Рабаҭа абаа, Ахалцихе абаа — аҭоурыхтә абаа Қырҭтәыла аҟны, Ахалцихе амуниципалитетаҿ. Ишьҭоуп ақалақь Ахалцихе аҟны, аӡиас Ԥоцховисҵҟали аԥшаҳәаҿы, амшын агдыра аҟынтә 1000 м аҳаракыраҿ, иарбану ашәышықәсақәа раԥхьа, ажәытәтәи Самцхе ихадоу ақалақь, Самцхе атабагцәа ррезиденциа акәын.

Рабаҭа абаа

Абаа аҭоурых IX ашәышықәса аҟынтә иалагоит уи раԥхьатәи ахьӡ “Ломсиа” акәын, иарбану XI ашәышықәсатә аибашьрақәа раан еилаҳаз. XII ашәышықәса алагамҭаз, ақалақь ҿыц аргылара далагеит Башкен II Џьаҟели, дарбану Давид Аӷмашьенебели(Аргылаҩ) идҵала, ҭурқ-сельџьукцәа ирҿагыланы, апортификациатә ахыхьчаратә системақәа ирҿион, ақалақьқәа рырҿыцра даҿын. Иашаны абри апериодаҿ иахьӡҵахеит абри аҭыԥ “Ахалцихе”. XII-XIII ашәышықәсақәа раан абаа џьаҟелаа ррезиденцианы иҟалеит.

Ахалцихе Самцхе акрызҵазкуа ахәаахәҭратә, акультуратә, административтә центрын. Уи 1578 шықәсазы Османтәылаа иртәыртәит. 1628 шықәса аҟынтә Ахалцихе аԥашара ацентрны иҟалеит. XVII-XVIII ашәышықәсақәа раан Лектәи абрагьцәа рыла тҟәас иҟоу ақьырсианцәа рыла ахәаахәҭратә ихадоу ҭыԥын. 1810 ашықәсқәа раан атабагра ахәҭа, Ахалцихе, уи акәша-мыкәша аҵакырадгьылқәа аурысцәа иргеит. Аха Бухаресттәи аинышәарала, 1812 шықәсазы уи еиҭа Османтәыла анапы ианырҵеит. 1828-1829 ашықәсқәа раан, Урыстәыла-Османтәыла аибашьраан, аурысцәа рыр аинрал И. Паскевич ихадарала аиааира ргеит. Адрианополь аинааларала иашьашәаланы, Ахалцихе, 10 Санџьаҟик Урыстәыла аимпериа иалалеит. И. Паскевич идҵала Арзрум аҟынтә, Артаан аҟынтә Самцхе ахь 100000 ҭӡык аирманцәа индырхеит. Ақырҭцәа адгьылқәа рымырхит. Аерманцәа ирырҭеит, 7 шықәсала Бегари аҟынтә ахы иақәиҭыитәит, иарбану ихьанҭоу аекономикатә, аетникатә аҭагылазаашьақәа рҿы иҭазыргылаз ақырҭуа ауааԥсыра. 1840 шықәса аҟынтә Ахалцихе ахәаахәҭратә центрын. 1846 шықәсазы Қәҭешь агуберниа, анаҩс Қарҭ агуберниа ахәаахәҭратә қалақьыс иҟалеит. 1853 шықәса жьҭаарамзаан Крымтәи аибашьраан Ахалцихе ааигәара аурыс-ақырҭуа ар И. Андроникашвили ихадарала иаҵадырхеит Османтәылаа. 1918 шықәса рашәарамзаан ихьыԥшым Қырҭтәыла аан Османтәылаа Ахалцихе, Ахалқалақи, Аспинӡа, Баҭым ааныркылеит, Қырҭтәыла ареспублика ар урҭ иқәырцеит. 1921 ш. хәажәкырамза 8 рзы Ахалцихе ареволиуциатә 11-тәи Армиа ҟаԥшь ахәҭақәа иааныркылеит, ақалақьаҿ асоветтә аиҳабыра шьақәдырӷәӷәеит. Асоветтә аиҳабыратә ашықәсқәа раан Ахалцихе араионтә центрын, мацара аҵыхәтәантәи аамҭаз арегионтә центруп.

2011-2012 ашықәсқәа раан имҩасуаз ареконструкциақәа ирылҵшәаны абаа-акомплекс аҵакырадгьылаҿ ирҿыцхеит абаагәара, ацитадель, IX-X ашә. аиашахаҵаратә аныхабаа, Ҳаџьи Ахмед-Ԥаша Џьаҟели ихьӡ зху аџьаама, Амедрес, Минарети, џьаҟелаа раҳҭынра, иахьҭыԥыркхаз Самцхе-Џьавахети аҭоурыхтә музеи ақәгыларатә зал.

Азхьарԥшқәа

аредакциазура