Мархолиа, Михаил Константин-иԥа

Михаил Константин-иԥа Мархолиа (ажьырныҳәамза 101935 ш. — хәажәкырамза 302004 ш.) — еицырдыруа, атеатри акинои ррежисиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара усзуҩын.[1]

Абиографиа аредакциазура

Изгәакьаз аԥсуа жәлар рҟазара амаҵ аура ирҿиаратә ԥсҭазаара зегьы азкын, иааирԥшуан аҟыбаҩ ҷыда, аусураз агәацԥыҳәара, ахамеигӡара. 1966 шықәса раахыс М. К. Мархолиа С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы режиссиорс аус иуан, Аԥсуа телехәаҧшра анышьақәгылаз амш инаркны режиссиор хадас дыҟан. Иара дыруаӡәкуп анаҩс акыр шықәса режиссиор хадас дызмаз Аҟәатәи ахәаԥшҩы қәыԥш изку аурыс театр ашьақәыргылаҩцәа (1981).

Михаил Констанин-иԥа Мархолиа 1991 шықәса рзы дҟалоит «Аԥсуафильм» акиностудиаҿы асахьаркыра-документалтә фильмқәа ррежиссиор хадаси рсахьаркыратә напхгаҩыси.

Алитература аредакциазура

  • История Абхазии - свидетель: [художественно-публицистический фильм абхазских кинематографистов]//РА. - 1994. - 8 января, (№ 2). - С.1.
  • Михаил Константинович Мархолия//РА.- 2004. - (№ 35).- С.4.

Азгәаҭақәа аредакциазура

  1. Гыцба арежиссиор Михаил Мархолиа изы: ауаҩра илан, уқәҿиарақәа дреигәырӷьон. Спутник-Аԥсны. ажьырныҳәамза 52020 ш. онлаин.

Азхьарԥшқәа аредакциазура