Аҳиԥа Тинен – Қарҭли аҳмада, аԥсуа аҳиԥа[1].

Аҳмада Тинен
аҳиԥа Тинен
Қарҭли аҳмада
Амаҵураҭыԥ ахь:
872 – 878
Аԥхьа иҟаз Аԥсуа аҳраду иахәҭакӡамызт
Аҭынха Иуан Ҭбели


Аира ?
Аԥсуа аҳраду
Аԥсра 878
Аԥсуа аҳраду
Ани аби Дырмит II

Абиографиа

аредакциазура

Аҳиԥа Тинен диит аԥсҳа Дырмит II иҭаацәараҿ, Аԥсуа аҳрадуаҿ. 872 шықәсазы иаб аԥсҳа Дырмит иԥсҭазаара далҵит. Уи диҭынхеит иашьеиҵбы – Гьаргь I. Гьаргь имчра аамҭан Қарҭли инапаҿы иааигоит, уи атәылаҿацә ахәҭак аҿы, Чихи (Чихь) ҳәа хьӡыс иамаз, аҳмадас дҟаиҵоит иарԥысыз Тинен. Фышықәса, 872-878 шықәсқәа рыбжьара, Қарҭли дахагылан. Аха 878 шықәсазы иабшьа Гьаргь иԥсҭазаара далҵит. Иԥҳәысеиба, аҳкәажәду лцәыбза аԥсҳа иҟәардә илҭеит. Тинен дипырхагамхарц азы аҳмада Тинен дылшьит, иашьа Баграт илшеит мшынла Бырзентәылахь анеира[1].

  1. 1,0 1,1 Чачхал Денис, Аԥсҳацәа рыхроника, Москва, 2000.