Кәыпраа, Арвелод Ерасҭа-иԥа

Арвелод Ерасҭа-иԥа Кәыпраа (аур. Арвелод Эрастович Куправа; жьҭаарамза 141924 ш., Река ақыҭа, ССР Аԥсныжьҭаарамза 92019 ш.) — абаҩхатәраду змоу аџьынџьтәылатәи аҭоурых аҭҵааҩцәа ргәыԥ даҵанакуеит. Иара дҩаӡоит аҭоурыхтә наукақәа ркандидат иҟынтәи апрофессор иҿынӡа. Арвелод Ерасҭа-иԥа 480 инареиҳаны акьыԥхьтә усумҭақәа дравторуп, урҭ рахьтә иҟоуп 30 инареиҳаны ашәҟәықәеи аизгақәеи. Ирҿиаҭамқәа рҿы аҭыԥ ду ааныркылоит аҵарауаа, арккареи акультуреи русзуҩцәа, амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара алахәыцәа, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа ирызку аусумҭақәа. Уи инаукатә усура амҽхак даара иҭбаауп, иараҽсымша ареспублика анаукатәи, ауаажәларратәи ԥсҭазаараҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рыгәҭа дгылоуп.

Кәыпраа, Арвелод Ерасҭа-иԥа
Аира жьҭаарамза 14, 1924 ш.
Аԥсра жьҭаарамза 9, 2019 ш.

Азхьарԥшқәа

аредакциазура