Уԥлисцихе (ақырҭ. უფლისციხე) — ацаҟьа иаҿыцәаау ақалақь, Кавказтәи ижәытәӡоу анхарҭақәа руакоуп, ақалақьтә центр, иҟоуп ақ. Гори амрагыларахьала а-10-тәи километраҿ, аӡыиас Мтквари (Кура)армарахьтәи аԥшаҳәаҿы. 2006 шықәса жьҭаарамза 7 рзы, Қырҭтәыла апрезидент идҵара иашьашәаланы ианашьахеит амилаҭтә ҵакы змоу акультуратә имеиҭаҵуа абаҟа акатегориа.

Уԥлисцихе

Аҩыратә ахыҵхырҭақәа рҿы раԥхьа VII ашәысықәса иадҳәаауп. Уԥлисцихе, уи акәша-мыкәша ихьчоуп археологиатә, аргылаҩцәа рбаҟақәа ргәыԥ, иарбанқәоу урҭ рҟынтәи ажәытәӡатәи раԥхьатәи аџьазтә шәышықәса иахаануп, Ихадоу-Арақс акультуратә гәыԥ иадҳәалоуп (анырхарақәа Лашеҭхеви аҟны, Гудаберҭҟа аҟны, Гори аҟны). Абжьаратәи аџьазтә шәышықәса анҵәамҭа иатәуп Ҟаҭланихеви гортәи анхара ҵаҟатәи ауаажәларахәҭа.

Абаҟа ахцәажәара

аредакциазура

Ԥасатәи аџьазтә шәышықәса раԥхьатәи ашьаҿаҿы ишьҭкаахароуп ахаҳә-ԥслымӡқәа рмассивқәа. Ажәытәтәи аерала I азқьышықәса I абжа аҟынтә иҿион Уԥлисцихе аргыларатә комплекс, иарбан ихадоу ахәҭа ихаданы иалкаауп иарбоу ԥахьатәи антикатә (ажәытәтәи аерала VI-IV ашәышықәсақәа) ашәышықәсаҿ. Иаҳԥылоит агәҭантәи ашәышықәса ацаҟьа иаҿыцәаау акомплекс. Еиҳа еиӷьны еиқәхоуп аҩныҵҟатәи ақалақь (аҵакыра 4 г.), иарбану абаҟа зегь акомпозициатә центр ауп. Аҩныҵҟатәи ақалақь амраҭашәареи аладатәии аганахьала аԥсабарала ихьчоуп. Амрагыларатәии аҩадатәии аганахьала иахьчон ацаҟьаҿ иаҿцәаау аҭыжаа ду, иарбану аҩныҵҟатәи аган аԥшькәакьҭатә бааш иҭбаау аҭӡы иашьҭанеиуан (иаанхеит ацаҟьаҿ иаҿцәаау аҭыжаақәа). Изырӷәӷәоу аҭӡқәа ҵаҟатәи рыхәҭа иргылазаап иҿцәаау акәакьқәа ахаҳә-цәырақәа рыла, мацара аҩадатәи - ализтәи ақьырмыт ала. Аҩадатәи аганахь аӡыиас Мтквари ахь инеиуеит ацаҟьаҿ иаҿцәаау аҳаԥкылҵа ду. Иара убас, аҩадатәи аганахьала иҟаҵан аҩныҵҟатәи ақалақь ихадоу аҩналарҭақәа, имаҷу ацаҟьашрақәа. Аҩныҵҟатәи ақалақь ицәуп ацаҟьаҿ иаҿцәаау амҩақәа реимадарала, урҭ рҟынтәи акызаҵәк ихадоуп, мацара еӷьырҭ - аганахьтәи. Аҳаԥқәа иҭыԥыркуп хазы агәыԥқәа рыла, шьоукы дара-дара еимадоуп иҭбаау адәылҵырҭақәа рыла. Ақалақь хыхьтәи ахәҭаҿы иҭыԥырку азалқәа ркомпоекс аҟынтәи иазгәаҭатәуп ацаҟьаҿ иаҿцәаау азал ду, иарбану агьежьбжатә камера аус адулоу ацаҟьаҵәҟьаҿ иаҿцәаау аа-кәакьк змоу акессонқәа рыла.

Апланшьҭыхра

аредакциазура

Апланшьҭыхра аганахьала иазгәаҭатәуп асхемак ала иҭыԥырку акомплексқәа: ашҭа, аԥхьатәи аганахьала апортал еиԥшу иаарту аргыларҭа, аҩныҵҟа аурала (ауадак ма ҩ-уадак акәзар) ма аурала агантәи агәҵәқәа ирыхәаԥшны (ауадақәа рхыԥхьаӡара еиҳазар) гәыԥла еихшоуп ауадақәа. Абри акомплексқәа рхатә структурала Вантәи аҳратәраҿ ирыларҵәоу аҳаԥқәа ирзааигәоуп. Уԥлисцихе аҳаԥқәа рыхәҭак абжьаратә шәышықәсақәа ирыҵанакуеит. Азалқәа руакы иҟьаҟьоу ахыбра апилиастра еиԥшны аус адулоуп, ақырҭуа жәлартә архитектураҿ еицырдыруа аконструкциақәа аанарԥшыроуп. Уԥлисцихе ақалақьыс иҟаз аҵакырадгьылаҿ ихагалоуп ақьырмытла иргылоу х-уахәамакны иҟоу абазилика, иарбану астилистикатә дыргақәа рыла IX-X ашәышықәсақәа ирыҵазакуа. Уи раԥхьатәи асахьа амазшәа иаанхеит. Агәҭантәи адҟаҵала агантәи адҟаҵала аасҭа иҳаракуп. Ах-адҟаҵалакгьы амраҭашәарахь еимадоуп нартексла, ихҩоуп акыцла. Ихадоу аҩналарҭоуп аладахьала. Анартекс ихьыԥшым аҩнашә амоуп, ихадоу адҟаҵала амраҭашәарахьала иамадоуп. Арӷәӷәаратә аҭыжаа адәахьы ақалақь ыҟазаап, иарбану иӷәӷәаны ааха змоу. Аҩныҵҟатәи ақалақь аҩадахьала 700-800 метракаҿ ихьчоуп Уԥлисцихе ахаҳәтә аҩнашә ду, иарбану ажәытәтәи Кавказтәи ихадоу ахәаахәҭратә амҩахада иреиҳаӡоу амҩатә ргыларақәа руакы акәын (аура - 150 м, аҳаракыра 10 м, аҭбаара - 2 м). Уԥлисцихе амраҭашәарахьала, аӡиас Мтквари армарахьтәи аԥшаҳәа иавакны, ихьчоуп ԥасатәи аџьазтә шәышықәса, заатәи аихатә шәышықәса инхаз аныхабаа ахыжәжәарақәа Ҟаҭланихеви абит, убриҵәҟьа аамҭаз ажәытәтәи анышәынҭратә қыҭа Уԥлисцихе аҟны, антикатә шәышықәса аҳаблақәак, ажәытәтәи анышәынҭрақәа, абжьаратәи шәышықәсаҿ қыҭас иҟаз, ажәытәтәи анышәынҭрақәа, сахизнеқәа, мацара аҩныҵҟатәи ақалақь амрагыларахьала - абжьаратәи шәышықәсақәа ацаҟьаҿ иаҿцәаау аиаҳәақәа, амҩа ахәҭа. Уԥлисцихе, ақыҭатә акәша-мыкәша ақыҭа-нхамҩа азлаҟанҵа ҳанаҭоит археологиатә аҵхрақәа рыла иаарԥшу аграртә культқәа рныхабаа, ацаҟьаҿ иаҿцәаау аиаҳәақәа, аҩцарақәа, аӡахәа аилыхга аҳәызбақәа, аџьаз ашьанҵеи иалху амаганақәа, аихатә конструкциа, ачаҟәақәа, ажьтә акалыиақәа, уб. егь. Аҟазаратә аалых арацәара, еиуеиҧшымзаара, асахьаркыратә аамысҭашәара Уԥлисцихе ажәытәтәи аамҭа аҟазаратә аалых акрызҵазкуа центрны иаҳнарбоит.

Уԥлисцихе. Апанораматә ақәыԥшыра Уԥлисцихе ацаҟьаҿ иаҿцәаау ансамбль, уи акәша-мыкәша иҟоу анхарҭақәа рырҿиаратә амҩа ду иахысхьеит. Ацаҟьаҿ иаҿцәаау анхарҭа зны Уԥлисцихе акәша-мыкәша инхоу ахеидкылақәа агегемонтә ахеидкыла анхарҭаны иҟалаанӡа, анаҩс - “Зена соԥлис” (аҩныҵҟатәи ақыҭа) аимшьҭрақәа реидкыларатә центр, абри арҿиара ахада (аиҳабы), анцәа дахьтәаз (абрантәи ахьӡгьы Уԥлисцихе). Заатәи антикатә шәышықәса аҟынтә (ҳера ҟалаанӡа VI-IV ашәышықәсақәа) Уԥлисцихе ақалақьтә типла иҟоу анхарҭан, иарбану заатәи аеллинистикатә ашәышықәсақәа раан (ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәса анҵәамҭа - III ашәышықәса) идуу ақалақьтә центрны иҟалеит. Ажәытәтәи ацаҟьаҿ иаҿцәаау анырхарҭа антикатә ақалақь аҩныҵҟатәи ақалақьны иҟалеит. IV ашәышықәса аҟынтә Уԥлисцихе, иара убас ԥахьатәи акласстә ашәышықәсатә ақалақьқәа руакы еиԥш, иларҟәххеит, мацара аладатәи стратегиатә ҵакы азаанхеит. Қырҭтәылаҿ аидкылараз ақәԥара апериодаҿ (IX - X ашәышықәсақәа раан Уԥлисцихе ампыҵакраз рхы имеигӡакәа иқәԥон ақырҭуа аҳцәа, Кахети ахадацәа, Аермантәыла аҳцәа. Қырҭтәылаҿ аполитикатә аидгылара ашьҭахь (X ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа) Уԥлисцихе еиҳа-еиҳа иарӡит аҵакы. Абри апроцесс Давид Аӷмашьенебели ила 1122 Қарҭ ахы ақәиҭтәрала ихыркәшахеит. Уԥлисцихе, арратә астратегиатә пункт еиԥш, аҟазаара амонголцәа рқәыларақәа (XIII ашә.) апериодаҿ инҵәеит. Анаҩстәиаан уи иазааигәоу араион анхацәа мацара аамҭала ақәлараз рхы иадырхәон.

Иинтересу афактқәа

аредакциазура

2007 шықәса абҵарамза 24 аҟынтә Уԥлисцихе ацаҟьаҿ иаҿцәаау ақалақь иҭагалоуп Аиунеско адунеи ҭынхара аԥышәаратә сиаҿ.

Алитература

аредакциазура
  • „ხიმშიაშვილი კ., უფლისციხის კლდეში ნაკვეთი კომპლექსების ერთი ჯგუფის დათარიღებისათვის“, // ჟურ. ძეგლის მეგობარი, №. 73 თბილისი: საბჭოთა საქართველო, 1986 წელი. — გვ. 59-63
  • „ლეჟავა გ., ქვაბ-ქალაქ უფლისციხის არქიტექტურა“, // ჟურ. ძეგლის მეგობარი, №. 27-28 თბილისი: საბჭოთა საქართველო, 1971 წელი. — გვ. 21-28
  • „აბრამიშვილი გ., ვაჩეიშვილი კ., უფლისციხის „მიუვალი“ კომპლექსი“, // ჟურ. ძეგლის მეგობარი, №. 3 თბილისი: საბჭოთა საქართველო, 1964 წელი. — გვ. 28-34
  • „ხახუტაშვილი დ., უფლისციხე“, // ჟურ. ძეგლის მეგობარი, №. 3 თბილისი: საბჭოთა საქართველო, 1964 წელი. — გვ. 19-27
  • ხიმშიაშვილი კ., The Architecture of Uplistsikhe, Georgia, 1990, p. 77-100
  • ხიმშიაშვილი კ., უფლისციხის ზოგიერთი ქვაბული კომპლექსის ფუნქციისთვის გამოქვეყნებულია: "Analecta Iberica", ისტორიის, რელიგიის და კულტურის საკითხები, ტომი I: აღმოსავლეთ და სამხრეთ ევროპის კლდის ძეგლები, თბ. 2001, გვ. 24–27
  • ხიმშიაშვილი კ., რამდენიმე მოსაზრება ანტიკური უფლისციხის სატაძრო (რელიგიურ) ქალაქად მიჩნევასთან დაკავშირებით, ძველი ქართული ხუროთმოძღვრების ძეგლთა ანალიზისა და დაცვის საკითხები, თბილისის სახელმწიფო სამხატრვრო აკადემიის სამეცნიერო შრომების კრებული, თბ., 1988, გვ. 58–69
  • ხიმშიაშვილი კ., იბერიის სატაძრო არქიტექტურის შესახებ არქტიტქტურული მემკვიდრეობა, თბ., 2001, გვ. 1–39
  • ზაქარაია პ., საქართველოს ძველი ციხესიმაგრეები, თბ., 1988, გვ. 13-15
  • საქართველოს ისტორიისა და კულტურის ძეგლთა აღწერილობა, ტ. 5, თბ., 1990. — გვ. 90-109
  • ყიფიანი გ., უფლისციხე, თბ., 2002
  • სანიკიძე თ., უფლისციხე: ნარკვევი ქართული ხუროთმოძღვრების ისტორიიდან, თბ., 2002, გვ. 215