Рухитә абаа (ақырҭ. რუხის ციხე) — абжьарашәышықәсатәи абааш амраҭашәаратә Қырҭтәыла аҟны (уажәтәи Жәыргьыҭ араион, ақыҭа рухи аҵакыраҿы, аӡиас Игры армарахьтәи аҿықә). Иргылеит Гыртәыла Аҳ Леван II – тәи Дадиани Вахушти Багратиони (XVIII) идыррала, идыргылеит 1647 азы, аха иҟоуп агәаанагара, абаа дыргылеит 10 шықәс раԥхьа. Рухтәи абаа Гыртәыла ахадара змаз афортификациатә ргыларан, насгьы иахьгылаз аҭыԥ уи иацхраауан. Уи иамоуп ахырӷәӷәарҭа, ҵаҟатәи ашҭеи. Ахырӷәӷәага абаа амрагыларатә ахәҭа аҟны иҟоуп. Уи еицыхәхәоу ашҭа аҩ-нҵәамҭақәа рҿы баашк-баашк гылоуп. Руакы аҩада-амрагыларатә аган игылоу абаа донжон акәын. Абаа ҵаҟатәи ашҭа ахәы аладатәи адырԥарақәа акуп. Абаа иаакәыршаны 10-12 м. змоу иҵааулоу аанда, Рухтәи абаа ҵаҟатәи ахәҭа 8-10 м аҳракыраҿы ишәаҳауп, хыхьтәи ахәҭаҿы ақәԥаратә мҩахәасҭақәа алгоуп. Аҭаларҭа аанда иалаҟаҵоу абааш I-тәи аихагылаҿ иҟоуп. Аннда алада-амраҭашәара ахәҭала даҽа баашк иргылаҿ иаман артилериатә ауасҭага.

Анхарҭаҭыԥ
Рухитә абаа
რუხის ციხე
Атәыла Қырҭтәыла Қырҭтәыла
Акоординатқәа 42°33′53″ ҩ. ҭ., 41°51′15″ мг. н.
Ашьақәгылара 1647 ш.
Карта

1634-1635 шықәсқаә рзы араҟа рабаҭтәи анхарагьы цәырҵит, уи ирласны еилаҳаит. 1672 шықәсазы Рухтәи абаа аҟны османцәа рыҟнытә ихы ихьчоан Леван III-тәи дадиани 1723 шықәсазы абаа аосмантәи рнапаҿы иҟан. Аамҭаказ араҟа урҭ рганизонгьы ыҟан. 1770 Қырҭтәыла аурыс еидкылаз ар Рухитәи абаа ахы иақәнатәит. 1779 Рухтәи абаа аҟны ИмереҭГыртәыла-Гәриа еидкылаз ар османцәа аҵанархеит (Рухитәи аиқәԥара 1779). Ҟрымтәи аибашьра (1853-1856) аамҭаз, 1885, Рухи ааигәа-сигәа аурыс арбџьармчқәеи ақырҭуа милициеи иаҵадырхит османтәи аекспедициатә корпус. Анаҩс Рухтәи абаа ессаира иацәыӡуан ахыннатә иамаз ахадара.

Алитература

аредакциазура
  • ბერაძე თ., ზაქარაია პ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 8, თბ., 1984. — გვ. 519.
  • ოსმალური დოკუმენტური წყაროები ანაკლიისა და რუხის ციხეების შესახებ (XVII-XVIII სს), თურქული ტექსტი ქართული თარგმანით, შესავლით, ტერმინოლოგიური ლექსიკონით, ფაქსიმილეებითა და საძიებლით გამოსაცემად მოამზადა ნ. შენგელიამ, თბ., 1982
  • ზაქარაია პ., საქართველოს ძველი ქალაქები და ციხეები, თბ., 1973;

Азхьарԥшқәа

аредакциазура