Лыхнытәи аҳҭынра — аҳра зуаз аҭауадцәа Чачаа ртәарҭа.

Лыхнытәи аҳҭынра. Аиҭашьақәыргылара.

Архитеқтура

аредакциазура

Ҳәарада, Лыхны ақыҭа зегь реиҳа ихадоу архитеқтуратә баҟаны иҟоуп азеижәтәи-жәиԥшьтәи ашәышықәсақәа раантәи ахан, ажәабатәи ашәышықәсақәа рзы иргылаз ауахәамеи рыла. Аҳҭынра адәқьыра амрагыларахьтәи ахәҭа агәҭаны игылоуп. Актәи аихагыла аҭӡамцқәа зынӡа еиқәханы иҟан, аҩбатәи аихагыла ԥхасҭахеит, ахыбгьы, аҭуангьы шьҭамкәа иӡит. Уажәы зегьы еизакны агыларҭа 10 метра ауп. Блала иаҳбоит аҳҭынра ҩ-еихагылак шамаз, аха амардуан ссир, иҭбааҭыцә аҟазаара ииасыз аамҭа иаҩызоуп. Аҩбатәи аихагылахь уназгоз адәныҟатәи амардуан ауасхыр, аҳҭынра аҩадатәи аҭӡамц аҟынтәи метраки бжаки рыбжьара, аҩналарҭа хада арымарахь ала иҟан, уи ҳара иаҳбоит аҳҭынра ахь ҳаннеиуа. Амардуан ҩ-шьапык змаз аиԥшьра иаҵын. Ари ииашаҵәҟьаны амонументалтә ҩаӡара мраҭашәаратәи аган хада арԥшӡон, насгьы анхаразы иҟаҵаз аҩбатәи аихагыла ахь уназгоз. Аҳҭынраҿы аԥенџьырқәа рформеи рҭыԥи зегь раԥхьаӡа иргыланы ашәарҭадара иазкын. Иҟоуп агәаанагара, аҩбатәи аихагылаҿы иҟаз аԥенџьырқәа ҭбаан, насгьы ашәырӡқәа рыла иҭәын, избанзар ажрақәа раан аԥенџьырқәа рыԥҽыхақәа рыԥшааит. Адаԥа-аихац мҿыла иҟаҵан, урҭ амцабзқәа раан иӡит, уи аҳҭынраҿы зныкымкәа иҟалахьан. Адокументқәа рыла иарбоуп, 1818 шықәсазы, аҳҭынра, еиҳа еиӷьны иуҳәозар, уи иаанхаз, акамбашьқәа рҭыԥны ишыҟаҵаз, Сафар-беи ихаҭа араҟа, Лыхнытәи адәҳәыԥш аҿы амҿтәы ҩны хәыҷк аҿы дынхон.

Аҳҭынра иахьышьҭоу аҭыԥ ароль

аредакциазура
 
Лыхнытәи аҳҭынра. Иахатәи аҭагылазаашьа.

Ианакәызаалакгьы ақыҭа аԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа аҭыԥ ааннакылон адәҳәыԥш, еиҳа ииашаны иуҳәозар, ашҭа. Лыхнытәи аҳҭынра аԥшәмацәа рҽазыршәеит уи иахьынӡазалшоз иақәиҭны, иҭбааны иаанрыжьырц, аҳҭынра ашҭа аҵыхәанӡа ииаганы. Амҩеи ашҭеи рҿынтә ибзианы иубарҭан. Насгьы аҩналарҭа хада ахьынтә егьи аган ахь иԥшыз аԥенџьырқәа рыла аҳҭынра инхоз ауаа ирбон анаҟә иацәыӡыз аиҩхаа, ашьхақәа асы зқәыԥсаз.

Алитература

аредакциазура