Кәыҵниа, Никәала Ҭарашь-иԥа
Никәала Ҭарашь-иԥа Кәиҵниа (аур. Николай Тарасович Квициниа; хәажәкырамза 13, 1938 ш., Аҭара ақыҭа, Очамчыра араион — абҵарамза 23, 2020 ш.) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, апублицист, аиҭагаҩ.
Абиографиа
аредакциазураДиит 1938 шықәса хәажәкырамза 13 рзы Аҭара ақыҭа Очамчыра араион. Аҵара иҵон Аҭартәи, Аҟәатәи аԥсуа бжьаратә школқәа рҿы.
1955 - 1959 шықәсқәа рзы - Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә училишче аҿы, уи данагала, 1959 шықәсазы, дҭалгоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт афилологиатә фвкультет, араҟа иҵара хиркәшоит 1964 шықәсазы. Аҵара иҵон иара убас А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны (латәарада).
1984 - 2004 шықәсқәа рзы Никәала Кәыҵниа ажурнал «Алашара» даредактор хадоуп, 2004 шықәса инаркны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дахантәаҩуп.
Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1955 шықәса инаркны.
Абиблиографиа
аредакциазура- Сара сҽыжәлоит. Аҟәа, 1964 шықәса.
- Сиеҵәахә кыднаҵ. Аҟәа, 1966 шықәса.
- Аҿаҩақәа рҿыхара. Аҟәа, 1967 шықәса.
- Арҭ ашықәсқәа. Аҟәа, 1969 шықәса.
- Сықәуп сара адгьыл. Аҟәа, 1972 шықәса.
- Ажәҩан саркьа. Аҟәа, 1973 шықәма.
- Аҿа анҩеиуа. Аҟәа, 1976 шықәса.
- Егры инаркны Ԥсоунӡа. Аҟәа, 1981 шықәса.
- Ацҳақәа. Аҟәа, 1984 шықәса.
- Наунагӡа. Аҟәа, 1985 шықәса.
- Аҿахәы. Аҟәа, 1988 шықәса.
Иеиҭагақәа
аредакциазура- Ацҳақәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 1984 шықәса.
Алитература
аредакциазура- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 928