақыҭа, Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 2008 шықәсазы. Джуп Ҷлоу ақыҭа.
1959 шықәсазы дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт, ихиркәшеит 1964 шықәсазы.
1986 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә-иуристтә факультет далгоит (латәарада).
Акьыԥхь аҿы дцарҵит а-60-тәи ашықәсқәа инадыркны.
Абиблиографиа
аредакциазура- Ахышьҭрахь. Аҟәа, 1978 Шықәса;
- Аблакәа анеиқәшәо. Аҟәа, 1984
- Аӡаӡаҳәымҭа. Аҟәа, 1987 Шықәса;
- Ихароу агәыграқәа. Аҟәа, 1990 Шықәса;
- Аԥсҭазаара амаза. Аҟәа, 1994 Шықәса;
- Ахаҵа данхаҵоу. Аҟәа, 1994 Шықәса;
- Ашьаҿақәа. Аҟәа, 1994 Шықәса;
- Алхас. Аҟәа, 1995 Шықәса;
- Ахак. Аҟәа, 1996 Шықәса;
- Ахара азааигәахара. Аҟәа, 1996 Шықәса.
Алитература
аредакциазура- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 935
Азхьарԥшқәа
аредакциазура- Кварчия Заур Георгиевич (аур.)
- Кәарҷиа Заур Гьаргь-иԥа (аԥс.)