Хокерба, Шамил Ибрагим-иԥа
Шамил Ибрагим-иԥа Хокерба (аур. Шамиль Ибрагимович Хокерба; ажьырныҳәамза 20, 1903 ш., Очамчыра, Аҟәатәи аокруг, Кәыдрытәи аучастка — 1942 ш., Лагодехи, Қырҭтәылатәи ССР) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, апублицист.
Абиографиа
аредакциазураДиит 1899 шықәса ажьырныҳәамза 20 рзы Очамчыра.
Абраҟатәи ԥшьклассктәи аучилишьче даналга дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа. Дук мырҵыкәа дҭаркуеит асовет мчра аагара дазықәцон ҳәа аара идҵаны. Уи анаиааи, 1921 шықәсазы, абахҭа дыҭрыжьуеит.
1924 шықәсазы Ш. Хокерба дҭалоит Қарҭтәи аполитехникатә институт, далгоит 1928 шықәсазы. 1941 шықәсазы залымдарыла дҭаркуеит, Аԥснынтә дахыргоит, уаҳагь дзыхынҳәуам. 1978 шықәсазы иҭынхацәа ицсыбаҩ Аԥсныҟа иааганы дахьиз идгьыл гәакьаҿ анышә иамардоит.
Абиблиографиа
аредакциазура- Иҩымҭақәа. Акәа. 1981 шықәса.
Алитература
аредакциазура- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 903