Миурдаль, Альва

швециатәи адипломат, Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат

Альва Миурдаль (ашвед. Alva Myrdal; ажьырныҳәамза 311902 ш., Уппсалажәабранмза 11986 ш., Стокгольм) — швециатәи адипломат, аполитик, асоциолог, Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат (1982 ш. рзы Альфонсо Гарсиа Роблеси лареи еицроуит). Аекономист, иара убасгьы, Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат Гуннар Миурдаль иԥшәмаԥҳәыс, ашәҟәыҩҩы Иан Миурдали, афилософ Сиселла Боки, асоциолог Каи Фиольстери ран.

Альва Миурдаль
Alva Myrdal
Аира ажьырныҳәамза 31, 1902 ш.
Уппсала
Аԥсра жәабранмза 1, 1986 ш.
Дандерюд
Аԥсыжра аҭыԥ Garden of Remembrance, Norra Begravningsplatsen
Атәылауаҩра Швециа
Алма-матер Уппсальский университет,
Стокгольмский университет
Аусура дипломат,
аполитик,
социолог,
ашәҟәыҩҩы
Аусураҭаҩ Еидгылоу Амилаҭқәа Рорганизациа
Анашьамҭақәа Нобелевская премия мира
премия «Монисмания»
премия мира Альберта Эйнштейна
почётный доктор Брандейского университета
Премия мира Уотелера
… подробнее на Викиданных
Апартиа Социал-демократическая рабочая партия Швеции
Ахаҵа/Аԥҳәыс Гуннар Мюрдаль (1924 ш. инаркны)
Ахәыҷқәа Ян Мюрдаль,
Sissela Bok,
Kaj Fölster
Абызшәақәа Ашвед бызшәа,
Англыз бызшәа
Амаҵура ambassador of Sweden to India (1955 ш.–1961 ш.)
ambassador of Sweden to Burma (1955 ш.–1959 ш.)
ambassador of Sweden to Nepal (1960 ш.–1961 ш.)
ambassador of Sweden to Sri Lanka (1960 ш.–1961 ш.)
член Первой палаты риксдага (1962 ш.–1970 ш.)
… подробнее на Викиданных
Альва Миурдаль, 1968 ш.

Альва Миурдаль (Alva Myrdal). Анысмҩа аредакциазура

Альва Миурдаль диит ажьырныҳәамза 31, 1902 шықәса рзы Уппсала ақалақь аҟны, Швециа. Илызҳаит аргылаҩ иҭаацәараҿы. Альва еснагь лаб инапы злакыз аусқәа зегьы дрызҿлымҳан. Лаб иакәзар, иусура анаҩсангьы, швециатәи асоциал-демократиатә партиа далахәылан. Альва Миурдаль иреиҳау аҵарадырра лоуит Стокгольмтәи ауниверситет аҟны. Анаҩс, лара аҵара лҵон Лондон, Леипциг, Стокгольм, Женева ақалақьқәа рҟны. Альва дызхысыз амаҭәарқәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп асоциологиа, афилософиа, аԥсихологиа, апедагогика. Альва Миурдаль аҭаацәара далалеит 1924 шықәса рзы. Уи длынасыԥхеит аекономист Гуннар Миурдаль, Стокгольм ақалақь аҟны аиуристтә практика знапы алакыз. Дара ирыхшеит хҩык ахшара — аԥа, анаҩс ишәҟәыҩҩхаз Иан Миурдали, аԥҳацәа —ифилософхаз Сиссела Боки, исоциологхаз Каи Фиольстери. Альва Миурдаль аҵарадырра ахырхарҭа аҟны аус луан, 1936 шықәса инаркны 1948 шықәсанӡа. Ари аамҭа иалагӡаны лара ашколтә рҵаҩы лҟынтә адиректорра аҟынӡа днеит. Директорс даман лара иаԥылҵаз ашколқәранӡатәи аҵарадырразы Апедагогикатә институт, дагьықәгылон апедагогика аҟны апрогрессивтә методқәа ралагаларазы. Иара убри аамҭазы Альва Миурдаль аҵарадырра ареформа азуразы Акралратә комиссиа аилазаара далаҵахоит. Лара далхын ашколқәранӡатәи аҵарадырразы Адунеизегьтәи ахеилак акомиссиа аамҭалатәи ахантәаҩыс. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан ахҵәацәа рпроблемақәа аӡбараҿ дрыцхраауан, урҭ инеитралтәу Швециа акәшамыкәша ахыҵакырҭа иашьҭан. Альва Миурдаль Европа акультуратә цхыраара аҭаразы швециатәи атәылауаҩратә еиҿкаарақәа еизаку рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Адемографиеи асоциалтә реформақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалаз акыр акьыԥхьымҭақәа рнаҩс, Альва ауаажәларратә усуразы лкариера хацлыркуеит. 1938 шықәса инаркны 1947 шықәсанӡа лара аҳәса аусдкылаҩцәеи аусуҩцәеи Жәларбжьаратәи рфедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ имаҵзура аанылкылон. 1949 шықәса инаркны 1955 шықәсанӡа Еиду Америкатәи Аштатқәа, Ниуи- Иорк ақалақь аҟны Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара администрациа аҟны аус луан. Анаҩс, 1961 шықәсанӡа Швециа ацҳаражәҳәаҩыс Индиа дыҟан. Миурдаль, 1962 шықәса инаркны 1973 шықәсанӡа, абџьар алгаразы Женеватәи ахеилак аилазаара аҟны швециатәи аделегациа хантәаҩра азылуан. Акраамҭа ИУНЕСКО асистема аҟны аус луан, абџьар алгара апроблемақәа лыӡбон. 1967 шықәса рзы Таге Ерландер исоциал-демократиатә кабинет аминистрцәа реилазаара далаҵан, абџьар алгара азҵаарақәа рзы ҷыдала аҭакзыԥхықәу усзуҩын. Альва Миурдаль, 1980 шықәса рзы, Альберт Еинштеин ихьыӡ зху Адунеизегьтәи апремиа ланашьан. Ҩышықәса рнаҩс, абџьар алгаразы ллагала дуқәа рзы Альва Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ланашьан. Лара ари аҳамҭа ду ицеиҩылшеит Альфонсо Гарсиа Роблес. Альва Миурдаль илымаз агәыхь иахҟьаны лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи аҩышықәса стокгольмтәи ахәышәтәырҭа аҟны илхылгар акәхеит. Уа Альва лыԥсҭазаара далҵит жәабранмза 1, 1986 шықәса рзы.

Жәларбжьаратәи аусура, абџьар алгара азықәԥара аредакциазура

Ҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы швециатәи асоциал-демократцәа анырра ӷәӷәа ҟарҵо иалагеит, иагьрылшеит асоциалтә реформақәа рымҩаԥгара. Хаҵеи ԥҳәыси Миурдаль еицырҩыз ашәҟәы аиҳабыра ирыҵанаҳәеит ахәыҷқәа зегьы рзы иҭышәынтәалоу аԥсҭазаара роуразы, насгьы рҭаацәа рфинанстә ҭагылазаашьа иахьыԥшымкәа рыҟазааразы аӡбамҭа рыдкылара. Ашәҟәы зҩыз ируаӡәкыз, зыхьӡ нагаз аҵарауаҩ Альва Миурдаль лакәзар, анхарҭа ала ауаа реиқәыршәаразы Аиҳабыратә хеилак далаҵан. 1935 шықәса рзы, лара ауааԥсыра рызҵаарақәа рзы Акралратә комиссиа абжьгаҩыс дҟарҵоит, шықәсык анаҩс ашколқәранӡатәи аҵаразы апедагогигатә институт аԥылҵоит, 1948 шықәсанӡа уи адиректорсгьы дыҟан. 1946 шықәса рзы лара илымаз аԥышәеи аҳаҭыри ирыбзоураны Акралратә комиссиа аҵарадырразы ареформақәа рымҩаԥгаразы далаҵахоит. Абарҭ ашықәсқәа рзы, Альва Миурдаль даара лроль дуун швециатәи аҳәса рполитикатәи рекономикатәи еиҟарара аиҿкаара аус аҟны. Аҳәса рџьа азы аҳәынҭқарратә комиссиа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ иаҳасаб ала, Миурдаль 19351938 шықәсқәа рзы есымзатәи аҳәса ржурнал, асоциал-демократиатә партиа иалаз иртәыз, редакторра азылуан. Аҳәса аусдкылаҩцәеи аусзуҩцәеи Стокгольмтәи реиҿкаара апрезидент-ихаҭыԥуаҩык иаҳасаб ала, 1935–1936 шықәсқәа рзы, Альва афеминизм азҵаарақәа рыӡбара лҽазылшәон, еиҳаракгьы аекономикатә хырхарҭа аҟны, аполитикатәи, мамзаргьы апсихологиатәи хырхарҭақәа рҟны акәымкәа. Абас, маҷ-маҷ Альва Миурдаль лусура жәларбжьаратәи аҳаракыра аҟынӡа инаӡеит. 19381947-тәи ашықәсқәа рзы аҳәса аусдкылаҩцәеи аусзуҩцәеи Жәларбжьаратәи рфедерациа напхгара алҭон. Ауниверситет аусзуҩцәа Жәларбжьаратәи афедерациа аҳәаақәа ирҭагӡаны Миурдаль ажәахә азыҟалҵеит аҭаацәара иалоу аҳәса рџьабаа зеиԥшроу азы. Адунеизегьтәи аҩбатәи аибашьра аан, Швециаҟа хыԥхьаӡара рацәала ахҵәацәа аауа ианалага, Альва Миурдаль Европа акультуратә цхыраара азыҟаҵаразы ауаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы-ихаҭыԥуаҩыс дҟалеит. Аибашьра ашьҭахь лара есымчыбжьа иҭыҵуаз «Шведский путь» редакторра азылуан, уи акыр абызшәақәа рыла иҭрыжьуан, иара ахҵәацәа рассимилиациа арццакра иазынархан. 1946 шықәса рзы Альва Миурдаль аҵарадырреи, анаукеи, акультуреи рызҵаарақәа рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Парижтәи аконференциа аҟны Швециа ахьӡала дықәгылеит. Шықәсык анаҩс лара «Ашколқәа рыла жәларбжьаратәи аилкаара» апроект аконсультантс дҟалоит, уи афинансттә цхыраара азыҟанаҵон ауаажәларратә ҵарадыррақәа рдепартамент ИУНЕСКО. Хышықәса рнаҩс Миурдаль Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара асоциалтә проблемақәа рзы адепартамент адиректорс дҟалоит. Ари аҭыԥ аҟны лара ауаа рзинқәа, аинформациатә хақәиҭра, аҳәса рҭагылазаашьа, арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылара, ауааԥсыра рхыԥхьаӡара аизҳара уҳәа реиԥш иҟаз апроектқәа акоординациа рзылуан.

Асоциал-демократиатә партиа алахәылас лыҟазаара Миурдаль, усҟантәи аамҭазы лусқәа ирныԥшуамызт, акомитет аҟны аус шылуазгьы, аибашьра ашьҭахьтәи апартиа аполитика ашьақәгылара лнапы шалакызгьы, уи анаҩсгьы, 1945 шықәса рзы, Париж аџьа аиҿкааразы Жәларбжьаратәи аконференциа аҟны апартиа ахьӡала далахәын. Ус шакәызгьы, Альва Миурдаль Индиа швециатәи ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан, Швециа аусутә гәыԥқәа рыбжьара, уи даара ацәажәарақәа шахылҿиаазгьы. Ас еиԥш ацәажәарақәа зыхҟьаз, Миурдаль лсоциалисттә дунеихәаԥшрақәа акыр гәҽанызаарыла иахьазыҟаз ауп. Лара илылаз аиҿкааратә ԥышәеи алшарақәеи ирыбзоураны индиааи урҭ рԥыза-аминистр Џьавахарлал Неруи рганахь ала даара ҳаҭыр зқәыз лакәны дыҟан. 1961 шықәса рзы, Швециаҟа даныгьежь, Альва Миурдаль абџьар алгара азҵаарақәа рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ ҷыдас дҟалоит, уи инамаданы лара ари азҵаара инарҵауланы иҭылҵаар акәхеит. 1962 шықәса рзы швециатәи апарламент ахь иалхыз Альва швециатәи аделегациа напхгара алҭон, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абџьар алгаразы Женева имҩаԥнагоз аконференциа аҟны. Миурдаль Альва Женева имҩаԥысуаз, иаламлази анеитралла зкызи атәылақәа, «аибашьра хьшәашәа» алагара иаҿагылоз ргәыԥ напхгара аҭо, абџьар алгара иадҳәалаз аиҿцәажәарақәа рҟны даараӡа лроль ӷәӷәан. Лара ари аҭагылазаашьазы лдунеихәаԥшышьеи, адунеи аҟны аибашьра апроблемеи лышәҟәы «Игра в разоружение: Как Соединенные Штаты и Россия раздувают гонку вооружений» аҟны иаалырԥшит. 1962 шықәса рзы Альва убасгьы Риксдаг адепутатс далхын, 1967 шықәса рзы Таге Ерландер исоциал-демократиатә министрцәа ркабинет далалоит, абџьар алгара азҵаарақәа рзы ҷыдалатә аҭакԥхықәра змаз аӡәы лакәны, ус дагьыҟан Улоф Пальма иеиҳабыра рҟны апортфель змамыз министрны 1973 шықәсанӡа. 1966 шықәса рзы Альва Миурдаль дызхагылаз акомиссиа ажәалагала ҟанаҵеит адунеи апроблемақәа рыҭҵааразы Стокгольмтәи жәларбжьаратәи аинститут аԥҵаразы (СИПРИ). Лара адунеи аҟны аҭынчра ашьақәыргыларазы лџьабаа акыр апремиақәа рыла иалкаан.

Евгеника ахырҟьарақәа аредакциазура

Зегьы ирдыруеит евгеника ҳәа ззырҳәо, араса ацқьара иадҳәалоу афашистцәа ргыгшәыграқәа ртәы. Аха, имаҷҩызар ҟалап издыруа анемец генетикцәа ари азҵаара аҭҵааразы Швециа шакәу аԥышәа аизырҳаразы аҵарадырра ахьроуаз. Евгеника - ари ауаҩы иганахь ала ахархәара зыҭаз селекциоуп, уи ала ауаажәларра рышьҭра арбзиара амҩақәа рыԥшаауан. Швециа, ақалақь Уппсала аҟны, 1921 шықәса рзы амчрақәа рыдгылара иабзоураны иаԥҵан арасатә биологиа Аҳәынҭқарратә институт. Уи аусзуҩцәа ариитәи ажәларқәа егьырҭ, иаҳҳәозар, свеи, лаппы, финны реиԥш иҟоу раасҭа ишыҳаракыз шьақәдырӷәӷәон, урҭ аимшьҭрақәа ари атәыла аҵакырадгьыл аҟны аханатәгьы инхоз ракәын. Дара ирыԥхьаӡон араса ацқьара аилагара уи аԥсадахарахь, аччиахарахь ишкылнагоз.

Убас ишыҟаз ауп «иаԥсамыз» атәылауаа астерилизациа рзура ишазааиз. Ашведцәа ари апроцедура хатәгәаԥхарала имҩаԥысша акоуп ҳәа ирыԥхьаӡон, аха уи азын хатәгәаԥхарала агәазыҳәара зауз ҳәа уаҩ дҟамлеит. Убасҟан ауп асоциал-демократиатә партиа алахәыла Альва Миурдаль аидеологиатә платформа анаԥылҵа, азакәан аԥсахразы. Астерилизациеи арыцқьареи «иаԥсамыз» ирзырхаз даара рҽазҵәылхны иашьҭалеит. Ичмазаҩцәаз, ариитәи араса иаҵанамкуаз, акрызмамыз, ирыцҳаз, зхала иҟаз анацәа, ахшарарацәа змаз, ацыганцәа, ауриацәа, зхымҩаԥгашьа ҽеимыз ауаа, иара убасгьы ахацәа згәазыҳәарақәа реиқәыкра уадаҩыз зегьы астерилизациеи арыцқьареи иахрыжьуан. 1935 шықәса инаркны 1976 шықәсанӡа ибжьанакыз аамҭахәҭазы мчыла астерилизациа зызуз ауаа рхыԥхьаӡара наӡеит 63-нызқьҩык рҟынӡа. Ари аус аанкыларазы, еиҳаракгьы Ниурнбергтәи апроцесс ашьҭахь, ашведцәа арҵаҩцәа нацистцәаны, ицәгьоуцәаны ианазхарҵа нахысгьы, ари аус аанкыларазы иҟаҵаз егьыҟамызт, ирыԥсахыз азакәан акәмызт, ара ирыԥсахит аинститут ахьӡ заҵәык. Абас ала, астерилизациа амҩаԥгара Швециа азеиԥш ҿиара апрограмма иахәҭакхеит, ари аус аҟны аҳәынҭқарра ишиашоу атәылауаа рҭаацәаратә ԥсҭазаара ахы аланагало иалагеит. Ас еиԥш швециатәи адемографиатә модель идеологцәас иҟалеит хаҵеи ԥҳәыси Альвеи Гуннари Миурдальаа, дара ауаажәларразы ихәарҭамхоз алахәылацәа астерилизациа рзура иадгылон. Гуннар Миурдаль иоуп издырҳәало атезис, астерилизациа – ари ихадароу, зда ԥсыхәа ыҟам елементуп («великого социального процесса приспособления»), ауаҩы ҳаамҭазтәи ақалақьтәи аиндустриалтәи еилазаара дахәҭакны дҟаларц азы ҳәа. Альва Миурдаль лакәзар, агра змаз, аилазаара ирмыхәоз ауаа рыҿиара аанкылара аҭахуп ҳәа дықәгылон, абри аԥҳәыс лоуп 1982 шықәса рзы Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа занашьазгьы. Швециаа рзы ари иҭазырхоз ашьцыларазы аҵыхәтәантәи ԥсгагахеит, 2012 шықәса рзы ауаҩы ихаҵара- ԥҳәысра аниԥсахуа астерилизациа аҟаҵара хымԥадатәины аҟаҵара ахьаԥырхыз. Уи азакәан аконституциа еиланагоит ҳәа иԥхьаӡан зхаҭара шьақәыргылам ауаҩы ишшыԥхьыӡ ала.

Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа аредакциазура

1982 шықәса рзы «абџьар алгаразы ллагалазы» Альва Миурдаль Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа далауреатхеит, ари апремиа Альфонсо Гарсиа Роблеси лареи еиҩыршеит. «…Лара лыхьӡ ахацәеи аҳәсеи еидызкыло факторхеит, урҭ иахьагьы агәра ргоит, ианамуӡах, ахшыҩ аԥыжәара шаго аматериа аасҭа», – абас лзиҳәеит Альва Миурдаль Нобельтәи ахеилак ахантәаҩы. «Аха, иҟаҵатәу рацәоуп», – ҳәа азгәалҭеит Нобельтәи алекциа аҟны. Аиадертә арсеналқәа СССРЕиду Америкатәи Аштатқәеи рҟны реизырҳара дазааҭгыло, Миурдаль абас аҳәамҭа ҟалҵеит: Аибашьра – ари уаҩшьроуп. Аруаа уи азын имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа, аколлективтә уаҩшьра ауп иизырхоу. Аиадертә шәышықәсазы иҭахо рхыԥхьаӡара миллионла иҟалоит». Лықәгылара хыркәшо, Миурдаль Альва илзыӡырҩуаз иргәалалыршәеит, аҵыхәтәантәи шәышықәса ирылагӡаны аҭынчратә конгрессқәа шымҩаԥырымгац – ус еиԥш мҩаԥымсыц Альфред Нобель ипремиа адунеи аҟны иаԥырҵеижьҭеи ҳәа. Лара ас еиԥш аконференциа аԥхьаҟа имҩаԥгазарц ааԥхьара ҟалҵеит. Ареформақәа рыдгылаҩ европатәи адемократиатә социализм атрадициақәа рыла, Миурдаль лымҩа хацыркын амилаҭбжьаратә ҭынчратә еиҿкаара ала. Швециа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ианалала анаҩс, лара гәыҵхас илымаз аиҟарареи асоциалтә иашареи аҳаракыра ҿыц ахь ихалеит. Аха, уи еиҳаз агәҭынчымра лара илызцәырызгоз абџьарлеибыҭаразы аҭыԥ змаз ахыццакра акәын. Ҳәарада, Миурдаль даараӡа дазгәдуун Швециа 1968 шықәса рзы аиадертә бџьар мап ахьацәнакыз, аха лара лгәынамӡара еснагь иаалырԥшуан, шықәсырацәала аиҿцәажәарақәа шымҩаԥысуазгьы, абџьарлеибыҭаразы аццакра аҭыԥ ахьамаз азы.

Аҭаацәа аредакциазура

Альва Миурдаль лыԥшәма Гуннар Миурдаль Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа далауреатын аекономика ахырхарҭа ала, уи лыԥҳацәа ҩыџьа рахьтә руаӡәык – Сиселла Миурдаль-Бок – дфилософын, Каи Фиольстер – дсоциологын. Лԥа Иан Миурдаль – дышәҟәыҩҩын, джурналистын.

Азхьарԥшқәа аредакциазура