Сангәлиа, Шьалуа Михаил-иԥа
(«Сангәлиа, Шьалуа Михаил-ица» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Шьалуа Михаил-ица Сангәлиа (аур. Шалва Михайлович Сангулия; лаҵарамза 7, 1922 ш., Џьгьарда ақыҭа, Очамчыра араион — ԥхынгәымза 26, 1982 ш., Аҟәа) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, апрозаик, адраматург.
Абиографиа
аредакциазураДиит 1922 шықәса лаҵарамза 7 рзы Џьгьарда ақыҭа Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 1982 шықәса ԥхынгәымза 26 рзы. Джуп Абжьаҟәа ақыҭа.
Аҵара иҵон иқыҭаҿтәи ашкол Акны, Аӡҩыбжьа, Очамчыратәи аԥсуа школ аҿы - далгоит 1941шықәсазы.
1948 шықәсазы Шь. Сангәлиа дҭалоит А.С. Пушин ихьӡ зху Қарҭтәи ахәынҭқарратә институтб ихиркәшоит 1952 шықәсазы.
1969 - 1971 шықәсқәа рзы дырхысуеит А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны иеиҿкаау Иреихау Алитературатә курскәа.
Далахәын аҩбатәи адунеита уибашьра. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1939 шықәсазы.
Абиблиографиа
аредакциазура- Сымҩанызаҩ. Аҟәа, 1957 шықәса.
- Сыԥсадгьыл ааԥынра. Аҟәа, 1968 шықәса.
- Ицәажәоит Бзыԥҭа. Аҟәа, 1976 шықәса.
- Иалкаау. Аҟәа, 1972 шықәса.
- Иалкаау. Аҟәа, 1982 шықәса.
- Аԥсҭазаара амҩала. Иалкаау. Аҟәа, 1983 шықәса.
Алитература
аредакциазура- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 916-917
Азхьарԥшқәа
аредакциазура- Сангулиа Шалва Михайлович (аур.)
- Сангәлиа Шьалуа Михаил-иԥа (аԥс.)