«Антисемитизм» аревизиақәа рыбжьара аиԥшымзаара

Содержимое удалено Содержимое добавлено
м Дoбaвлeнa Акатегориа:Антисемитизм HotCat ацхыраарала
Нет описания правки
Ацәаҳәа 1:
1. ==Антисемитизм ажәа иаанаго==
{{In use|[[Алахәыла:Marikuna-115|Marikuna-115]] ([[Алахәыла ахцәажәара:Marikuna-115|обсуждение]])}}
 
1. Антисемитизм ажәа иаанаго
Антисемитизм иаанагоит ауриацәа адинхаҵаратә етностә гәыҧқәак раҳасаб ала ратәамбара. Уи ажәларқәа раҳаҭыр амбара аформақәа ируакуп. Антисемитизм хықәкыла ауриацәа ратәамбароуп иаанаго.
 
Строка 8 ⟶ 6 :
Иҟалалоит антисемитизм асинонимс иудофобиа ажәа рхы ианадырхәо. Уи атермин авторс дамоуп Одессатәи аҳақьым Леон Пинскер, иара раҧхьаӡа акәны ажәа ихы иаирхәеит 1881 шықәсазы, амассатә еилаҩеиласрақәа рышьҭахь иҩыз апамфлет «Автоемансипациа аҿы». Иара ауриацәа ратәамбареи амилаҭеилыхреи ԥсихикатә чмазароуп ҳәа иҧхьаӡон. Даҽа ҭҵааҩык Соломон Крапвенски игәаанагарала, иудофобиа иаанагоит ауриацәа рыцәшәара. Геннади Костырченко иудофобиа абзазаратә антисемитизм иаҿирҧшуеит. Иаарту Израильтәи ауниверситет аматериалқәа рҿы акәзар, иудофобиа иаанагоит ҭоурыхла традициала арассатә антисемитизм цәырҵаанӡа ауриацәа ратәамбара.
 
2. ==Антисемитизм ахкқәа==
Антисемитизм иаҵанакуеит ауриацәа ратәамбара иадҳәалоу еиуеиҧшым ацәырҵрақәа.
Ҭоурыхла антисемитизм ҿион антикатә иудофобиа аҟынтәи ҳаамҭазтәи иҿыцу антисемитизм аҟынӡа.
Строка 15 ⟶ 13 :
Арассатә антисемитизм. Ас еиԥш иҟаз антисемитизм ахкы 19-тәи ашәышықәсазы ицәырҵит, уи аклассикатә антисемитизм ҳәа иҧхьаӡоуп. Антисемитизм ахаҭа ацәырҵра арассатә еилыхра иадырҳәалоит. Арассатә антисемитизм иалҵшәахеит Холокост. Уи ацәырҵра иадгылаз ауриацәа иатәамбакәа, абиологиатә ҷыдарақәа змоу жәларны ирыхәаҧшует, иара убас ирҿагылоит змилаҭ зҵәахуа, егьырҭ амилаҭқәа ирылаҵәаз ауриацәа. Дара ауриацәа, ицқьоу амилаҭқәа аҧырхага рырҭоит ҳәа ирыҧхьаӡоит. Иҟоуп агәаанагара, уи амилаҭ иаҵанакуа амчра рнапаҿы иааргар рҭахуп ҳәа.
Иҿыцу антисемитизм. 1990-тәи ашықәсқәа раан аҭоурыхҭҵааҩ Даниель Паипс иалаигалеит «иҿыцу антисемитизм» ҳәа аилкаара ҿыц. Уи ҵакыс иаман ауриацәа рцәымӷра, урҭ рхатә ҳәынҭқарра Израиль ашьақәыргылара ахьырҭаху азы.
 
Уи адагьы иҟоуп антисемитизм егьырҭ ахкқәагьы. Аҭоурыхҭҵааҩ аетнолог Виктор Шнирельман иҧхьаӡоит аетностә, адинхаҵаратә антисемитизм анаҩсгьы ишыҟоу асоциалтә модернизациа иаҿагылоу антисемитизм . Иара ауриацәа рхаҭақәа уи ацәырҵра иқәныҟәоит. Хаҭала иуҳәозар, уахь иаҵанакуеит акоммунистцәеи аконсерваторцәеи. Генади Костырченко антисеметизм ишоит асоциалтәи аполитикатә ҟазшьа змоуи рыла. Раҧхьатәи аӷәыҧ ахь иаҵанакуеит абзазаратәи аидеологиатәи антисемитизмқәа. Абзазаратә антисемитизм идеологианы ирыҧхьаӡаӡом, аха уи ауриацәа ратәамбара ауп иаанаго. Уи агәаанагара адҳәалоуп ауриацәа рыбзазашьа зеиҧшроу, дара рхаҭа амилаҭеилыхра ахьрымоу аҟнытә. Мраҭашәараҿы абзазаратә антисемитизм амилаҭтә антисемитизм ҳәа азырҳәоит. Аидеологиатә антисемитизм акәзар, аҳәынҭқарраҿы амч анапаҿы аагаразы ақәҧараҿы, аполитикатә ҧсҭазаара иахәҭакны иҟалоит. Абас аҳәынҭқарратә антисемитизм аполитика иахәҭакны иҟалеит афашисттә Германиа аҟны .
 
3.==Антисемитизм атермин ацәырҵра амзызқәа==
Антисемитизм ацәырҵра амзызқәа ҭызҵаауа анаукатә усзуҩцәа ҩ-гәыҧкны рҽыршоит: асубстанционалистцәеи афункционалистцәеи рыла. Асубстанционалистцәа ирыҧхьаӡоит антисемитизм ацәырҵра ауриацәа рхаҭақәа ирхароуп ҳәа, афункционалистцәа – уи ацәырҵра аҭыҧантәи аконфликтқәеи аиҿагыларақәеи ирхароуп ҳәа. Уи азнеишьа шьақәиргылеит Ицхак Хаинеман.
Антисемитизм ацәырҵра зыхҟьаз амзызқәа иара убас даҽа ҩ-гәыҧк рыла иршоит: анаукатәи афилософиатәи амзызқәа рыла. Анаукатә мзызқәа ҳарзааҭгылозар, ажәытәӡаны иудофобиа ацәырҵра, ауриацәа егьырҭ ажәларқәа рҟынтәи рҽалкаара иахҟьеит. Уи ауриацәа Анцәа иаликааз жәларуп ҳәа ирымаз агәаанагара иахылҿиааит. Ус уи аҧхьа ақьырсианцәа амырҭаҭра иадгылоз цәымӷырҭас иркуан, гәаҟрала ианҭадырхозгьы ыҟан. Аҭоурыхҭҵааҩ С. И. Лурие антисемитизм ацәырҵра анҭиҵаауаз игәеиҭеит, ауриацәа ажәытәӡаны аибашьрақәа рышьҭахь иаиааины аметрополиахь нхара ианыргозгьы рхатә культуреи рдинхаҵаратә принципқәеи шаанырмыжьуаз. Ауаажәларраҿы иагьа ақәыӷәӷәара роургьы уи иацәхьаҵӡомызт. Аха уи ус иҟаҵәҟьазу иҟамзу аҵарауаа иахьагьы еимаркуеит.
 
==Афилософиатә мзызқәа==
Аурыс философ И.А. Бердиаев игәаанагарала, ақьырсианцәа ауриацәа рганахь ала антисемитцәан. Ауриацәа Иаса Қьырса иахьидымгылаз ишәииз рассоуп ҳәа ирыҧхьаӡон. Ақьырсианра аиудаизм иаҿагылоит . Аурысцәеи ауриацәеи реизыҟазаашьа ҭиҵаарц иҽазишәеит А. И. Солженицын, иҩымҭа «200 шықәса ҳаицнаҵы» аҿы. Иара антисемитизм ацәырҵра мзызк аҳа еиҳауп ҳәа иҧхьаӡон. Уи ауриацәа ахьынхоз ицәырҵуаз еиуеиҧшым апроблемақәа аҵкыс ирыхҟьон ҳәа азгәеиҭон. Аха Солженицын игәаанагара аҭоурыхҭҵааҩцәа лассы-лассы ианадымгылалоз ҟалон .
 
Иҟоуп афилософцәа, антисемитизм ацәырҵра аԥсихологиатә комплексқәа ирхароуп ҳәа изыҧхьаӡоз. Ус, Жан-Поль-Сартр антисемитизм ашәара ауп изыхҟьо ҳәа иҧхьаӡон. Антисемитизм иадгылаз ауриацәа ракәӡамызт изыцәшәоз, дара ирымаз ахақәиҭреи аҭакҧхықәреи ракәын. Н. А. Бердиаев иакәзар, антисемитизм ацәырҵра абаҩхатәрадара иадиҳәалон. «Фреиди Бергсони иауриацәоуп ҳәа ианраҽыҧнырҳәо иаанаго гәырҵҟәылдароуп, – иҩуан иара. – Ашьыцра ааныжьны ауриацәа анаукеи аҭҵаарақәеи рҿы шәыриааир шәҭахызар, шәхаҭақәа акыр зҵазкуа анаукатә усзуҩцәаны шәҟалароуп. Анаукаҿы дара риааиразы иаҭахуп арҿиара. Ахақәиҭра иаанагоит амчра. Ииашаӡам ауриацәа еиҳа ахақәиҭра рымоуп егьырҭ ажәларқәа раасҭа ҳәа агәаанагара» . Антисемитизм апроблема иаҿагылон аурыс шәҟәыҩҩцәа Чехови Достоевскии. Достоевски иҩымҭа «Преступление и наказание» аҿы автор дырзааҭгылеит антисемитизм ацәырҵра аекономикатә мзызқәа. Иара игәаанагарала, ауриацәа традициала аҵарадырра бзиа ахьрымоуи, аҧсҭазаараҿы еиҿкаау аекономика рхы иахьадырхәои ауп амалду рызҭо, убри аҟнытә ирыҵашьыцуа рацәаҩуп, ргәаӷ ркуеит. Ус ауриацәа ҧыҭҩык мчыла Венантәи иандәықәырҵа, иҭацәхеит зқьыла ауаҭахқәа, анаҩс дара анацистцәа ирыҭан. Аҵарадырреи, анаукеи, аспорти рҿы ауриацәа рлагала усҟак адыррақәеи алшарақәеи змамыз ауаа аршьыцуан, ус ҟазҵоз еиҳарак здыррақәа лаҟәыз ракәын.
 
4.==Антисемитизм аҭоурых аҿы==
Уажәтәи аамҭазы антисемитизм адгылаҩцәа рхы иадырхәо аргументқәа реиҳарак антикатәи аамҭа аҟынтәи иаагоуп, еиҳарак Александриа аҟынтәи. Уи раҧхьатәи адгылаҩцәа дреиуоуп аныхаҧааҩ Манифон ҳәа ззырҳәоз ауаҩы. Иара дынхон 285–246 шш. ҳера ҟалаанӡа. Иҩымҭақәа рҿы иҳәон ауриацәа аҳәынҭқарра ишацәӷьычуаз, ауахәамақәагьы иакәымкәа ишрызныҟәоз, пату ақәырҵаӡомызт ҳәа. Усҟан аҳәынҭқарраҿы арра иахысуаз ауриацәа, атәыла аинтересқәа раасҭа, дара рыжәлар, рдинхаҵара рыцеиҩызшоз еиҳа ирыдгылон ҳәа иҧхьаӡан. 38 ш. ҳера аан Александриа ауриацәа рнырҵәаразы аиҿагыларақәа мҩаҧысит .
 
5.==Антисемитизм XX ашәышықәсазы==
Урыстәыла 20-тәи ашәышықәса алагамҭазы, еиҳараӡак Аҳ иманифест анрыдыркыла ашьҭахь, ауриацәа рықәыӷәӷәаразы амассатә акциақәа ирыцҵан. 660 ҭыҧ ирылаҵәеит урҭ аиҿагыларақәа. 1911 шықәсазы Киев 12 шықәса зхыҵуаз аҷкәын ишьра ихарарҵеит азауад аусзуҩы М. Беилис. Уи аус атәы адунеи иалаҵәеит. 1913 ш. аӡбарҭаҿы иара ииашамкәа ахара шидырҵаз шьақәырӷәӷәан. Уи аамҭазы Урыстәыла ицәырҵит аҭоурыхтә фактқәа иаарҳәны иазырбо аматериалқәа реизга «Сионтәи адырҩцәа рыҧкаанҵақәа».
Аҭоурыхҭҵааҩ В. Г. Костырченко игәаанагараала, Урыстәылатәи аимпериаҿы антисемитизм еиҳараӡак аҽарӷәӷәеит ареволиуциеи атәылауаҩратә еибашьреи раан. Гәаҟрыла ишьыз ауриацәа уи аамҭазы 100-нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит .
 
==Антисемитизм Германиа.==
Арассатә антисемитизм Германиа х-цәырҵрак аман: аҳәынҭқарратә, асоциал-қьырсианратә, арасатә.
 
Аҳәынҭқарратә антисемитизм хазы уалацәажәозар, уи еиҳараӡак иадгылон аконсерваторцәеи амилаҭтә либералцәеи. Дара дыруаӡәкын Генрих фон Треичке. Дара ауриацәа ирыдҳәалоу апроблема иахәаҧшуан анемец ҳәынҭқарра ҿыц аргылара аганахь ала. Ус ауриацәа рҟынтәи ирҭахыз рмилаҭтә хдырра ааныжьны анемеццәа ҳәа рхы рыҧхьаӡарц азы. Аха уи аганахь ала ауриацәа иӷәӷәаны ирықәгәыҕуан ҳәа узҳәомызт.
 
Асоциалтә қьырсианра акәзар, еиҳа ааконсервативтә ҟазшьа аман, урҭ аусуҩцәа рыкласси ақьырсианреи рыхьчара хықәкыс ирымоушәа рхы аадырҧшуан. Дара реиҳабы А. Штекер аӡбарҭақәа, аҵараиурҭақәа рҿы ауриацәа рхыҧхьаӡара армаҷразы дықәҧон.
 
Аха еиҳа арадикалтә ҟазшьа змаз арассатә антисемитизм акәын. Уи иадгылоз акоммунизми асоциализми рыдагьы, алиберализмгьы иаҿагылон. Ари ацәырҵра ахатә форма аиуит 1880 -тәи ашықәсқәа рзы. Дара анемеццәа рраса хадоуп ҳәа ирыҧхьаӡон, аҳәынҭқарраҿы иҟоу ацәырҵрақәа реиҿагылара зыхҟьо германиатәи арасеи ауриацәеи рыбжьара иҟоу ақәҧароуп ҳәа. Аҧсабараҿы зегь ахьеиҟарам, арасақәагьы иааныркыло аҭыҧқәа еиҧшӡам ҳәа агәаанагара рыман арасатә антисемитизм адгылаҩцәа. Убри аҟнытә ауриацәа германиатәи араса иамаркуеит иааныркыло аҭыҧ ҳаракы. Иара убас дара ирыман аидеиа, Европа иқәынхо анемец бызшәала ицәажәо, милаҭла иаҵанакуа зегьы ҳәынҭқаррак аҳәааҿы реидкылара. Уи ала дара ирҭахын ауриацәа Австриаҟа рцаразы азин рымхра, аҳәынҭқарра аҩныҵҟагьы дара рганахь ала иҷыдоу азакәанқәа раҧҵара.
 
Арасизм ауаа рзинқәа рыларҟәразы иқәҧон, егьырҭ ажәларқәа рҿаҧхьа германиатәи амилаҭ иаҵанакуаз еиҳа аҧыжәара рырҭон. Ахҧатәи ареих аҿы арҭ аидеиақәа еиҳа адгылара роуит. Гитлергьы урҭ аидеиақәа идикылоит, арасатә антисемитизм аҳәынҭқарратә политиканы иҟаиҵоит. Ауриацәа жәларык раҳасаб ала индырҵәо иалагоит. Холокост ҳәа ахьӡ аиуеит уи аамҭа .
 
==Антисемитизм Израиль==
Асовет ҳәынҭқарра анеилыбга ашьҭахь, уаҟа инхоз ауриацәа Израильҟа нхара ицеит. Аха дара ирыцны уахь идәықәлеит арепатриациатә процесс иаҵанакыз иауриацәамыз ауааҧсыра. Закәанла ауриацәа ирхылҵшьҭрақәаз Израильҟа ахынҳәразы азин рыман. Уи иахҟьаны Израиль ицәырҵуеит антисемитизм ахк ҿыц. Уи аамҭазы уаҟа ицәырҵуеит аурыс етностә еиҿкаарақәа, скинхед ҳәа изышьҭоу, ауриацәа зцәымӷу ацәырҵрақәа.
 
6. ==Антисемитизм XXI ашәышықәсазы==
Антисемитизм еиҳараӡак иҿиоит 2000-тәи ашықәсқәа рзы. Адокументалтә фильм «Антисемитизм 21-тәи ашәышықәсазы: аҿиара» автор Ендриу Голдберг иҧхьаӡон антисемитизм агәҭа аԥсылман культуреи арабцәеи рыбжьара иҟоуп ҳәа. Антисемитизм апроблема ҭызҵаауаз иазгәарҭон 2009 шықәсазы ишырацәахаз антисемисттә ҟазшьа змаз акциақәа. 2013 шықәсазы Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы аҳәынҭқарратә департамент иазнархиеит ауаҩ изинқәа ирызкыз ажәахә. Уаҟа 2012-тәи ашықәс азы антисемитизм аганахь ала зегь реиҳа иҭынчымыз ҳәынҭқаррақәаны иазгәарҭон Венгриа, Венесуела, Грециа, Украина. 2014 шықәсазы Антидиффамациатә лига антисемитизм аиндекс ркьыҧхьит. Дара рыҭҵаарақәа 102 ҳәынҭқарра рҿы имҩаҧыргеит, иара иалахәын 52-нызқьҩык ауааҧсыра. Дара хықәкыс ирыман адунеи аҿы антисемиттә тенденциақәа рдинамика аилкаара. Аҭҵаара излаҳәо ала, антисемитизм еиҳа иҳаракуп Ааигәатәи мрагылареи Аҩадатәи Африкеи. Аҩбатәи аҭыҧ аннакылоит Мрагыларатәи Европа, уаҟа антисемиттә идеиақәа ирыдгылоит 34% ауааҧсыра, убри аан Урыстәыла уи ахыҧхьаӡара 30% рҟынӡа инаӡоит, Украина – 38%. Зегь реиҳа антисемитизм адгылаҩцәа ахьмаҷу Австралиеи Океаниеи роуп. 2015 шықәса ажьырныҳәа мзазы раҧхьаӡа акәны антисемитизм атема иалацәажәеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хада аҿы.
 
7. ==Антисемитизм аҿагылара==
Иахьатәи аамҭазы антисемитизм акритика ӷәӷәа азыруеит. Ус афилософ Фридрих Ницше иакәзар, антисемитизм ахы ажьароуп иаанаго ҳәа иҧхьаӡон. Ашәҟәыҩҩы Владимир Высоцкигьы иашәақәа рҿы уи ацәырҵра дахыччаны дахцәажәон. Жан-Поль Сартр антисемитизм гәаанагарак аҳасаб ала аҟазааразы азин амоуп ҳәа мап ацәикуан .
 
19-тәи ашәышықәсанӡа ауриацәа антисемитизм аганахь ала ирыман х-гәаанагарак:
1. #Ауаажәларратә елитахь иаҵанакыр, ауриацәа ақәыӷәӷәара роуӡом ҳәа;
2. #Ассимилиациа аҭахуп ҳәа – адинхаҵара аҧсахра;
3. #Аемиграциа – даҽа тәылак ахь нхара аиасра.
 
Аха арҭ зегьы хаҭала уриак ипроблемақәа ракәын иаӡбоз. Убри аан ауриацәа жәларык реиҧш рҭагылазаашьа шыҟаз иаанхон.
 
Уажәтәи аамҭазы антисемитизм аганахь ала аҭагылазаашьа зеиҧшроу аилкааразы иаҧҵоуп еиуеиҧшым аиҿкаарақәа. Уахь иаҵанакуеит Антидиффамациатә лига. Иара убас, апроблема аҭҵаараҿи амониторинги рнапы алакуп анаукатә еиҿкаарақәа, иаҳҳәап, Тель-Авивтәи ауниверситет иаҵанакуа Стефан Рот ихьӡ зху аинститути, антисемитизм аҭҵааразы Видал Сассун ихьӡ зху жәларбжьаратәи ацентри уҳә егьырҭ.
 
2005 шықәсазы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иаднакылеит антисемитизм аҿагыларазы арезолиуциа, Европатәи аидгылагьы еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа нанагӡеит уи ашықәсаз, антисемитизм аҿагыларазы.