Оциндалтәи ауахәама
Оциндалтәи Гьаргь ацқьа иуахәама (ақырҭ. ოცინდალეს წმინდა გიორგის ეკლესია) — ақырҭуа аргылараҟазареи амилаҭтә хадара акатегориеи имҵысуа абаҟа Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла аган, Чхороҵҟу амуниципалитет ақыҭа Ҭаиашьи, амшын аҳракырантә 640 метр ишьҭыхуп. Ауахәама XI–тәи ашәышықәсаз иргылан. Иара абри аамҭала иаамҭанҵоуп аныхабаа аӡахәала ирмазеиу иқәцәаау ашә уи иахьазы Қырҭтәыла амилаҭтә музеи аҟны ишьҭоуп.
XIX–тәи ашәышқәса аан иаларҵәаз адырра ала араҟа аныхабаа Ҭамар Аҳԥҳәыс илырҿыцит. Аныхабаа аҟны уи шьақәзырӷәӷәо анҵамҭагьы ыҟан.
Оциндалтәи ауахәама ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа ихадаӡаз адинхаҵаратә центр акәын, уаҟа Гьаргь имшныҳәа азгәаҭаразы Гыртәыла зехьынџьарантә анхацәа еизон. XX-тәи ашәышықәса алагамҭаз Оциндале аҟны анацәа рберҭыԥ ыҟан.
Оциндалтәи ауахәама ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа ихадаӡаз адинхаҵаратә центр акәын, уаҟа Гьаргь II азгәаҭаразы Гыртәыла зехьынџьарантә анхацәа еизон. XX-тәи ашәышықәса алагамҭаз Оциндале аҟны анацәа рберҭыԥ ыҟан.
1923 шықәса Асоветтә анапхгара массала ианықәырхоз, иандырбгоз ауахәамааберҭыԥқәа, Қырҭтәылатә ажәытәра ахьчара акомитет ала, ишьақәыргылаз акомиссиа Гьаргь Чубинишвили инапхгарала, ишьақәнаргылеит, ажәытәреи аргылараҟазареи ала Жәыргьыҭтәи абазаҿ кьыс амамкәа еиқәырхан 11 ауахәама-аберҭыԥқәа, урҭ ирылан Оциндалтәи ауахәамагьы.
XX-тәи ашәышықәсаҿ Оциндалтәи ауахәама ахадара ду змоу ауахәама еиԥш аҳәынҭқарра иахьчон. XX-тәи ашәышықәса 80–тәи ашқәсқәа рзы Оциндалтәи ауахәамеи, асаркьали еиҭаҟаҵан. Уажәы азын ара абацәа рберҭыԥ ыҟоуп.
Оциндалтәи ауахәама 2006 шықәса абҵара 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵала ианашьоуп амилаҭтә хадара змоу акультуратә имҵысуа абаҟа акатегориа.[1]
Алитература
аредакциазура- ქებურია ს. მემკვიდრეობას გაფრთხილება უნდა, ძეგლის მეგობარი, 84, 1989, გვ. 13-18
- ბერაძე თ. ოცინდალეს ძეგლი, საბჭოთა ხელოვნება, 1962, N3, გვ. 72-73
Ахьарԥшқәа
аредакциазура- ↑ "საქართველოს პრეზიდენტის ბრძანებულება № 665, 2006 წლის 7 ნოემბერი, ქ. თბილისი, კულტურის ზოგიერთი უძრავი ძეგლისათვის ეროვნული მნიშვნელობის კატეგორიის მინიჭების შესახებ". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2019-07-01 ахь. Ириашоу 2023-08-25 шықәсазы.