Лабахәуа, Леонти Бахәа-иԥа

Леонти Бахәа-иԥа Лабахәуа (аур. Леонтий Бахович Лабахуа; ԥхынҷкәынмза 261912 ш., Река ақыҭа, Очамчыра араион1938 ш.) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Абиографиа

аредакциазура

Диит ԥхынҷкәынмза 261912 ш. Река ақыҭа Очамчыра араион. Гәнаҳарала, харада-барада, дҭадырхоит 1938 шықәсазы.

Аҵара иҵон иқыҭа гәакьаҿ, ашьҭахь, уаатәи алагарҭатә школа даналга, 1924 шықәсазы быжь-класск змаз Очамчыратәи аԥсуа школ аҿы иҵара наигӡоит, уи даналга, 1928 шықәсазы, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә техникум данаахәоит. 1932 шықәсазы, дызҭаз атехникум аҿы иҵара хыркәшаны, Л. Лабахәуа дҭалоит абри ашықәсан ҿыц иадырҭыз Н. А. Лакоба ихьӡ зхыз Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә педагогтә институт афилологиатә факультет. Абри аинститут ибзианы ҳәа далгоит 1936 шықәсазы.

Л. Лабахәуа, ихаҭа излаигәалаиршәо ала, аинститут данҭаз ԥшьышықәса рыҩнуҵҟа напхгара азиуан иара иаԥшьгарала иеиҿкааз алитературатә кружок.

Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1932 шықәсазы.

Абиблиографиа

аредакциазура
  • Аԥхьатәи ашьвҿақәа. Аколлективтә еизга. Аҟәа, 1934 шықәса.
  • Иҩмҭақәа. Аҟәа, 1958 шықәса.
  • Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1980 шықәса.

Алитература

аредакциазура
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 906

Азхьарԥшқәа

аредакциазура